АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАРК 9, 10
Угәрахаҵара зырӷәӷәо абара
Шәхаҿы иаажәг иарбан цәаныррақәоу Иисус изцәырҵыз иԥшра аниԥсахуаз абара аан Иаб дшизыразу аниеиҳәа! Ҳәарада, уи изыԥшыз агәаҟрақәа рыхгаразы амч инаҭеит. Иара убас уи абара Пиотри, Иакови, Иоанни иӷәӷәаны ирнырит. Уи Иисус Мессиа шиакәыз агәра днаргеит, насгьы еилыркааит иҵаҩцәаны ианыҟала ииашоу аӡбара шрыдыркылаз. 32 шықәса раҟара рышьҭахьгьы Пиотр иҳәон уи абара «аԥааимбарцәа ражәанҵақәа» рахь игәрахаҵара даара ишарӷәӷәаз (2 Пиотр 1:16—19).
Ҳара уи абара ҳаблақәа рыла иҳамбаӡеит, аха ҳара иаҳбоит уи анаӡара ишаҿу. Иисус амчра ду змоу Аҳ иеиԥш аҳра иуеит. Иаарласны иара иаӷацәа зегьы дыриааиуеит, насгьы ацәгьара ахьыҟам адунеи ҿыц шьақәиргылоит (Аат. 6:2).
Ишԥарӷәӷәо шәыгәрахаҵара ари абиблиатә ԥааимбаражәа шынаӡо ахьыжәбо?