Ииуль 1 азы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИИУЛЬ 1 АЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 69, анцәаиҳәара
□ Аизараҿы Абиблиа аҵара
gf аурок 12, абз. 1 — аурок 13, абз. 3 (30 мин)
□ Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Аусқәа 11—14 (10 мин)
№ 1: Аусқәа 11:1—18 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Ианырыр шԥахәҭоу ҳаԥсҭазаара аҿыхра иазку адырра ахьҳамоу? (rs ад. 113, абз. 1—3) (5 мин)
№ 3: Изусҭцәада уара уҩызцәаҵәҟьақәа? (Ԥс. 119:63) (5 мин)
□ Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Ииуль азы аброшиурақәа шрыдгалатәу. Ахцәажәара. 30—60 секунд рыла еиҭаҳәа избан арҭ аброшиурақәа шәахьынхо аҭыԥаҿы ауаа аинтерес зрызцәырнаго. Аброшиура ацәа иану атема «Иаԥсоума адинхаҵара агәрагара?» уанахцәажәо, уразҵаа азыӡырҩцәа иарбан зҵаароу иқәдыргылар рылшо, насгьы иарбан жәеинраалоу изыԥхьо. Убасҵәҟьа аброшиура ацәа «Апротестқәа: ауадаҩрақәа зыӡбо мҩоума?» иану атемагьы уахцәажәа, насгьы аамҭа аанхозар, арҭ аброшиурақәа рҟынтәи статиак. Еиҿкаа адемонстрациа, арҭ аброшиурақәа шрыдгалатәу узырбо.
10 мин. Абиблиа зҵо доуҳала реизҳараҿы ҳрыцхраауеит (ахәҭа 4). Ахцәажәара, 2004 шықәса декабр мзазы иҭыҵыз «Ҳаҳратә маҵзура», ад. 1 шьаҭас измоу. Иҟаҵа иааркьаҿу (минуҭк еиҳамкәа) алагалажәа, абз. 1 шьаҭас иҟаҵаны. Анаҩс 5-минуҭк ицо адемонстрациа, абз. 2, 3 шьаҭас измоу: абиблиатә ҵара мҩаԥызго ажәабжьҳәаҩ аинтерес аазырԥшуа иирбоит аҽазыҟаҵара шаҭаху. Адемонстрациаҿы ухы иаурхәар ауп абиблиатә ҵарақәа зламҩаԥырго аброшиурақәа ԥшьба рҟынтә абзацк, ма аброшиура «Ажәабжь бзиа» аҟынтә. Уи ашьҭахь еилырга абз. 2—5, адемонстрациа аҟынтә ихадоу азхәыцрақәа алкаауа.
10 мин. Иаҳҵозеи ҳара? Ахцәажәара. Урыҳәа Лука 12:16—31 иаԥхьарц. Уахцәажәа ари ацыԥҵәаха ажәабжьҳәараҿ ишҳацхраауа.
Ашәа 35, анцәаиҳәара