МАИ 20—26
АԤСАЛОМҚӘА 40, 41
Ашәа 102, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Избан ауаа изрыцхраалатәу?
(10 мин.)
Ауаа ҳанрыцхраауа, уи агәырӷьара ҳнаҭоит (Аԥс 41:1; w18.08 19—20, абз. 16—18).
Иегова егьырҭ ирыцхраауа дрыцхраауеит (Аԥс 41:2—4; wp15 15/12 24, абз. 7).
Ауаа ҳанрыцхраауа, уи Иегова дҳаранакуеит (Аԥс 41:13; Ажәм 14:31; w17.09 14, абз. 17).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сеизараҿы дыҟоума апрограмма JW Library еиҳа еиӷьны ахархәашьа аҵараҿы ацхыраара зҭаху?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Аԥс 40:5—10. Арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны ҳгәы зызҭанаҵозеи Иегова Ҳнапхгаҩы шиакәу ахьеилаҳкаауа? (it-1-U 896, абз. 3).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мф 24:15—35 (th аурок 12).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Зхы-зҿы еихаччо ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 2, апункт 3).
5. Ацәажәара шәалага
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Зылахь еиқәу ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 3, апункт 5).
6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
(5 мин.) lff аурок 14, апункт 6. Абиблиа зҵо ауаҩы аизарақәа рҿы аҭак аҟаҵара дшәоит. Ирба астатиа «Дшәырҽхәала Иегова аизараҿы» аҟынтә зхәыцрак. Уи астатиахьы азхьарԥш аагоуп lff аҟны, арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы (th аурок 19).
Ашәа 138
7. Зықәрахь инеихьоу абзиара рзыҟашәҵала
(15 мин.). Ахцәажәара.
Иегова зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизаразы иҟарҵо даара ахә ҳаракны ишьоит. Ҳаргьы уи пату ақәаҳҵоит (Аур 6:10). Дара акыршықәса аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵара ддырҵон, рыгәгьы шьҭырхуан. Урҭ шәаргьы ишшәыцхраахьаз шәгәалашәозар ҟалап. Ишԥаҳалшо рџьабаа пату шақәаҳҵо дҳарбар?
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәхаҵара шәыцеиҩызшо шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи абзиара рзыҟашәҵала». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Иҿиҵаазеи Џьи Хун аиашьа Кан Хо Џьин?
Избан шәеизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә ҳаракны изышәшьо?
Иаҳнарҵозеи арыцҳашьара злаз Самариа иатәыз ахаҵа изку аҿырԥштәы?
Шәгәы ишԥаанаго, избан Џьи Хун аиашьа Кан Хо Џьин ицхраара данцоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьигаз зыбзиоу?
Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҭахрақәа ҳрызхәыцыр, урҭ ҳазларыцхрааша рацәахоит. Аӡәы ацхыраара шиҭаху аныжәбо, иҟашәҵар шәылшо шәазхәыц (Иак 2:15, 16).
Аӡырҩцәа Галатаа 6:10 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс урҭ уразҵаа:
Ишԥаҳалшо ҳара зегьы ҳаизара аҟны иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи абзиара рзыҟаҳҵалар?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 10, абз. 1—4, ад. 79 аҿы иану арамка