Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 маи ад. 6—7
  • Маи 27 — ииун 2

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Маи 27 — ииун 2
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 маи ад. 6—7

МАИ 27 — ИИУН 2

АԤСАЛОМҚӘА 42—44

Ашәа 86, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иегова иҟынтә ишәоуа аҵара ахә ҳаракны ишәшьала

(10 мин.)

Иегова ҳахьимҵахырхәо аизарақәа шәырҭаала — ишәылшозар, лабҿаба (Аԥс 42:4, 5; w06-U 1/6 9, абз. 4).

Анцәа Иажәа аҭҵаара шәалагаанӡа Анцәа шәиҳәала (Аԥс 42:8; w12-U 15/1 15, абз. 2).

Иҟашәҵозаалакгьы абиблиатә принципқәа шәрықәныҟәала (Аԥс 43:3).

Аиҳәшьцәа рлымҳа кыдҵаны аконгресс апрограмма иазыӡырҩуеит, насгьы иргәаԥхаз азхәыцрақәа џьара ианырҵоит.

Иегова иҟынтә иҳауа аҵара ауадаҩрақәа риааиреи гәыкала имаҵ ауреи иҳацхраауеит (1Пт 5:10; w16.09 9, абз. 11, 12).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 44:19. Ҵакыс иамазар алшои «абгалаџқәа ахьныҟәо» ҳәа иану ажәақәа? (it-2-U 1224, абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 24:36—51 (th аурок 11).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 5, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(5 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы иааиуа аԥсшьарамшқәа раан иҟало ажәахә ахь ааԥхьара иҭ. Дазхьарԥш авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?», анаҩс уи уахцәажәа (авидеонҵамҭа аҿакра аҭахӡам) (lmd аурок 7, апункт 5).

6. Ажәахә

(3 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 4. Атема: «Зегьы агәабзиара рымазаауеит» (th аурок 2).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 21

7. Иҟаҳҵар ҳалшои ашкол ҳаналгалак ашьҭахь?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Асахьақәа реизга «Иқәыԥшу аиашьа Абиблиа даԥхьоит, насгьы ашкол даналгалак ашьҭахь иҟаиҵало дазхәыцуеит»: 1) иара арҵаҩы длацәажәоит; 2) Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара иҵоит; 3) даҽа тәылак аҿы ажәабжь иҳәоит.

Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ишәыӡбахьоума ашкол шәаналгалак ашьҭахь иҟашәҵало? Иҟалап пионерс амаҵ аура шәылзыршо аусура алхны ишәымазар. Мамзаргьы, ишәыхәаша адыррақәа шәоурц, насгьы асертификат ма адиплом шәоурц азы зны аҵара шәҵарц шәыӡбазар. Ақәыԥшра — аинтерес зҵоу, аха имариам аамҭоуп. Иҟалап авариантқәа ахьырацәоу ма ишәыдышәкыло аӡбара егьырҭ иахырҳәаауа шәацәшәаны иҟашәҵара шәзымдыруазар. Ишәыцхраауазеи аҟәышра зҵоу аӡбара адкылара?

Аӡырҩцәа Матфеи 6:32, 33 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс урҭ уразҵаа:

  • Избан аус ахьуулаша ма аҵара ахьуҵалаша уӡбаанӡа, адоуҳатә хықәкқәа алкааны иқәургылар зыбзиоу?

  • Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа ирыцхраар Матфеи 6:32, 33 иану ажәақәа инарықәыршәаны анхара? (Аԥс 78:4—7).

Шәгәышәҽаныз зегьы шәеицырдыруа шәҟаларц, ма акгьы шәамыргәаҟуа шәынхаларц азы ишәымоу агәаҳәара ишәыдышәкыло аӡбара анырра анамҭартә (1Ин 2:15, 17). Ишәхашәмыршҭлан, аԥара рацәаны измоу ауаҩы иԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара еиҳа ицәыцәгьахар шалшо (Лк 18:24—27). Ауаҩы иԥсҭазаараҿы ирацәаны аԥара арҳара хықәкы хадас имазар, доуҳала дзеизҳалаӡом, Анцәа иргәырӷьарагьы илшаӡом (Мф 6:24; Мк 8:36).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аамҭала иҟоу шәақәымгәыӷлан! Амал». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥашәыцхраауеи Ажәамаанақәа 23:4, 5 аҿы иану алабжьара иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара?

АЛАБЖЬАРАҚӘА

  • Имаҷу, насгьы еиҳа аамҭа зҭаху адоуҳатә хықәкқәа ықәшәыргыл.

  • Иалшәхырц ишәҭаху аҵареи аусуреи урҭ шәхықәкқәа рынагӡара ишәԥырхагахоу-ишәԥырхагамхоу шәазхәыц.

  • Ишәыхәаша занааҭк алшәх. Уи инацҵаны, даҽа занааҭкгьы шәоурц шәыӡбар, уи ахныҟәгара ишәыцхраауоу-ишәмыцхраауоу шәазхәыц.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 10, абз. 5—12

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 47, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра