1 Аҳцәа
18 Аамҭа анца, ахԥатәи ашықәсазы Иегова Ильиа ус иеиҳәеит: «Аха́в иахь уца, избанзар сара адгьыл ахь ақәа ласышьҭырц сыӡбеит». 2 Ильиагьы Аха́в иахь дцеит. Уи аамҭазы Сама́риа амлакра ӷәӷәа ыҟан.
3 Аха́в аҳҭынра иахагылаз А́вди диԥхьеит. (А́вди Иегова даара дицәшәон. 4 Убри аҟынтә Иезаве́ль Иегова иԥааимбарцәа анылшьуаз, иара 100-ҩык аԥааимбарцәа аҳаԥқәа рҿы иҵәахит, ҳаԥык аҿы 50-ҩык, иара уахь ачеи аӡи рызнеигон.) 5 Аха́в А́вди ус иеиҳәеит: «Уааи ҳадгьыл зегь еимаҳдап, еимаҳдап аӡыхьқәеи архақәеи. Иудыруеи, аҳаскьын ҳзыԥшаар, усҟан ҳаҽқәеи ҳгәыжьқәеи еиқәҳархон, ҳарахәгьы ҳцәыԥсӡомызт». 6 Дасу дахьцаша алырхын, адгьыл ршеит. Аха́в мҩак ала дцеит, А́вди даҽа мҩак ала дцеит.
7 Амҩан А́вди Ильиа диԥылеит. А́вди уи данидыр, дшьамхышгыланы диеихырхәан, ус иҳәеит: «Ильиа, ухаҵкы, уара уоума?» — 8 «Ааи, сара соуп, — иҳәеит уи. — Уцаны уԥшәма „Ильиа ара дыҟоуп“ ҳәа иаҳә». 9 Аха А́вди ус иҳәеит: «Гәнаҳас иҟасҵеи, умаҵуҩы Аха́в дишьырц азы диуҭартә еиԥш? 10 Унцәа Иегова, зыԥсы ҭоу Анцәа, имаҿоуп ишыҟам жәларык, аҳрак, сыԥшәма уԥшаара ауаа ахьимышьҭыц. Нас „уи ара дыҟаӡам“ ҳәа аниарҳәалак, уи ажәлари уи аҳреи ушырзымԥшааз ала ирқәуан. 11 Уажәы уара: „Уцаны, уԥшәма ‚Ильиа ара дыҟоуп‘ ҳәа иаҳә ҳәа соуҳәоит“. 12 Сара санцалак, Иегова идоуҳа џьара уагоит, уахьаго здыруада. Аха́в иасҳәар, аха уизымԥшаар, сымшьыкәа саанижьӡом. Сара Иегова схәыҷаахыс сицәшәоит. 13 Ухаҵкы, иуарымҳәаӡеи Иезаве́ль Иегова иԥааимбарцәа анылшьуаз иҟасҵаз, Иегова иԥааимбарцәа 100-ҩык аҳаԥқәа рҿы ишысҵәахыз, ҳаԥык аҿы 50-ҩык, урҭ ачеи аӡи шрызназгоз? 14 Уажәы уара: „Уцаны, уԥшәма ‚Ильиа ара дыҟоуп‘ ҳәа иаҳә ҳәа соуҳәоит“. Симшьуеи!» 15 Аха Ильиа ус иҳәеит: «Зымаҵ зуа*, зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова, ар Рынцәа, имаҿоуп, иахьаҵәҟьа иара иахь сцоит».
16 Уи ашьҭахь А́вди Аха́в иахь дцан, зегь изеиҭеиҳәеит. Аха́в Ильиа диԥыларц дцеит.
17 Аха́в Ильиа даниба, ус иҳәеит: «Абар уахьыҟоу, Израиль арыцҳара ду иақәзыршәаз, уара!»
18 Иара иҳәеит: «Сара сакәӡам Израиль арыцҳара иақәзыршәаз, уаб иҩнаҭеи уареи шәоуп. Шәара Иегова иԥҟарақәа ааныжьны, Ваа́лқәа шәрышьҭалеит. 19 Израиль зегь еизганы, сара сахь, Карми́л ашьхахь, инаг, иара убас инаг Иезаве́ль астол илыцахатәоу 450-ҩык Ваа́л иԥааимбарцәеи 400-ҩык иԥшьоу ашьаҟа аԥааимбарцәеи». 20 Аха́в израильаа зегь рахь аацҳара ишьҭын, аԥааимбарцәа Карми́л ашьхаҿы еизигеит.
21 Ильиа ажәлар днарыдгылан, ус иҳәеит: «Зны анахь, зны арахь ианбанӡашәыхало*? Иегова иакәзар Анцәа ду, иара шәишьҭаланы шәцала, Ваа́л иакәзар, уи шәишьҭаланы шәцала». Аха ажәлар ҿырҭӡомызт, ажәакгьы рҳәаӡомызт. 22 Усҟан Ильиа ажәлар ус реиҳәеит: «Иегова иԥааимбарцәа рҟынтә сара заҵәык соуп иаанхаз, Ваа́л иԥааимбарцәа 450-ҩык ыҟоуп. 23 Иҳарҭааит ҩ-цәҵыск, Ваа́л иԥааимбарцәа цәҵыск алхны, еиҿыхны амҿы иақәырҵааит, аха амца аҵарымҵааит. Саргьы цәҵыск ырмазеины, амҿы иақәысҵоит, аха амца аҵасҵаӡом. 24 Шәара шәынцәа ихьӡ ҳәаны шәиҳәа, сара Иегова ихьӡ ҳәаны сиҳәоит. Амца аашьҭны аҭак ҟазҵо иакәхоит Анцәа ду». — «Ибзиоуп», — рҳәеит ажәлар зегьы.
25 Ильиа Ваа́л иԥааимбарцәа ус реиҳәеит: «Ацәҵыс алхны, шәара раԥхьа ишәырмазеи, избанзар шәара еиҳа шәрацәаҩуп. Нас шәынцәа ихьӡ ҳәаны шәиҳәа, аха амца аҵашәымҵан». 26 Даргьы иалырхыз ацәҵыс рган, идырмазеит. Нас шьыжьымҭан инаркны шьыбжьонынӡа Ваа́л ихьӡ ҳәо иҳәон. Дара ҳәҳәон: «Ваа́л, аҭак ҳаҭ!» Аха бжьыкгьы гомызт, аӡәгьы аҭак ҟаиҵаӡомызт. Атрым-трымҳәа иԥо, иҟарҵаз акәырбаннагарҭа акәшара иаҿын. 27 Шьыбжьон Ильиа дырхыччо далагеит: «Иҵегь шәыбжьы шәырду! Шәынцәа иами! Акы дазхәыцуазар, ма ашьышьмахьы дцазар*? Ма дыцәазар ҟалоит, даарԥштәызар?» 28 Дара ишрымчыз иҳәҳәон, ишырҵасыз еиԥш ашьа рҿыкәкәаны идәықәлаанӡа аҟамақәеи асақәеи рыла рыҽԥырҟон. 29 Шьыбжьышьҭахь ааит, аха дара хагаханы* ача кәырбанс анагара аамҭа ааиаанӡа ишыҳәҳәац иҳәҳәон. Аха бжьыкгьы гомызт, аӡәгьы аҭак ҟаиҵаӡомызт.
30 Усҟан Ильиа ажәлар ус реиҳәеит: «Шәааскьа сара сахь». Даргьы наидгылеит. Ильиа еилабганы иҟаз Иегова икәырбаннагарҭа еиҭашьақәиргылеит. 31 Иара Иегова «уара Израиль ухьӡхоит» ҳәа зеиҳәаз Иаков иԥацәа рабиԥарақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 12 хаҳә шьҭихит. 32 Урҭ ахаҳәқәа рыла иара Иегова ихьӡала акәырбаннагарҭа иргылан, уи иаакәыршаны ажра ижит. Ажра ахьижыз адгьыл аҿы ҩ-сатак* ажәла лауҵар алшон. 33 Уи ашьҭахь амҿқәа еиқәиҵан, ацәҵыс хәҭа-хәҭала еиҿихын, амҿы иақәиҵан, ус иҳәеит: «Ԥшь-ԥҳал дук аӡы рҭаҭәаны, ирбылуа акәырбани амҿи иақәышәҭәа». 34 Нас ус реиҳәеит: «Ҽазнык иҟашәҵа». Даргьы ҽазнык иҟарҵеит. Еиҭа иҳәеит: «Еиҭа ҽазнык иҟашәҵа». Убас ахынтә раангьы иҟарҵеит. 35 Аӡы акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы рҟынтә идәықәлеит. Ильиа ажрагьы аӡы ҭеиҭәеит.
36 Ахәылбыҽха ача кәырбанс анагара аамҭа анааи, аԥааимбар Ильиа акәырбаннагарҭахь днеин, ус иҳәеит: «Иегова, Авраами, Исааки, Израильи Рынцәа, еилыркааит иахьа Израиль Нцәас иҟоу уара шуакәу, сара умаҵзуҩ шсакәу, иҟасҵазгьы уажәала ишыҟасҵаз. 37 Аҭак сыҭ, Иегова! Аҭак сыҭ, арҭ ауаа еилыркаарц азы уара, Иегова, Анцәа ду шуакәу, насгьы ишуҭаху урҭ уара уахь ихынҳәырц».
38 Уи ашьҭахь ажәҩан аҟынтә Иегова имца лбаан, акәырбани, амҿқәеи, ахаҳәқәеи, асабеи, ажра иҭаз аӡи ахәланарбгеит. 39 Ари зегь збаз ажәлар шьамхышгыланы ихырхәан, ҿаарҭит: «Иегова иоуп Анцәа ду! Иегова иоуп Анцәа ду!» 40 Усҟан Ильиа адҵа ҟаиҵеит: «Ваа́л иԥааимбарцәа шәкы! Аӡәымзар-аӡәы дыбналар шәымун!» Даргьы урҭ иаразнак иркит. Ильиа урҭ Кишо́н аӡахьы иган, уа ишьит.
41 Ильиа Аха́в ус иеиҳәеит: «Уцаны акрыф, акрыжә, ақәаршҩы абжьы агара иалагахьеит». 42 Аха́в акрыфара, акрыжәра дцеит. Ильиа Карми́л ахықә ахь дхалан, адгьыл дықәтәеит, ихы ишьамхы инықәиҵеит. 43 Нас иара имаҵуҩы ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, хыхь ухаланы, амшын аган ахь уԥшы». Иаргьы дхаланы данынаԥш, ус иҳәеит: «Уа акгьы ыҟаӡам». Убас Ильиа уи бжьынтә дишьҭит. 44 Абжьынтә раан имаҵуҩы ус иҳәеит: «Амшын аҟынтәи напсыргәыҵак иаҟароу аԥҭа хәыҷ ахалара иаҿуп». Ильиа уи ус иеиҳәеит: «Уцаны Аха́в абас иаҳә: „Аҽқәа кәадырны удәықәла, ақәаршҩы ухьымӡарц азы!“» 45 Уи аамҭазы ажәҩан аԥҭа еиқәаҵәақәа хылеит, аԥша шьҭыҵын, ақәаршҩы алагеит. Аха́в иҽыуардын дақәтәаны Изрее́льҟа дцон. 46 Иегова Ильиа амч ииҭеит*. Иара имаҭәа имаҟа иавҵеиҵан, Аха́в иаԥхьа дгыланы, Изрее́льынӡа дыҩны дцон.