Алевит
13 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Ауаҩы ицәа ацәабажә хылар, ма ашәыта анылар, ма ичыр, насгьы уи ацәеилабаара* иеиԥшхар, уи аԥшьаҩы Ааро́н иахь, ма ԥшьаҩыс амаҵ зуа Ааро́н иԥацәа руаӡәк иахь днагатәуп. 3 Аԥшьаҩы ауаҩы ицәа иалнахыз дахәаԥшуеит. Уи аҭыԥ аҿы иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ицәа иалалазар, уи ацәеилабаара ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы ицәа иалнахыз дахәаԥшуеит, дшыцқьамгьы рылеиҳәоит. 4 Ашәыта шкәакәазар, уи иақәу ахәы шкәакәамхазар, ачымазарагьы ицәа иаламлазар, аԥшьаҩы уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 5 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит, ашәыта шыҟац иаанхазар, ауаҩы ицәагьы иаламлазар, аԥшьаҩы уи еиҭа бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит.
6 Абыжьбатәи амш азы, аԥшьаҩы еиҭах ауаҩы дихәаԥшуеит, ашәыта ацара иалагазар, ачымазарагьы ицәа иаламлазар, аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәабажә акәын. Ауаҩы имаҭәа иӡәӡәоит, дагьыцқьахоит. 7 Аха ауаҩы аԥшьаҩы иҽаниирба, насгьы аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа анрылеиҳәа ашьҭахь ацәабажә аҽарҭбаазар, иара даҽа знык аԥшьаҩы иҽиирбароуп. 8 Аԥшьаҩы уи дихәаԥшуеит, ацәабажә аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп.
9 Ауаҩы ацәеилабаара ихьзар, аԥшьаҩ иахь днагатәуп, 10 аԥшьаҩгьы уи дихәаԥшуеит. Ицәа ачыра алҵзар, насгьы уи шкәакәахазар, иақәу ахәгьы шкәакәахазар, ахәрагьы аатызар, 11 уи акрызхыҵуа цәеилабаароуп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ауаа дрылганы дгатәӡам*, избанзар иара дыцқьаӡам. 12 Ацәеилабаара аҽарҭбаар, насгьы аԥшьаҩы иахьынӡеибарҭоу ауаҩы ихы инаркны ишьапаҟынӡа ицар, 13 аԥшьаҩгьы ауаҩы ихы инаркны ишьапаҟынӡа ацәеилабаара шихьыз ибар, ачымазаҩ дыцқьоуп* ҳәа рылеиҳәоит. Ауаҩы ицәеижь шкәакәахеит, иара дыцқьоуп. 14 Аха ицәаҿы ахәра аатыр, уи дыцқьамкәа дҟалоит. 15 Аԥшьаҩы ахәра шаатыз ибар, ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Иаату ахәра цқьаӡам. Уи ацәеилабаара ауп. 16 Иаату ахәра еиҭах ишкәакәахар, ауаҩы аԥшьаҩ иахь днеироуп. 17 Аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит. Ахәра ҭыԥ шышкәакәахаз ибар, ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Уи дыцқьоуп.
18 Ауаҩы ицәа ашәра алнахыр, нас иӷьар, 19 аха уи аҭыԥ чыр, иагьышкәакәахар, ма иҟаԥшьы-шкәакәоу ашәыта анылар, ихы аԥшьаҩы иирбароуп. 20 Аԥшьаҩы ашәыта дахәаԥшуеит, уи иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ашәра ахьалнахыз аҭыԥ аҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. 21 Аԥшьаҩы ашәыта данахәаԥшлак, уи иақәу ахәы шышкәакәам ибар, насгьы уи уамак иубарҭамзар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, иара уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 22 Ашәыта аҽарҭбаар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 23 Ашәыта шыҟац иаанхар, аҽамырҭбаар, уи ашәра хымжьыжькааит ауп, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит.
24 Ауаҩы амца даблыр, насгьы уи ахәра ҟаԥшьы-шкәакәахар ма ишкәакәахар, 25 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Ашәыта иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, уи ахәраҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 26 Аԥшьаҩы ашәыта данахәаԥшлак, уи иақәу ахәы шышкәакәам ибар, насгьы уи рацәак иузгәамҭо иҟалазар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, иара уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 27 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит, ашәыта аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 28 Ашәыта шыҟац иаанхазар, аҽамырҭбаазар, насгьы уи рацәак иузгәамҭо иҟалазар, уи ицәа ахьыблыз аҭыԥ хымжьыжькааит ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит, избанзар уи ицәа ахьыблыз аҭыԥ хымжьыжькааит ауп.
29 Ахаҵа ма аԥҳәыс рхаҿы ма рыцламҳәаҿы ак алҵны имжьыжькыр, 30 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыцқәа ҩежьхазар, иагьмаҷхазар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ахцәы ма аԥаҵа чымазара ауп. Уи ауаҩы ихаҿы ма ицламҳәаҿы ицәырҵыз цәеилабаароуп. 31 Аха аԥшьаҩы ибар ачымазара ауаҩы ицәа ишаламлаз, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыц еиқәаҵәақәа шыҟам, ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 32 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ауаҩы ихы ма ицламҳәа иалҵыз дахәаԥшуеит. Уи аҽамырҭбаазар, насгьы иақәу ахәыцқәа мҩежьхазар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, 33 ачымазаҩ ихы ма иԥаҵа исароуп, аха иахьымжьыжькыз аҭыԥ даламкьысроуп. Анаҩс аԥшьаҩы уи еиҭа бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит.
34 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ашәра ахьалҵыз аҭыԥ дахәаԥшуеит, аԥаҵа ма ахцәы ачымазара аҽамырҭбаазар, ауаҩы ицәагьы иаламлазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Иара имаҭәа иӡәӡәоит, дагьыцқьахоит. 35 Аха дыцқьоуп ҳәа данырыԥхьаӡа ашьҭахь ачымазара ицәа иалалар, 36 аԥшьаҩы уи дихәаԥшуеит. Ауаҩы ицәа иалҵыз аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы уи иақәу ахәыцқәа ҩежьхама ҳәа дахәаԥшӡом, избанзар уи ауаҩ дыцқьаӡам. 37 Иалҵыз аҽамырҭбаазар, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыц еиқәаҵәақәа азҳазар, ачымазара цеит. Уи ауаҩ дыцқьоуп, аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит.
38 Ахаҵа ицәа ма аԥҳәыс лцәа аҩаза шкәакәақәа анылар, 39 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Аҩазақәа аарлаҳәа ишкәакәазар, уи ауаҩы ицәа иақәнаԥсо чымазароуп; уи шәарҭаӡам. Уи ауаҩ дыцқьоуп.
40 Ауаҩы ихцәы каԥсазаргьы, уи дыцқьоуп. 41 Ихцәы иаԥхьа ала икаԥсар, насгьы уи аҭыԥ ҟьашӡа иҟалар, уи дыцқьоуп. 42 Ауаҩы ихагәҭа ма илахь ҟьашӡа иахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иҟаԥшьы-шкәакәаны ак алҵны имжьыжькыр, уи ауаҩы ихагәҭа ма илахь аҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. 43 Аԥшьаҩы ауаҩы дихәаԥшуеит. Уи ихцәы ахькаԥсаз аҭыԥ аҿы ауаҩы ицәа иалҵуа ацәеилабаара иеиԥшу иҟаԥшьы-шкәакәоу ачыра алҵзар, 44 уи ацәеилабаара имоуп. Уи ауаҩ дыцқьаӡам, аԥшьаҩы уи дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит, избанзар ихы ацәеилабаара амоуп. 45 Ацәеилабаара змоу ауаҩы имаҭәа ԥыжәжәазароуп, ихцәы еилыжәжәазароуп. Иара иҿы* хҩаны, «сыцқьаӡам, сыцқьаӡам» ҳәа ҿиҭлароуп. 46 Уи дахьынӡачмазаҩу дыцқьаӡам ҳәа дыԥхьаӡазаауеит. Иара дыцқьаӡам азы хазы, алагер анҭыҵ, дынхалароуп.
47 Аилабаара цәырҵыр аласа иалху ма ақәны иалху амаҭәаҿы, 48 ақәны иалху ма аласа иалху аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, ацәаҿы, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк аҿы, 49 ицәиаҵәа-ҩежьу ма ицәыҟаԥшьу аҩаза цәырҵыр амаҭәаҿы, ацәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк аҿы, уи амаҭәа ма амаҭәар аилабаара амоуп. Уи аԥшьаҩы ирбатәуп. 50 Аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит, бжьымш ҳәагьы хазы ишьҭеиҵоит. 51 Абыжьбатәи амш азы иара аҩаза дахәаԥшуеит. Аҩаза амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәаҿы аҽарҭбаазар (уи рхы иахьадырхәозаалакгьы), уи аилабаара бааԥс ауп. Уи амаҭәа цқьаӡам. 52 Аԥшьаҩы аҩаза знылаз закәызаалакгьы иблыроуп, уи амаҭәа акәзаргьы, аласа ма ақәны иалху аба акәзаргьы, ацәа иалху маҭәарк акәзаргьы, избанзар уи аилабаара бааԥс ауп. Уи амаҭәа былтәуп.
53 Аха аԥшьаҩы амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы аҩаза аҽшамырҭбааз ибар, 54 уи амаҭәа рыӡәӡәарц реиҳәоит, нас еиҭа бжьымш ҳәа хазы ишьҭеиҵоит. 55 Анаҩс аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Амаҭәа анырыӡәӡәа ашьҭахь аҩаза аҽамырҭбаазар, аха ишыҟац иаанхазар, уи амаҭәа цқьаӡам. Ижәблы уи, избанзар аҩныҵҟала ма адәахьала аилабаара амоуп.
56 Аха аԥшьаҩы амаҭәа анырыӡәӡәа ашьҭахь аҩаза еиҳа ишцәышхаз ибар, иара амаҭәа, ацәа, ма аба аҩаза ахьамоу аҭыԥ ԥжәаны иамихуеит. 57 Аха аҩаза амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы даҽаџьара ицәырҵыр, уи аҽарҭбаауеит ауп, наҟ ибылтәуп. 58 Амаҭәа, аба, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк анырыӡәӡәалак ашьҭахь аҩаза аныҵыр, уи даҽазнык иӡәӡәатәуп, уи ашьҭахь ицқьахоит.
59 Ари аласа ма ақәны иалху амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы иамоу аилабаара иазку азакәан ауп, урҭ цқьоу-ицқьаму рылаҳәаразы».