Ноиабр 30 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
НОИАБР 30 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 94, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 15, абз.1—8 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 2 Ашықәсынҵа 6—9 (8 мин)
№ 1: Матфеи 26:59—68 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Шаҟа игәнаҳароузеи илаҟәу ахымҩаԥгашьа? (it-U «Илаҟәу ахымҩаԥгашьа») (5 мин)
№ 3: Уиҳәала Анцәа аишьцәа рзы, насгьы рымаҵ ула (it-U «Епафрас») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Сара еиҭасҳауан, Аполлос аӡы аҵеиҭәон, аха изааӡоз, иаззырҳауаз Анцәа иакәын» (1 Кор. 3:6).
10 мин. Декабр азы изаамҭанытәу аброшиура шрыдгалатәу. Ахцәажәара. Раԥхьа еиҿкаа адемонстрациа икьыԥхьу адгалара ухы иархәаны. Анаҩс уи адгалара хәҭа-хәҭала еилырга.
10 мин. Аҭыԥтә ҭахрақәа.
10 мин. Иарбан еихьӡароу иҟаҳҵаз? Ахцәажәара. Урыҳәа аӡырҩцәа еиҭарҳәарц астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ашәҟәы „Иаҳнарҵозеи Абиблиа“ ауаа ишрыдгалалатәу» аҟынтә алабжьарақәа шрыцхрааз. Урыҳәа аӡырҩцәа аинтерес зҵоу хҭысқәак еиҭарҳәарц.
Ашәа 141, анцәаиҳәара
Агәаларшәара: раԥхьа аизара амелодиа иазыӡырҩуеит, анаҩс ашәа ҿыц рҳәоит.