Ианыруама Анцәа Иажәа уара уԥсҭазаара?
Есыҽнытәи Абиблиа аԥхьара ҳацхраауеит «шәдац-ԥашә... шәырӷәӷәа», насгьы шәыгәрахаҵара «мчхара аманы иҟалааит» ҳәа иҟоу ааԥхьара ақәныҟәара (Кәал. 2:6, 7). Аха Иегова Иажәа ҳаԥсҭазаара ианырларц азы, ҳара уи ҳазхәыцлароуп, насгьы уа иану апринципқәа ҳхы иаҳархәалароуп (Аур. 4:12; Иак. 1:22—25). Иисус Навин (Иисус Навин) 1:8 аҿы иануп аԥхьара хәарҭа узаанагартә иуцхраауа х-шьаҿак: 1) Анцәа Иажәа «уахгьы-ҽынгьы» аԥхьара. 2) «Бжьыҵакрыла» аԥхьара, уи иаанагоит узыԥхьо азхәыцра уанахьӡо, насгьы Абиблиаҿы иану ахҭысқәа ухаҿы аагара анулшо. 3) «Иану зегь ақәныҟәара». Арҭ алабжьарақәа ҳанрықәныҟәо, ақәҿиара ҳамазаауеит, насгьы «ҟәыӷарыла» ҳхы мҩаԥаҳгалоит.