Ииун 29 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИИУН 29 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 9, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 8, абз. 14—18, ад. 97 иану арамка (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Аҳцәа 3—6 (8 мин)
Аиҭахысра (20 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Иугәаларшәа ажәытәан иҟаз амшқәа» (Ҩынтә. 32:7).
15 мин. Ииуль амзазы ирыларҵәахо алитература. Ахцәажәара. Уахцәажәа аларҵәаразы алитература иамоу аҷыдарақәа, насгьы еиҿкаа аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ иҿыцу ажәабжьҳәаҩ адгалара архиара дышицхраауа узырбо адемонстрациа.
15 мин. 2015 шықәсазы иҭыҵыз «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа» хәарҭас иаҳзаанаго. Ахцәажәара. Иааркьаҿны уахцәажәа «Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы». Урыҳәа аӡырҩцәа еиҭарҳәарц адунеизегьтәи аҳасабрбаҿы дара еиҳараӡак иргәаԥхаз. Зегьы ргәазҭаҵа «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа» иаԥхьарц.
Ашәа 108, анцәаиҳәара