1 Аҳцәа
6 480-тәи ашықәс азы израильаа* Египет ианалҵ ашьҭахь, Соломон Израиль аҳра аура даналага аԥшьбатәи ашықәс зив* амзазы, аҩбатәи амзазы, Соломон Иегова иҩны* аргылара далагеит. 2 Соломон Иегова изы иргылаз аҩны аура 60 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 30 мышьхәылҵ иҟан*. 3 Аныҳәарҭа иаҿаԥшьыз аҩналарҭа аура* 20 мышьхәылҵ иҟан. Уи аҩны аҭбаара иаҟаран. Иара аҩны аԥхьа 10 мышьхәылҵк* иаԥыҳәҳәон.
4 Соломон аҩны иеиҭеит адәахьала иҭшәаз, аҩныҵҟала иҭбааз аԥенџьыр акылҳарақәа. 5 Нас аҩны аҭӡамцқәа инарываршәны иаҿаԥшьны ахыбра ҟаиҵеит, аныҳәарҭеи* аҩныҵҟатәи ауадеи* иаарыкәыршаны, нас иаҿаԥишьыз аҿы иаакәыршаны ауадақәа аиҭеит. 6 Иаҿаԥшьыз ахыбра актәи аихагылаҿы иҟаз ауадақәа рыҭбаара хә-мышьхәылҵк* иҟан, аҩбатәи аихагылаҿы — ф-мышьхәылҵк* иҟан, ахԥатәи аихагылаҿы — быжь-мышьхәылҵк* иҟан. Аҩны иаакәыршаны аҭӡамц ҵаҟатәи аихагылаҿы аасҭа хыхьтәи аихагылаҿы еиҳа иҭшәаны иҟаиҵеит, еихагылацыԥхьаӡа аӷәқәа зқәырҵоз аԥыҳәҳәақәа аиуртә еиԥш, аҭӡамц аԥҽра рықәымшәарц азы.
7 Аҩны ахаҳәԥҟарҭаҿы ирцәуаз ахаҳәқәа рыла идыргылон, убри аҟынтә аихоума, жьаҳәоума, изакәызаалак аихатә мыруагак абжьы уаҳауамызт. 8 Иаҿаԥшьыз ахыбра ҵаҟатәи аихагылаҿы иҟаз ауадақәа рахь аҩналарҭа аҩны аладатәи* аган аҿы иҟан. Еикәаҵәиуа иҟаҵаз амардуан ала аҩбатәи аихагылахь ухалон, аҩбатәи аихагыла аҟынтә ахԥатәи ахь ухалон. 9 Соломон аҩны аргылара дшаҿыц даҿын, аргылара хиркәшаанӡа. Иара ахыб акедр балкақәеи аӷәқәеи рыла ихыбит. 10 Аҩны иаакәыршаны зыҳаракыра хә-мышьхәылҵк иҟаз ауадақәа аиҭеит, урҭ ауадақәеи аҩни акедр ӷәқәа рыла еиԥшьын.
11 Иегова Соломон ус иеиҳәеит: 12 «Иусҭаз азакәанқәеи, аԥҟарақәеи, ақәҵарақәеи зегьы урықәныҟәалар, урҭ инарықәыршәаны унхалар, уара иузкны, иургыло аҩнгьы иазкны уаб Давид исҭахьаз ажәа насыгӡоит. 13 Сара израильаа срыланхалоит, сыжәлар Израиль аансыжьӡом».
14 Соломон аҩны аргылара дшаҿыц даҿын, аргылара хиркәшаанӡа. 15 Иара аҩны аҩныҵҟа аҭӡамцқәа акедр ӷәқәа рыла ихиҟьеит, адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа, адашьма ахаҭа аможжевельник ӷәқәа ықәиҵеит. 16 Нас аҩны ашьҭахьтәи аҭӡамц аҟынтә 20 мышьхәылҵ ишәан, адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа акедр ӷәқәа рыла еиҩкааны, аҩныҵҟатәи ауада ҟаиҵеит — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ. 17 Аныҳәарҭа*, ауада аԥхьа иҟаз аҩны ахәҭа, 40 мышьхәылҵ* иҟан. 18 Аҩны аҩныҵҟа аҭӡамцқәа злахҟьаз акедр ӷәқәа рҿы абнатә карпыжәқәеи* ашәҭқәеи ҭаԥҟаны иҟаҵан. Зегьы акедр ала ихҟьан, ахаҳә ааԥшӡомызт.
19 Аҩны аҩныҵҟа Соломон аҩныҵҟатәи ауада ирмазеит Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег иргыларц азы. 20 Уи ауада аура 20 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 20 мышьхәылҵ иҟан*. Иара уи ахьы цқьала ихиҟьеит, акәырбаннагарҭа — акедр ала ихиҟьеит. 21 Соломон аҩны аҩныҵҟа ахьы цқьала ихиҟьеит, насгьы хьыла ихҟьаз аҩныҵҟатәи ауада аԥхьа ахьтәы зынџьыр* кнеиҳаит. 22 Иара аҩны зегь хьыла ихиҟьеит, аҩныҵҟатәи ауада аԥхьа игылаз акәырбаннагарҭагьы ахы инаркны аҵыхәанӡа хьыла ихиҟьеит.
23 Аҩныҵҟатәи ауадаҿы аԥса* иалхны ҩ-херувимк ҟаиҵеит, урҭ роура жәаба-жәаба мышьхәылҵ иҟан. 24 Херувимк иамаз аҩмҵәыжәҩак хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан, мҵәыжәҩак ахы инаркны егьи амҵәыжәҩа ахы аҟынӡа жәа-мышьхәылҵк ыҟан. 25 Егьи ахерувимгьы жәа-мышьхәылҵк иҟан. Аҩхерувимкгьы еиҟаран, иагьеиԥшын. 26 Аҩхерувимкгьы роурақәа жәаба-жәаба мышьхәылҵ иҟан. 27 Нас Соломон ахерувимқәа аҩныҵҟатәи ауада* иҩнаиргылеит. Ахерувимқәа рымҵәыжәҩақәа убас еиҵыхын, херувимк амҵәыжәҩа ҭӡамцк иадкьыслон, егьи ахерувим амҵәыжәҩа егьи аҭӡамц иадкьыслон. Егьырҭ амҵәыжәҩақәа аҩны агәҭа еидкьыслон. 28 Иара ахерувимқәагьы хьыла ихиҟьеит.
29 Аҩны аҭӡамцқәа зегьы рҿы, аҩныҵҟатәи ауадақәеи адәахьтәи ауадақәеи рҿы, ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟеит. 30 Аҩныҵҟатәи ауадақәеи адәахьтәи ауадақәеи рҿы адашьма хьыла ихиҟьеит. 31 Аҩныҵҟатәи ауада аҩналарҭа аҳасабала аԥса иалхны ашәқәа ҿеиҵеит, аганқәа рҿы ашьаҟақәа иргылеит, ахәбатәи ахәҭа* аҳасабала ашәвазқәа аиҭеит. 32 Аԥса иалхыз аҩшәыкгьы рҿы ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟеит, нас урҭ хьыла ихиҟьеит. Иара ахерувимқәеи апальмақәеи хьыла ихиҟьеит. 33 Аныҳәарҭа аҩналарҭа азгьы аԥшьбатәи ахәҭа* аҳасабала аԥса иалхыз ашәвазқәа ҟаиҵеит. 34 Соломон аможжевельник иалхны ҩ-шәык ҟаиҵеит. Аҩшәыкгьы ҩба-ҩба ҿы рыман, урҭ агәыцәқәа инадырҳәы-аадырҳәуан. 35 Иара ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟан, иҭаԥиҟаз иҵаӷаны хьыла ихиҟьеит.
36 Соломон иара убас ԥшь-радкны еиқәыз аҭӡамц иргылан, аҩныҵҟатәи ашҭа ҟаиҵеит, х-радк — ицәыз ахаҳәқәа рыла еиқәын, радк — акедр ӷәқәа рыла.
37 Иегова иҩны ашьаҭа шьҭаҵан Соломон аҳра аниуаз аԥшьбатәи ашықәсазы зив амзазы. 38 Жәеизатәи ашықәсазы бул* амзазы (даҽакала иуҳәозар, аабатәи амзазы) аҩны аргылара аҵыхәтәанынӡа ихыркәшан. Зегьы аҩны аплан инақәыршәаны иҟаҵан. Соломон уи быжь-шықәса иргылон.