1 Аҳцәа
3 Соломон египеттәи аҳ, афараон, диуахеит. Иара афараон иԥҳа ԥҳәысс диган, Давид иқалақь ахь дааигеит. Лара уа дынхон, Соломон ихазы аҩни, Иегова изы аҩни, Иерусалим иаакәыршаны аҭӡамци иргылаанӡа. 2 Уи аамҭазы ажәлар акәырбанқәа аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рахь ишнаргац инаргон, избанзар Иегова ихьӡ азы аҩны макьана иргылаӡамызт. 3 Аҳ Соломон Иегова бзиа дибон, иаб Давид иԥҟарақәагьы дрықәныҟәон, аха иара аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рҿы акәырбанқәа наганы ибылуан.
4 Аҳ Гавао́нҟа дцеит акәырбан неигарц азы, избанзар уаҟа акәын ихадоу аԥшьаҭыԥ ахьыҟаз. Уи акәырбаннагарҭаҿы Соломон ирбылуа кәырбанҵас 1 000 шьтәа неигеит. 5 Иегова Гавао́н Соломон ԥхыӡла дизцәырҵын, ус иеиҳәеит: «Иусҭарц иуҭаху ҳәа, иуҭаху уаҳәа». 6 Соломон ус иҳәеит: «Уара умаҵуҩы Давид иахь, саб иахь, гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшит, иара дузиашаны, гәы цқьала, аиашара аарԥшуа умҩақәа дахьырныз азы. Уара уажәраанӡагьы гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшуеит: уара уи аԥа диуҭеит, иаҳраҭыԥ аҿы дтәарц азы. 7 Уажәшьҭа Сынцәа Иегова, саб Давид иҭыԥан умаҵуҩы аҳас дҟауҵеит, аха сара сқәыԥшуп, аԥышәа сымаӡам. 8 Умаҵуҩы уара иалухыз ажәлар дырхагылоуп, ԥхьаӡашьак змам ажәлар ду. 9 Иҭ умаҵуҩы аӡырҩра аазырԥшуа агәы, ужәлар рус иӡбаларц азы, ацәгьеи абзиеи еиҩидырааларц азы, мамзар ԥхьаӡашьак змам* ари ажәлар рус аӡбара зласылшои?»
10 Иегова Соломон дзызиҳәаз игәаԥхеит. 11 Анцәа уи ус иеиҳәеит: «Ииашаны уӡбаларц азы аҟәыӷара уахьаҳәаз, ақәра дуи, амали, уаӷацәа рыԥсреи уахьамыҳәаз азы 12 сара уҳәара насыгӡоит, иҟәышу, аилкаара змоу агәы усҭоит. Уара уаԥхьа уара уҩыза дыҟамызт, уара ушьҭахьгьы дҟалаӡом. 13 Сара узмыҳәазгьы усҭоит — амали ахьӡ-аԥшеи. Уԥсы ҭанаҵы уара уҩыза аҳ дҟалаӡом. 14 Сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи нагӡо, уаб Давид иеиԥш сымҩақәа урықәныҟәалар, ақәра ду усҭоит».
15 Соломон данааԥш, уи шыԥхыӡыз еиликааит. Иерусалимҟа даннеи, Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег аԥхьа днагылан, ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи неигеит, имаҵуцәа зегьы рзы ачара иуит.
16 Ҽнак зны ҩыџьа акаҳԥцәа аҳ иахь иаан, иаԥхьа иаагылеит. 17 Руаӡәк ус лҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, ари аԥҳәыси сареи ҩнык аҿы ҳаицынхоит, лара аҩны даныҟаз, сара ахшара дсоуит. 18 Хымш рышьҭахь ларгьы ахшара длоуит. Ҳара ҳада аҩны аӡәгьы дыҟаӡамызт. 19 Уахынла ари аԥҳәыс лԥа дыԥсит, избанзар диқәиан дылхәаҽит. 20 Аҵх агәазы дҩагылан, сара, умаҵуҩы, сыцәанаҵы, сыҷкәын дылган длыкәалыриеит*, иԥсыз лыҷкәын даалган, сара дсыкәалыриеит. 21 Ашьыжь схәыҷы акриҿасҵарц азы сангыла, дшыԥсыз збеит, аха ибзианы санихәаԥш, сара дшыстәымыз еилыскааит». 22 Егьи аԥҳәыс ус лҳәеит: «Мамоу, сара стәы иԥсы ҭоуп, бара бтәы иоуп иԥсыз!» Аха актәи аԥҳәыс ус лҳәеит: «Мамоу, бара бтәы иоуп иԥсыз, сара стәы иԥсы ҭоуп!» Убри еимакуа аҳ иҿаԥхьа игылан.
23 Аҵыхәтәаны аҳ ус иҳәеит: «Аӡәы илҳәоит: „Схәыҷы иԥсы ҭоуп, бара бтәы иоуп иԥсыз!“ — егьи илҳәоит: „Мамоу, бара бтәы иоуп иԥсыз, сара стәы иԥсы ҭоуп!“» 24 Нас аҳәа аажәг ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Аҳәа анаарга, 25 ус иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу ахәыҷы деиҩшаны, избжа аӡәы илышәҭ, избжа егьи илышәҭ». 26 Усҟан зыԥсы ҭаз ахәыҷы дызтәыз аԥҳәыс лгәы ҭыԥсааит. Лхәыҷы даарыцҳалшьан, лгәы иамукәа, дӷьаҵәыӷьаҵәуа аҳ иҳәара далагеит: «Суҳәоит, саҳ, ухаҵкы, зыԥсы ҭоу ахәыҷы лара длыҭ. Суҳәоит, думшьын!» Егьи илҳәон: «Саргьы дыстәымхааит, баргьы дыбтәымхааит. Деиҩышәша!» 27 Усҟан аҳ адҵа ҟаиҵеит: «Дшәымшьын ахәыҷы, актәи аԥҳәыс длышәҭ, лара лоуп иан».
28 Израильаа зегьы аҳ идикылаз аӡбара атәы анраҳа, аҳ иахь аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара рызцәырҵит. Дара еилыркааит Анцәа уи ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы аҟәыӷара шииҭаз.