Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb18 маи ад. 8
  • «Анцәа еидикылаз...»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Анцәа еидикылаз...»
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Анцәа иеидикылаз» ахә ҳаракны ишәшьала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
mwb18 маи ад. 8

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

«Анцәа еидикылаз...»

Моисеи изакәан инақәыршәаны зыԥҳәыс илылҵыр зҭахыз ахаҵа закәанла иаԥҵаз арзаҳал ирхиар ихәҭан. Уи азакәан аҭаацәалазаарақәа аилыҵра аҟынтә иахьчон, избанзар уи арзаҳал архиаразы аамҭа аҭахын. Аха Иисус ихаан адиннапхгаҩцәа аилыҵратә процесс дырмариеит. Ахацәа иаарҭаххалак мзызс иҟаҵаны рыҳәса ирылҵыр рылшон («свидетельство о разводе», «разводится со своей женой», «прелюбодействует по отношению к первой» — Марк 10:4, 11 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-​U). Иисус афарисеицәа данрацәажәоз иҳәеит аҭаацәалазаара еиҿызкааз, насгьы ишьақәзыргылаз Иегова шиакәу (Марк 10:2—12). Иара игәҭакы инақәыршәаны хаҵеи-ԥҳәыси цәеижькны иҟалоит, насгьы наунагӡа еицызароуп. Матфеи 19:9 инақәыршәаны аилыҵра азин узҭо мзыз заҵәык ауп, уи акалҭбааԥсра ма акалҭшьҭаныҟәара, даҽакала иуҳәозар, игәаԥхашәадоу ахымҩаԥхашьа ауп.

Иахьа аӡәырҩы ауаа аҭаацәалазаара Иисус иеиԥш акәымкәа афарисеицәа реиԥш ауп ишахәаԥшуа. Дара ауадаҩрақәа ианрықәшәо, иаразнак еилыҵуеит. Аха иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси ус иҟам, дара аҭаацәалазаара ианалалоз иҟарҵаз аҿаҭахьа ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, насгьы абиблиатә принципқәа рхы иархәаны, ауадаҩрақәа рыӡбара рҽазыршәоит. Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Абзиабареи аҳаҭырқәҵареи аҭаацәара еиднакылоит», анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:

  • Ишԥаулшо Ажәамаанақәа 15:1 иану апринцип уҭаацәалазаараҿы ухы архәара, насгьы избан уи зхадоу?

  • Ишԥауцхраар алшо Ажәамаанақәа 19:11 иану апринцип ауадаҩрақәа рҽырцәыхьчара?

  • Уҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа цәырҵзар, иарбан зҵаароу ухы иауҭар улшо, аилыҵра азхәыцра аҭыԥан?

  • Ишԥашәыцхраауеи Матфеи 7:12 ахаҵа ироль ма аԥҳәыс лроль еиӷьны анагӡара?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра