Ианвар 13 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИАНВАР 13 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 131, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 1, абз. 10—18, ад. 13 иану арамка (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Аҟазаара 6—10 (10 мин)
№ 1: Аусқәа 9:1—22 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Аӡәы иҳәозар: «Аус злоу иныҟәуго адинхаҵара акәӡам. Зегь раасҭа ихадоу — Иисус Христос игәра агара ауп» (rs ад. 320, абз. 3) (5 мин)
№ 3: Шәышиашоу шәаанхала, аԥсыҽрақәа шшәымоугьы? (it «Аарон», абз. 12—16) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Амаҵзураҿы ҿыц аиҭаҳәара ҵакыс иамоу. Ахцәажәара, ашәҟәы «Амаҵзура ашкол», ад. 206—207 шьаҭас иҟаҵаны. Еиҿкаа лабжьарак иадамзаргьы ахархәашьа узырбо икьаҿу адемонстрациа.
10 мин. Змаҵзура бзианы иназыгӡо ахацәа (1 Тим. 3:13). Аинтервиу рымх амаҵзуратә цхырааҩцәа ҩыџьа. Иарбан ҭакԥхықәроу урҭ аизараҿы ирыду, насгьы иаҵанакуазеи уахь? Избан арҭ аишьцәа маҵзуратә цхырааҩцәаны аҟалара рыҽзазыршәоз? Изыргәаԥхозеи дара аизара амаҵ азура, насгьы аизара аиҳабацәа рыцхраара?
10 мин. «Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Михеи». Азҵаарақәеи аҭакқәеи.
Ашәа 35, анцәаиҳәара