Изҳарҵо ргәаҵанӡа ишнагалатәу
1. Ишԥарныруаз Иисус иажәақәа изыӡырҩуаз ауаа рыгәқәа?
1 Иисус Христос иажәақәа изыӡырҩуаз ргәаҵанӡа инеиуан. Абиблиаҿы иаагоуп хҭыск иара иҵаҩцәа Аҩырақәа еилыкка иандеилиркаа ашьҭахь, рыгәқәа шбылуаз атәы зҳәо (Лука 24:32). Анцәа иахь азыӡырҩра ҳгәаҟынтә иаауазароуп, убри азы изҳарҵо ицәаныррақәа анырра раҳҭалароуп. Убасҟан урҭ рыԥсҭазаара аԥсахра агәаҳәара роуеит (Рим. 6:17).
2. Ишԥаҳацхраауеи аҳаҭырқәҵареи агәеилых бзиеи ауаҩы иҳарҵо игәаҟынӡа анагараҿы?
2 Аҳаҭырқәҵареи агәеилых бзиеи аарԥшла. Ауаҩы ииашоу, ма ииашам закәу мацара иеилҳаркаар, уи ак аҟаҵара игәазҭанаҵаӡом. Идинтә хәаԥшышьа шиашам ааҳарԥшырц азы абиблиатә жәеинраалақәа рацәаны иааҳгозар, иара зынӡа аиаша игәы ахҳаршәар ҳалшоит. Ауаҩы ҳицхраарц азы, зегь раԥхьа еилкаатәуп акы агәра зиго, насгьы ихымҩаԥгашьа зыхҟьо. Аҳаҭырқәҵара зҵоу, насгьы ибзианы ҳзызхәыцыз игәаанагара аилкааразы иқәҳаргыло азҵаарақәа игәазҭарҵоит иҵаулоу ихәыцрақәа ҳаиҳәаларц (Ажәам. [Прит.] 20:5). Убасҟан ауп ҳара ианҳалшо игәаҵанӡа инеиуа Анцәа Иажәа аҟынтә ажәеинраалақәа ралхра. Ус анакәха, ҳара иҳахәҭоуп ауаҩ иахь хаҭалатәи аинтереси ачҳареи раарԥшра (Ажәам. [Прит.] 25:15). Иухоумыршҭлан: ауаа доуҳала еиԥшны ирызҳаӡом. Иаҭахуп аамҭа, Иегова иԥшьоу идоуҳа урҭ рыхшыҩи рхымҩаԥгашьеи ианырырц азы (Марк 4:26—29).
3. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ҳрыцхраар аҟазшьа бзиақәа реизырҳара?
3 Урыцхраала аҟазшьа бзиақәа еиздырҳаларц. Иегова иқьиареи ибзиабареи ахьаарԥшу абиблиатә цыԥҵәахақәа Абиблиа зҳарҵо ауаа ирыцхраар рылшоит аҟазшьа бзиақәа реизырҳараҿы. Ҳара ҳхы иаҳархәар ҳалшоит абас еиԥш иҟоу ажәеинраалақәа, иаҳҳәап Аԥсалом 138:1—4 [139:1—4, АдҾ], насгьы Лука 12:6, 7, ауаҩы иҳарбарц азы Иегова инарҵауланы хаҭалатәи аинтерес досу ҳара ҳахь ишааирԥшуа. Ҳзыԥсам Анцәа иразразы аџьшьара ауаҩы ианеизирҳалак, Анцәа иахь имоу ибзиабареи изиашареи ирызҳауеит (Рим. 5:6—8; 1 Иоанн 4:19). Уи адагьы, ихымҩаԥгашьа Иегова ишиныруа анеиликаалак, иҟалап иара иҽазишәалар Анцәа иргәырӷьара, ихымҩаԥгашьалагьы ирҳаракра (Аԥсал. 77:40, 41 [78:40, 41, АдҾ]; Ажәам. [Прит.] 23:15).
4. Ишԥаҳалшо ауаа Абиблиа аныдҳарҵо дара ирымоу алхра алшара пату шақәаҳҵо аарԥшра?
4 Иегова аӡәгьы идицалаӡом иԥҟарақәа рықәныҟәара. Уи аҭыԥан, иҳаилиркаауеит изыӡырҩра зҟәыӷароу (Ис. [Ис.] 48:17, 18). Ауаа Абиблиа аныдҳарҵо рхатә лкаақәа ҟарҵаларц алшара раҳҭозар, усҟан ҳара Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Ауаҩы аиашара амҩа дыӷәӷәаны дықәгылазаауеит, иара ихаҭа ианеиликаалак иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара шаҭаху (Рим. 12:2). Уи адагьы иара еиҳагьы дизааигәахоит агәқәа ҭызҵаауа Иегова (Ажәам. [Прит.] 17:3).