АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова шәџьабаа ихашҭӡом
Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит егьырҭ ҳџьабаа ахә рымшьошәа, мамзаргьы ирзыҟаҳҵо абзиарақәа ирласны ирхашҭуашәа. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова изы? Ҳџьабаа ахә ҳаракны изшьо Ҳанцәа гәыкала имаҵ шаҳуаз, насгьы иара изы иҟаҳҵахьоу ахаан ихашҭӡом. Иара ҳаанижьӡом, ҳгәамбзиара иахҟьаны уаанӡа иҟаҳҵоз аҟара ҳзыҟамҵозаргьы (Аур 6:10).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА АКГЬЫ ИХАШҬӠОМ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Аџьабаа шԥеибоз аиашьа Хибшман еиуеиԥшым амаҵзуратә хкқәа рҿы?
Излоубарҭоузеи Иегова аиашьа Хибшман дшихамышҭыз, ихатә ҩыза данԥсы ашьҭахь, ихаҭагьы иқәра иахҟьаны илшоз анмаҷха?
Избан иаҳҳәар зҳалшо, акыршықәса заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз аиашьа Хибшман аҵакы змаз, ибеиаз аԥсҭазаара ниҵит ҳәа? (Ажәм 10:22)