Октиабр 26 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ОКТИАБР 26 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 15, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 13, абз. 7—13 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Ашықәсынҵа 12—15 (8 мин)
Аиҭахысра (20 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Шәдац-ԥашә... шәырӷәӷәа», насгьы шәыгәрахаҵара «мчхара аманы иҟалааит» (Кәал. 2:6, 7).
10 мин. Ноиабр амзазы ирыларҵәахо алитература. Ахцәажәара. Ргәазҭаҵа зегьы абуклетқәа, насгьы ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» активла ауаа ирыдыргалаларц. Иааркьаҿны урыхцәажәа 2014 шықәса апрель амзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҟны иаагоу астатиа «Абуклет ҿыцқәа шырхиоу» захьӡу аҟынтә ианаало азхәыцрақәа. Еиҿкаа шәахьынхо аҭыԥ аҿы ианаало адемонстрациа.
20 мин. «Ианыруама Анцәа Иажәа уара уԥсҭазаара?». Ажәахә. Икьаҿу адгалара ашьҭахь иаҿакы урыс бызшәала иҟоу ҳсаит аҟынтә иаагоу исахьаркыгоу Абиблиа аԥхьара аудионҵамҭа «Шәгәы кашәмыжьлан, Иегова шәанириашо!» захьӡу. Инаҵшьны иазгәаҭ ҳара Анцәа Иажәа ҳаназхәыцуа, уи хаҭала ҳхы иаҳархәаша апринципқәа реилкаара ишҳацхраауа. Аҵыхәтәаны зегьы ргәазҭаҵа ҳсаит аҿы иҟоу исахьаркыгоу Абиблиа аԥхьара иазыӡырҩларц.
Ашәа 113, анцәаиҳәара