Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2015 шықәса октиабр 26 рзы иалаго амчыбжь азы.
Ишԥаанарԥшуеи 2 Аҳцәа (2 Царей) 13:18, 19 рҿы иану ахҭыс гәацԥыҳәарала, насгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура шхадоу? (сент. 7, w10-U 15/4 ад. 26, абз. 11).
Иҟадаз Израиль аҳас, Иона ԥааимбарс даныҟаз, насгьы иаҳҳәар ҳалшозеи уи имаҵзура иазкны 2 Аҳцәа (2 Царей) 14:23—25 инарықәыршәаны? (сент. 7, ia-U ад. 108, абз. 4).
Ишԥааирԥши Ахаз аԥааимбар Исаиа ила иҳәаз Анцәа иажәа дшақәымгәыӷуаз, насгьы иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, акрызҵазкуа аӡбарақәа анҳадаҳкыло? (2 Аҳ. [2 Цар.] 16:7) (сент. 14, bw540-U ад. 17, абз. 5).
Рхы ишԥадырхәо иахьа Анцәа иаӷацәа Рабсак ихы иаирхәаз атактика, насгьы иарбан ҟазшьоу ақьырсианцәа ирыцхраауа аҿагылаҩцәа рыгызмалрақәа рыҽрырымҭарц азы? (2 Аҳ. [2 Цар.] 18:22, 25) (сент. 14, w10-U 15/7 ад. 13, абз. 3, 4).
Ишԥаҳацхраауеи ахынраалара зныԥшуаз Иосиа иҿырԥшы Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи рҟынтә еиҳаны хәарҭа алгара? (2 Аҳ. [2 Цар.] 22:19, 20) (сент. 21, w00-U 1/3 ад. 30, абз. 2).
Ишԥашьақәнарӷәӷәо археологиа 2 Аҳцәа (2 Царей) 25:27—30 рҿы зыӡбахә ану ҩыџьа аҳцәа шыҟаҵәҟьаз? (сент. 28, bp123-U ад. 5, абз. 2, 3).
Иарбан аҳәарақәа хԥа Иабец Иегова иахь иҟаиҵаз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара анцәаиҳәара аганахьала? (1 Аш. [1 Лет.] 4:9, 10) (окт. 5, bp103-U ад. 23).
Ҳгәы шԥазҭанаҵо 1 Ашықәсынҵа (1 Летопись) 5:18—22 рҿы зыӡбахә аҳәо аибашьра алҵшәа ԥхьаҟагьы гәымшәарыла адоуҳатә еибашьра анагӡара? (окт. 12, w05-U 1/10 ад. 9, абз. 7).
Избан Давид изилшоз ашьа иазкыз Иегова изакәан аҵакы аилкаара, насгьы ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара иара иҿырԥшы? (1 Аш. [1 Лет.] 11:17—19) (окт. 19, bw528-U ад. 6—7, абз. 12—14).
Иҟаимҵазеи Давид аиқәшаҳаҭра аковчег Иерусалимҟа аиагара иҽаназишәоз, насгьы иарбан акрызҵазкуа уроку ари ажәабжь аҟынтә ҳара иалаҳгар ҳалшо? (1 Аш. [1 Лет.] 15:13) (окт. 26, w03-U 1/5 ад. 10—11, абз. 11—13).