Август 4 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
АВГУСТ 4 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 51, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 11, абз. 1—9 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Ахыԥхьаӡарақәа 4—6 (10 мин)
№ 1: Кәаласаа 4:1—18 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Иаҳәома Абиблиа зегь шеиқәымхо? (rs ад. 363, абз. 2 — ад. 364, абз. 2) (5 мин)
№ 3: Иегова иҽеим азакәанқәа амч рымихуеит, насгьы ииашамкәа ахара адҵара дақәыӡбоит (it «Ахарадҵа», абз. 7, 8) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Август азы изаамҭанытәу аброшиурақәа шрыдгалатәу. Ахцәажәара. Еиҿкаа иҷыдоу акампаниа анымҩаԥысло аԥсшьарамшқәа раан ари адаҟьаҿы иаагоу адгаларақәа рхархәарала аброшиурақәа шрыдгалатәу узырбо адемонстрациа. Анаҩс азыӡырҩцәа урыҳәа арҭ азҵаарақәа рҭак ҟарҵарц: изаԥсозеи август азы аԥсшьарамшқәа раан, аҭагылазаашьа ианаалозар, изаамҭанытәу аброшиурақәа рыдгалара? Иарбан ҭагылазаашьақәоу уи ианаало?
10 мин. Аҭыԥтә ҭахрақәа.
10 мин. Иарбан еихьӡароу иҟаҳҵаз? Ахцәажәара. Урыҳәа азыӡырҩцәа еиҭарҳәарц астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Иформалтәым аҭагылазаашьаҿы шаҳаҭра ҳурц ацәажәара ишалагалатәу» аҟынтәи алабжьарақәа хәарҭас ирзаанагаз. Урыҳәа азыӡырҩцәа интересу ахҭысқәа еиҭарҳәарц.
Ашәа 75, анцәаиҳәара