Апрель 6—12
Аҩаша, апрель 7, 2020 ашықәс. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз
Есышықәса Ахәылԥаз аназгәарҭо аамҭазы, аӡәырҩы азхәыцуеит Анцәа Иегова, насгьы иара Иԥа, Иисус Христос ауаа рахь иаадырԥшыз абзиабара ду (Иоанн 3:16; 15:13). Ҵаҟа атаблицаҿы еиқәыԥхьаӡоуп Иерусалим, насгьы уи азааигәара Иисус иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа раан иҟалаз ахҭысқәа. Уи атаблица уцхраауеит урҭ еиуеиԥшым Аевангелиеқәа рҿы иану ахҭысқәа реиҿырԥшра. Еиҳа инарҭбааны урҭ аагоуп ашәҟәы «Иисус — путь, истина и жизнь» 6-тәи ахәҭаҿы. Угәы зызҭанаҵозеи Анцәеи Христоси рыбзиабара? (2 Кор. 5:14, 15; 1 Иоанн 4:16, 19).
ИЕРУСАЛИМ, НАСГЬЫ УИ АКӘША-МЫКӘША ИИСУС ИМАҴЗУРА АХЫРКӘШАРА ААМҬА
Аамҭа |
Аҭыԥ |
Ахҭыс |
Матфеи |
Марк |
Лука |
Иоанн |
---|---|---|---|---|---|---|
33 аш., нисан 8 (апрель 1—2, 2020 ш.) |
Вифаниа |
Амшаԥы фымш шагу Иисус днеиуеит |
||||
Нисан 9 (апрель 2—3, 2020 ш.) |
Вифаниа |
Мариа Иисус анард хәша ихьылшьуеит |
||||
Вифаниа — Виффагиа — Иерусалим |
Гәырӷьара дула аҽада хәыҷы дақәтәаны Иерусалим далалоит |
|||||
Нисан 10 (апрель 3—4, 2020 ш.) |
Вифаниа — Иерусалим |
Алаҳа ишәиуеит; аныҳәарҭа еиҭа ирыцқьоит |
||||
Иерусалим |
Аԥшьаҩ-еиҳабацәеи ашәҟәдырыҩцәеи Иисус дыршьырц ргәы иҭаркуеит |
|||||
Иегова ибжьы; Иисус иԥсра атәы иҳәоит; аиудеиаа агәрахаҵара ахьаадмырԥшыз ала Исаиа иажәақәа наӡоит |
||||||
Нисан 11 (апрель 4—5, 2020 ш.) |
Вифаниа — Иерусалим |
Иҩаз алаҳа ҿырԥштәыс иааганы идирҵоит |
||||
Иерусалим, аныҳәарҭа |
Имчра гәрамгарҭас иҟарҵоит; ҩыџьа аԥацәа ирызку аҿырԥштәы |
|||||
Ицәгьоу адгьылқәаарыхыҩцәеи ачареи ирызку аҿырԥштәқәа |
||||||
Анцәа, акесарь, аԥсҭалара, насгьы зегь раасҭа ихадоу аԥҟара ирызку азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит |
||||||
Христос Давид иԥа иоума? |
||||||
Ашәҟәдырыҩцәеи афарисеицәеи агәырҩа рԥеиԥшуп |
||||||
Аԥҳәысеиба иналгаз амҭа гәеиҭоит |
||||||
Ахәшаҵлақәа рышьха |
Иҟазаара адырга далацәажәоит |
|||||
Жәаҩык аҭыԥҳацәеи, аталантқәеи, насгьы аџьмақәеи ауасақәеи ирызку аҿырԥштәқәа |
||||||
Нисан 12 (апрель 5—6, 2020 ш.) |
Иерусалим |
Аиудеиаа иара дыршьыр рҭахуп |
||||
Иуда Иисус диҭиирц драцәажәоит |
||||||
Нисан 13 (апрель 6—7, 2020 ш.) |
Иерусалим, насгьы уи акәша-мыкәша |
Аҵыхәтәантәи Амшаԥы аҽазыҟаҵара |
||||
Нисан 14 (апрель 7—8, 2020 ш.) |
Иерусалим |
Иапостолцәеи иареи мшаԥазтәи уаххьаҿы |
||||
Апостолцәа ршьапқәа иӡәӡәоит |
||||||
Иисус иҵаҩцәа идеилиркаауеит Иуда дышчарҳәаҩу, анаҩс доуишьҭуеит |
||||||
Иҳақәиҭу иуаххьа азгәаҭара алаигалоит (1 Кор. 11:23—25) |
||||||
Пиотр иара дицәхьаҵраны дшыҟоу, насгьы апостолцәа шеимпуа заа иреиҳәоит |
||||||
Ирыцхраауа амч иақәиргәыӷуеит; аӡахәа «иашаҵәҟьа» иазку аҿырԥштәы; абзиабара иазку аԥҟара; аҵыхәтәантәи инцәаиҳәара иапостолцәа аницу |
||||||
Гефсиманиа |
Абаҳчаҿы игәаҟрақәа; Иисус дҭиин, насгьы дырбаандаҩын |
|||||
Иерусалим |
Анна иҟны иҿахәы иҿырхуеит; Синедрион, Каиафа иҿаԥхьа аӡбараҿы; Пиотр Иисус дицәхьаҵуеит |
|||||
Ачарҳәаҩ Иуда иҽыкнеиҳауеит (Аус. 1:18, 19) |
||||||
Пилат иҿаԥхьа, анаҩс Ирод иҿаԥхьа, нас еиҭа Пилат иҿаԥхьа |
||||||
Пилат уи иоушьҭра иҽазишәоит, аха аиудеиаа Варавва доуишьҭырц иҳәоит; аргәаҟратә шьаҟаҿы дыршьырц рыӡбеит |
||||||
(амш, асааҭ 3 раҟара) |
Голгофа |
Аргәаҟратә шьаҟаҿы дыԥсуеит |
||||
Иерусалим |
Ашьаҟа дкыдхны, адамра дҭарҵоит |
|||||
Нисан 15 (апрель 8—9, 2020 ш.) |
Иерусалим |
Аԥшьаҩцәеи афарисеицәеи адамра аҿаԥхьа ахьчаҩцәа дыргылоит, ахаҳәгьы адырҵоит |
||||
Нисан 16 (апрель 9—10, 2020 ш.) |
Иерусалим, уи азааигәара; Еммаус |
Иисус иԥсы ҭалоит; иҵаҩцәа хәынтә дрызцәырҵуеит |
||||
Нисан 16 ашьҭахь |
Иерусалим; Галилеиа |
Еиҭа иҵаҩцәа дрызцәырҵуеит (1 Кор. 15:5—7; Аус. 1:3—8); амҩақәҵарақәа риҭоит; аҵаҩцәа азыҟарҵаларц рыдиҵоит |