Ноиабр 24 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
НОИАБР 24 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 50, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 16, абз 1—8 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Ҩынтәзакәан 28—31 (10 мин)
№ 1: Аатра 3:1—18 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Аԥстәқәа аԥсы рхоуп (rs ад. 140, абз. 5 — ад.141, абз. 4) (5 мин)
№ 3: Ақьырсианцәа аҽырԥшӡара шрыхәҭоу (it «Арԥшӡага», абз. 8, 9) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. «Асаит jw.org ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәоит. „Абиблиатә зҵаарақәа рҭак“». Ахцәажәара. Еилырга зҵаарақәак зҭакқәа ҳсаит ахәҭа (АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА > АБИБЛИАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҬАК) аҿы иҟоу. Еиҿкаа ари астатиа иану лабжьарак ахархәашьа узырбо адемонстрациа. Урыҳәа аӡырҩцәа еиҭарҳәарц ари ахәҭа даҽакала ахархәара шалшо.
10 мин. «Еиҭах аҩны дсықәымшәеит!» Ахцәажәара. Идеилыркаа, избан изаҭаху аҽадцалара аарԥшра, ауаа рахь даҽа аамҭак азы ҳаннеигьы аҩны иҳақәымшәазар (Матфеи 28:19, 20; Марк 4:14, 15; 1 Коринфаа 3:6).
10 мин. «Аҭҵааразы амыруга ҿыц». Ажәахә. Еилырга «Апубликациақәа рзы амҩақәҵага» алагалаҿы иану, «Аҭҵаара излалагатәу» захьӡу ахеиҵа. Иазхьарԥш аӡырҩцәа иҿыцу амыруга иамоу еиуеиԥшым аҷыдарақәа. Еиҿкаа икьаҿу амонолог, ажәабжьҳәаҩ «Апубликациақәа рзы амҩақәҵага» ихы ишаирхәо узырбо. Ргәазҭаҵа ажәабжьҳәаҩцәа аҭҵааразы иҳамоу ахархәагақәа зегьы инагӡаны рхы иадырхәаларц, аилкаара «аԥшаара» иаҟәымҵӡакәа (Ажәам. 2:1—5).
Ашәа 69, анцәаиҳәара