Алевит
10 Аамҭак ашьҭахь Ааро́н иԥацәа Нада́ви Авиу́ди рфимиамҭрақәа аашьҭырхын, ижжаӡа иакыз акәицқәа ҭаԥсаны хыхь афимиам ақәырҵан, закәанла знагара азин рымамыз, Анцәа инаргарц ирыдимҵаз амца рыманы Иегова иҿаԥхьа инеит. 2 Убасҟан Иегова амца лаишьҭит, даргьы Иегова иҿаԥхьа иԥсит. 3 Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Сааигәара иааиуа сшыԥшьоу ргәалашәозароуп, ажәларгьы хьӡи-ԥшеи сырҭалароуп“». Ааро́н ҿиҭуамызт.
4 Моисеи Ааро́н иаб иашьа Уззии́л иԥацәа Мисаи́ли Елцафа́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәнеины шәашьцәа аԥшьаҭыԥ аҟынтә иқәганы, алагер иалганы ижәга». 5 Дара цан урҭ аԥшьаҩцәа иршәырҵоз амаҭәақәа шыршәыз алагер иалганы иргеит, Моисеи ишреиҳәаз еиԥш.
6 Моисеи Ааро́ни уи иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, ус реиҳәеит: «Шәыхцәқәа еилыжәжәа иааншәмыжьын, шәымаҭәақәагьы шәышәхаԥышәымжәан, шәымԥсырц азы, насгьы Анцәа ажәлар зегьы игәы рызԥымжәарц азы. Шәашьцәа, израильаа, Иегова мцала иишьыз Ааро́н иԥацәа рҵәыуоит. 7 Шәара шәакәзар, аиқәшәара ақьала аҩналарҭа шәаԥырымҵын, шәымԥсырц азы, избанзар шәара Иегова ихәша ԥшьа шәыхьшьуп». Дара Моисеи ишреиҳәаз еиԥш иҟарҵеит.
8 Иегова Ааро́н ус иеиҳәеит: 9 «Аиқәшәара ақьала шәаныҩнало, уԥацәагьы уаргьы аҩи иџьбароу егьырҭ арыжәтә хкқәеи шәымжәлан, шәымԥсырц азы. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 10 Уи зшәыҭоу иԥшьоуи иԥшьами, ицқьами ицқьоуи еиҩыжәдырааларц азоуп, 11 насгьы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз аԥҟарақәа зегь дшәырҵаларц азоуп».
12 Анаҩс Моисеи Ааро́ни зыԥсы ҭаны иаанхаз Ааро́н иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, ус реиҳәеит: «Амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанс Иегова изнарго ача аҟынтә иаанхаз ганы арҵәыга злам ача ҟашәҵа, нас акәырбаннагарҭа ааигәара ишәфа, избанзар уи даараӡа иԥшьоу акоуп. 13 Шәара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишәфалароуп, избанзар уи амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго акәырбанқәа рҟынтә уԥацәеи уареи шәыхәҭа ауп. Анцәа убас сыдиҵеит. 14 Ирҟьо кәырбанҵас инарго агәышԥи иԥшьоу хәҭас иԥхьаӡоу ашьапи уԥацәеи, уԥҳацәеи, уареи ицқьоу аҭыԥ аҿы ишәфала, избанзар ари израильаа инарго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә хәҭак еиԥш уԥацәеи уареи ишәыҭоуп. 15 Дара амца иақәҵаны ирбылуа ашша иадкыланы инаргоит иԥшьоу хәҭас иԥҳьаӡоу ашьапи ирҟьо кәырбанҵас инарго агәышԥи, кәырбанс Иегова иҿаԥхьа ирҟьарц азы; агәышԥи ашьапи еснагь уԥацәеи уареи шәыхәҭа акәзаауеит, Иегова ишиҳәаз еиԥш».
16 Моисеи агәнаҳазы кәырбанс инагаз абаӷь ахьыргаз аилкаара дашьҭалеит, ишырблызгьы еилкаахеит. Усҟан Моисеи иаанхаз Ааро́н иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, дрызгәаан, ус реиҳәеит: 17 «Изышәымфеи агәнаҳазы акәырбан иԥшьоу аҭыԥ аҿы? Уи даараӡа иԥшьоу акоуп, уи шәара ишәыҭан, ажәлар рыгәнаҳақәа рзы аҭак ҟашәҵаларц, насгьы Иегова иҿаԥхьа урҭ рыгәнаҳақәа рҟынтә иҿышәхларц азы. 18 Агәнаҳазы инагаз ашьтәа ашьа аԥшьаҭыԥ иҩнагалаӡамызт. Шәара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишәфар акәын, Анцәа ишсыдиҵаз еиԥш». 19 Ааро́н Моисеи ус иеиҳәеит: «Иахьа ажәлар Иегова иҿаԥхьа рыгәнаҳазы акәырбани ирбылуа акәырбани наргеит. Сзықәшәаз ашьҭахь агәнаҳазы инагаз акәырбан сфазҭгьы, игәаԥхарызма уи Иегова?» 20 Моисеи Ааро́н ииҳәаз аниаҳа, диқәшаҳаҭхеит.