1 Аҳцәа
20 Сириатәи аҳ Бен-Хада́д ир зегь ааизиган, 32-ҩык аҳцәа рҽыуардынқәеи дареи иманы Сама́риа дакәшаны икын, аибашьра далагеит. 2 Иара израильтәи аҳ Аха́в иахь, ақалақь ахь, ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭын, абас изынаицҳаит: «Абас иҳәоит Бен-Хада́д: 3 „Ураӡни ухьи сара истәуп, сара истәуп иреиӷьӡоу уҳәсақәеи уҷкәынцәеи“». 4 Израильтәи аҳ абас иҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, ишуҳәаз еиԥш, саргьы уара сутәуп, исымоугьы зегьы уара иутәуп».
5 Нас ацҳаражәҳәаҩцәа хынҳәын, ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит Бен-Хада́д: „Сара ауаа узынасышьҭит, ураӡни, ухьи, уҳәсақәеи, уҷкәынцәеи сара исуҭарц азы. 6 Уаҵәы абри аамҭазы смаҵуцәа узынасышьҭуеит, дара уҩни умаҵуцәа рыҩнқәеи еимдааны, угәы ззыбылуа зегьы дәылганы иргоит“».
7 Израильтәи аҳ ажәлар реиҳабацәа зегь еизиган, ус иҳәеит: «Шәара ижәбоит ари ауаҩ цәгьарак ҳзиурц дшашьҭоу, избанзар иара сыҳәсеи, сыҷкәынцәеи, араӡни, ахьи игарц ауаа ааишьҭхьан, сара мап ицәысымкӡеит». 8 Ажәлар реиҳабацәеи ажәлари еицҿакны ус рҳәеит: «Ииҳәо ҟаумҵан, уақәшаҳаҭымхан». 9 Убри аҟынтә иара Бен-Хада́д ицҳаражәҳәаҩцәа ус реиҳәеит: «Аҳ ихаҵкы ус иашәҳә: „Умаҵуҩы раԥхьа узызиҳәаз ҟасҵоит, аха уажәы иуҳәаз сзыҟаҵаӡом“». Даргьы цан, ииҳәаз Бен-Хада́д иарҳәеит.
10 Усҟан Бен-Хада́д ус иеиҳәеит: «Сара Сама́риа ықәызгоит, уа сыруаа ирызхо асабаҵәҟьа нхаӡом, напык-напыкгьы роуӡом. Анцәақәа исықәнагоу сақәдыршәааит, еиҳа еицәоугьы сзыруааит, убас ҟасымҵозар!» 11 Израильтәи аҳ иҳәеит: «Абас иашәҳә: „Абџьармаҭәа анушәуҵо акәӡам, ианушәухуа ауп уаныҽхәаша“». 12 Ақьалақәа рҿы итәаны аҳцәа ирыцызжәуаз Бен-Хада́д ари аҩыза аҭак аниаҳа, имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Ажәылара шәҽазыҟашәҵа!» Даргьы ақалақь ақәлара рҽазыҟарҵеит.
13 Израильтәи аҳ Аха́в иахь аԥааимбар даан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Иубома абри ар ду? Сара иахьа урҭ уриааиртә иҟасҵоит, усҟан еилукаауеит сара Иегова шсакәу“». 14 Аха́в дҵааит: «Ишԥаҟауҵо?» Иара иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа рыцхыраарала“». Аха́в дҵааит: «Иалагода аибашьра?» — «Уара», — иҳәеит егьи.
15 Аха́в апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа иԥхьаӡан, 232-ҩык ҟалеит. Нас израильаа зегь иԥхьаӡан, 7 000-ҩык ҟалеит. 16 Дара шьыбжьон идәықәлеит. Уи аамҭазы Бен-Хада́д ицхраауаз 32-ҩык аҳцәеи иареи ақьалақәа рҿы ажәра иаҿын. 17 Апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа ақалақь ианалҵ, Бен-Хада́д иаразнак ауаа ишьҭит иҟалаз еиликаарц азы. Иара иарҳәеит Сама́риа ауаа шалҵыз. 18 Иара иҳәеит: «Аҭынчразы идәықәлазар, ишәкы, еибашьырц идәықәлазаргьы, рыԥсы шҭоу ишәкы». 19 Аха апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәеи урҭ ирышьҭаланы инеиуаз аибашьцәеи ақалақь ианалҵ, 20 раӷацәа ршьуа иалагеит. Сириаа бналаны ицеит, израильаа урҭ ирышьҭалеит, сириатәи аҳ Бен-Хада́д иакәзар, иҽыуаа шьоукы дрыцны, аҽы дақәтәаны дыбналаны дцеит. 21 Израильтәи аҳ ддәықәлан, аҽқәеи аҽыуардынқәеи ҟәаҟәаса ишьҭеиҵеит, сириаагьы ԥыххааса иқәиҵеит.
22 Уи ашьҭахь израильтәи аҳ иахь аԥааимбар даан, ус иҳәеит: «Уцаны умчқәа еизга. Иҟаҵатәу уазхәыц, избанзар иааиуа ашықәс алагамҭазы* сириатәи аҳ еиҭа дуқәлоит».
23 Сириатәи аҳ имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Рынцәа ашьхақәа Рынцәа иоуп, убри азоуп изаиааиз. Акаршәраҿы ҳрабашьыр, ҳара ҳаиааиуеит. 24 Абар иҟауҵаша. Аҳцәа рҭыԥан аруаа анапхгаҩцәа рхаргыл. 25 Иуцәыӡыз ар аҩыза еизга, аҽқәеи аҽыуардынқәеи шаҟа умаз аҟара еизга. Ҳара урҭ акаршәраҿы ҳрабашьуеит, ҳагьыриааиуеит». Иабжьаргаз дазыӡырҩын, убас иагьыҟаиҵеит.
26 Ашықәс алагамҭазы Бен-Хада́д сириаа ааизиган, Израиль дабашьырц азы Афе́кҟа ддәықәлеит. 27 Израильаагьы рҽааизырган, иаҭахыз зегь рыманы сириаа рахь рҿынархеит. Израильаа урҭ рҿаԥхьа рлагер андыргыла, ҩ-ԥсаса хәыҷык аҟара ауп иахьыҟалаз, си́риаа ракәзар, акәша-мыкәша зегь дырҭәит. 28 Усҟан израильтәи аҳ иахь Анцәа иуаҩы днеин, ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Сириаа ирҳәоит: ‚Иегова ашьхақәа Рынцәа иоуп, акаршәрақәа Дрынцәаӡам‘, убри аҟынтә сара ари ар ду уриааиртә иҟасҵоит, усҟан еилышәкаауеит сара Иегова шсакәу“».
29 Урҭ рлагерқәа бжьымшы еиҿагылан. Абжьымш рыҽны аибашьра иалагеит. Ҽнакала израильаа 100 000-ҩык шьапыла иҟаз сириаа ршьит. 30 Егьырҭ Афе́кҟа иҩны ицан, ақалақь иалалеит, аха уа егьырҭ инхаз 27 000-ҩык аҭӡамц рықәҳаит. Бен-Хада́дгьы ақалақь ахь дыҩны дцан, ашьҭахьтәи ауадаҿы иҽиҵәахит.
31 Имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Ҳара иҳаҳахьеит израильтәи аҳцәа арыцҳашьара злоу* аҳцәа шракәу. Уааи ҳуаҭәақәа аџьабарамаҭәа* акәыршаны, ҳахқәа ашаха акәыршаны, израильтәи аҳ иахь ҳцап. Иудыруеи уԥсы еиқәирхар». 32 Даргьы руаҭәақәа аџьабарамаҭәа акәыршаны, рыхқәа ашаха акәыршаны, израильтәи аҳ иахь ицан, ус рҳәеит: «Умаҵуҩы Бен-Хада́д дуҳәоит иԥсы еиқәурхарц». Аха Аха́в ус иҳәеит: «Иԥсы ҭоума? Уи сашьа иоуп». 33 Амаҵуцәа уи бзиарак иазҳәоуп ҳәа рыԥхьаӡан, иажәа имҵырԥаан, ус рҳәеит: «Ааи, Бен-Хада́д уашьа иоуп». Аха́в ус иҳәеит: «Шәцаны арахь даажәга». Бен-Хада́д иара иахь данаа, Аха́в уи иҽыуардын дақәиртәеит.
34 Бен-Хада́д уи ус иеиҳәеит: «Саб уаб имихыз ақалақьқәа узсырхынҳәуеит, нас уара, саб Сама́риа ишыҟаиҵаз еиԥш, Дамаск ахәаахәҭразы амҩақәа алухуеит».
Аха́в ус иҳәеит: «Сара уоусышьҭуеит, иуҳәаз инақәыршәаны аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵар».
Иаргьы Бен-Хада́ди иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵан, доуишьҭит.
35 Аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа* руаӡәк Иегова иажәала егьи ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, усыс». Аха егьи мап икит. 36 Иара ус иҳәеит: «Иегова уахьизымӡырҩыз азы усԥырҵны уанцалакҵәҟьа алым уашьуеит». Иаргьы диԥырҵны дшаацаҵәҟьаз алым игәыдлан дашьит.
37 Нас аԥааимбар даҽаӡәы усыс ҳәа диҳәеит. Уи дисын, дихәит.
38 Аԥааимбар дцан, амҩаҿы аҳ изыԥшра далагеит. Дырзымдырырц азы илақәа аҿаҳәагала иҵәахит. 39 Аҳ диасны данцоз, аԥааимбар уи изҿыҭны абас иеиҳәеит: «Умаҵуҩы аибашьра аилашыҩкра далагылан. Еибашьҩык итҟәаны иргаз аӡә дааиган, ус сеиҳәеит: „Дыхьчала. Дыбналар, уԥсҭазаара ихҭнуҵар акәхоит, мамзаргьы талантк* араӡны суҭоит“. 40 Аха умаҵуҩы егьырҭ аусқәа дахьынӡарҿыз, итҟәаны иргаз дыбналеит». Израильтәи аҳ уи ус иеиҳәеит: «Уара ухаҭа ухы уақәыӡбеит». 41 Усҟан аԥааимбар ашырҳәа илақәа злаҵәахыз аҿаҳәага амихит. Израильтәи аҳгьы уи аԥааимбарцәа руаӡәк шиакәыз идырит. 42 Аԥааимбар уи ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Ашьра зқәысҵаз ауаҩы дахьоуушьҭыз азы, иара иҭыԥан уара уԥсуеит, ижәлар рҭыԥан ужәлар ҭахоит“». 43 Уи ашьҭахь израильтәи аҳ илахь еиқәышьшьы, игәы каҳаны аҩныҟа Сама́риаҟа дцеит.