Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ииуль ад. 8—9
  • Ииуль 29 — август 4

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииуль 29 — август 4
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ииуль ад. 8—9

ИИУЛЬ 29 — АВГУСТ 4

АԤСАЛОМ 69

Ашәа 13, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Иисус аныҳәарҭа аҟынтә ахәаахәҭыҩцәеи уа ирҭиуаз аԥстәқәеи дәылицоит.

1. Иисус иԥсҭазаара аҟынтә хҭысқәак рыӡбахә 69-тәи Аԥсалом аҟны заа иҳәан

(10 мин.)

Иисус акгьы ихараӡамкәа дырцәымӷын (Аԥс 69:4; Ин 15:24, 25; w11-U 15/8 11, абз. 17).

Иисус ицқьоу амҵахырхәара игәы азыбылуан (Аԥс 69:9; Ин 2:13—17; w10-U 15/12 8, абз. 7, 8).

Иисус даараӡа игәы ихьуан; иара аҩы иашаз ак алаҭәаны ижәырц ирҭеит (Аԥс 69:20, 21; Мф 27:34; Лк 22:44; Ин 19:34; g95-E 10/22 31, абз. 4; it-2-U 1277, абз. 5).


АЗХӘЫЦРАЗЫ: избан Иегова иаҭахыз зегь зыҟаиҵаз, Мессиа изку аԥааимбаражәақәа Ауриатә Ҩырақәа рҿы ианыларц азы?

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 69:30, 31. Ишԥаҳдырҵо арҭ ажәеинраалақәа Анцәа еиҳа еиӷьны иҳәашьа? (w99-U 15/1 18, абз. 11).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 27:45—66 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ачҳара. Иисус уи шыҟаиҵоз

(7 мин.) Ахцәажәара. Идырба АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс уахцәажәа lmd аурок 8, апунктқәа  1, 2.

5. Ачҳара. Иисус шәиҿыԥшла

(8 мин.) Ахцәажәара (lmd аурок 8, апунктқәа 3—5, иара убас арамка «Шәахәаԥш иара убас»).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 134

6. Аизара аҭахрақәа

(5 мин.)

7. Еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа, насгьы алҵшәа бзиа змоу аҭаацәаратә мҵахырхәара

(10 мин.). Ахцәажәара.

Асахьақәа реизга: 1) аб аҭаацәаратә мҵахырхәара заа иҽазыҟаиҵоит; 2) ԥыҭрак ашьҭахь иԥшәмеи х-ҩык иӡӷабцәеи иареи аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргоит.

2009 шықәса, ианвар мзазы аизараҿы Абиблиа аҵареи, Атеократиатә маҵзура ашколи, амаҵзуратә еиԥылареи еидҵаны имҩаԥырго иалагеит. Уи абзоурала ақьырсиантә ҭаацәарақәа амчыбжь аҩныҵҟа хәылбыҽхак аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгаразы аамҭа роуит. Аӡәырҩы уи аԥсахра ахьыҟалаз даара иеигәырӷьоит, избанзар уи Иегова еиҳа изааигәахара ирыцхрааит, аҭаацәарагьы еиднакылеит (Ҩнтә 6:6, 7).

Иарбан лабжьарақәоу аҭаацәара ахадацәа ирыцхраауа аҭаацәаратә мҵахырхәара еиԥмырҟьаӡакәа, насгьы алҵшәа бзиа аанагалартә еиԥш амҩаԥгара?

  • Ибжьамыжькәа имҩаԥыжәгала. Аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥыжәгало амши аамҭеи алхны ишәымаз. Ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ак аҽаԥсахыр, уи мҩаԥыжәгар аншәылшо шәазхәыц.

  • Заа шәҽазыҟашәҵала. Шәызлацәажәаша шәыԥшәмаԥҳәыси шәареи еибышәҳәала, зны-зынла ахәыҷқәагьы излацәажәар рҭаху шәразҵаала. Аҽазыҟаҵара ирацәаны аамҭеи амчи шәымнахлаӡом, пунктқәак есымчыбжьа иҟашәҵо ракәзар.

  • Шәҭаацәара рҭахрақәа шәрызхәыцла. Ахәыҷқәа ирызҳацыԥхьаӡа, рылшарақәеи рҭахрақәеи рҽырыԥсахуеит. Ишәхашәмыршҭлан аҭаацәаратә мҵахырхәара хықәкыс иамоу доусу Иеговеи иареи реиҩызара арӷәӷәара шакәу.

  • Шәҭаацәаратә мҵахырхәара хаала-гьамала имҩаԥыжәгала. Алшара аншәымоу аԥсабарахь шәцаны шәҭаацәаратә мҵахырхәара уа имҩаԥыжәгала. Иаҭахызар, маҷк шәыԥсы шьаны нас иацышәҵала. Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан аҭаацәара зықәшәо ауадаҩрақәа ишрылацәажәалатәугьы, уи ахәыҷқәа рацәҳара иаамҭаӡам.

  • Иҿыцу ак ҟашәҵала. Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит иааиуа аиԥылара шәҽазыҟашәҵар, асаит jw.org аҟны иҟоу видеонҵамҭак шәахәаԥшны шәалацәажәар, ма ажәабжьҳәараҿы шәзықәшәар алшо аҭагылазаашьақәа шәҽырзыҟашәҵар. Аҭаацәаратә мҵахырхәара раԥхьаӡа иргыланы изызку ҭаацәашәала акы алацәажәара ауп, аха уи иазалху аамҭа ахәҭак доусу имацара ак аҭҵааразы ихы иаирхәаргьы илшоит.

Аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иарбан лабжьарақәоу еиқәыԥхьаӡаз рҟынтә аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара ишәыцхраауа?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 13, абз. 8—16, ад. 105 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 114, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра