Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ииуль ад. 10—16
  • Август 5—11

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Август 5—11
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ииуль ад. 10—16

АВГУСТ 5—11

АԤСАЛОМҚӘА 70—72

Ашәа 59, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Ԥхьаҟатәи ахылҵшьҭра» Анцәа имч аӡбахә рзеиҭашәҳәала

(10 мин.)

Давид данқәыԥшыз Иегова дышицхраауаз ибон (Аԥс 71:5; w99-U 1/9 18, абз. 17).

Давид иқәрахь даннеигьы Иегова дшаанимыжьуаз ибон (Аԥс 71:9; g04-U 8/10 23, абз. 3).

Давид иқәыԥшыз ирзеиҭеиҳәон аԥсҭазаараҿы Иегова дышицхраауаз, убас ала урҭ ргәы шьҭихуан (Аԥс 71:17, 18; w14-U 15/1 23, абз. 4, 5).

Ҳазхысыз амчыбжь аан апрограмма апункт «Еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа, насгьы алҵшәа бзиа змоу аҭаацәаратә мҵахырхәара» аҿы зпатреҭ аагаз аҭаацәара. Аҭаацәа рҭаацәаратә мҵахырхәарахь зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси аарыԥхьеит — урҭ хаҵеи-ԥҳәыси апатреҭқәа ддырбоит, насгьы рыԥсҭазаараҿы изықәшәаз ахҭысқәа еиҭарҳәоит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сеизараҿы иҟоу Иегова акыршықәса имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аҭаацәаратә мҵахырхәарахь ааԥхьара зысҭар сҭахыда рҭоурых еиҭарҳәарц азы?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 72:8. Ишԥанаӡеи аҳ Соломон инапхгара аан Аҟазаара 15:18 аҿы иану Иегова Авраам ииҭаз ажәа? (it-1-U 686, абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 28:1—20 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ажәа умаикырц иҭахызар, шәеицәажәара хаала ихыркәша (lmd аурок 4, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аҵабырг аӡбахә ззеиҭауҳәахьоу уҭынхак Абиблиа аҵара алагара изыгәаӷьуам (lmd аурок 8, апункт 4).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U 49 шьаҭас измоу ажәахә. Атема: «Почему некоторые учения Свидетелей Иеговы претерпели изменения?» (th аурок 17).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 76

7. Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҟашәҵалар шәылшо

(15 мин.). Ахцәажәара.

Уи аҭаацәара Аҳра ашәа аҵара иаҿуп.
Аҭаацәара JW Broadcasting аҭыжьымҭа иахәаԥшуеит.
Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан аԥҳацәа руаӡәк ашкол аҿы илырҭар алшо азҵаара аҭак шыҟалҵаша лани лареи рҽазыҟарҵоит.

Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы ахәыҷқәа Иегова иҿы аҵара аҵаразы алшара бзиа роуеит (Еф 6:4). Ҳәарада, аҵара ҵара џьабаа дууп, аха уи агәырӷьарагьы узаанагоит, еиҳараӡак ахәыҷқәа абиблиатә ҵабыргқәа еиҳа еиӷьны реилкаара рҭаххар (Ин 6:27; 1Пт 2:2). Арамка «Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҟашәҵалар шәылшо» аҟынтә азхәыцрақәа аага. Уи арамка хықәкы хадас иамоу — аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аманы, угәы иахәартә еиԥш аҟаҵара ауп. Анаҩс азҵаарақәа рыҭ:

  • Иарбан ара иаагоу идеиақәоу шәхы иашәырхәарц ишәҭаху?

  • Иҟоума иаҳзеиҭашәҳәар шәылшо даҽа идеиақәак?

АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРАҾЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО

АБИБЛИА

  • Аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизаразы иҟоу апрограммаҿы иаагоу Абиблиа ахқәа раудионҵамҭақәа шәырзыӡырҩла, ма аӡәаӡәала шәрыԥхьала. Рольла еихшаны шәаԥхьаларгьы шәылшоит.

  • Аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизараҿы изыхцәажәало Абиблиа ахқәа рахь заа азҵаарақәа шьақәшәыргыл. Аҭаацәараҿы доусу илшоит зҵаарак алхны аҭҵаара мҩаԥигар, нас аҭаацәаратә мҵахырхәара аан еиликааз еиҭеиҳәар.

  • Зҵаарак шьҭыхны ма хҭыск аӡбахә ҳәаны ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҿы ианаало абиблиатә принципқәа шәыԥшаа.

  • Абиблиа иану хҭыск аинсценировка ықәшәыргыл.

  • Акарточкақәа рыла абиблиатә жәеинраалақәа рҵара шәҽазышәшәа. Акарточка ганк аҿы ажәеинраала Абиблиаҿы излауԥшааша анышәҵа, егьи аган аҿы ажәеинраала ахаҭа анышәҵа. Есымчыбжьа иҿыцу акарточкақәа ҟашәҵала, насгьы аамҭа-аамҭала уаанӡа иҟашәҵахьаз акарточкақәа ирну ажәеинраалақәа шәгәалашәыршәала. Ҿырҳәала ишәҵар шәылшо ажәеинраалақәа шәыԥшаар ауеит аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала», Ацҵа А аҿы.

  • Амыруга «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аҟынтә цыԥҵәахак шәалацәажәа.

  • Шәҭаацәара рҟынтә аӡәы шәиҳәа «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак» ма «Объяснение библейских стихов» захьӡу астатиақәа руак даԥхьаны ихадоу азхәыцрақәа еиҭеиҳәарц (шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу агәылаҵа АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА).

АИЗАРАҚӘА

  • Аизара хәҭак шәҽазыҟашәҵа.

  • Азҵаарақәа рҭак ԥшааны урҭ шышәҳәаша шәазхәыц, аамҭагьы шәацклаԥшла.

  • Аизара апрограммаҿы иаагоу Аҳра ашәақәа шәҳәала.

  • Шәҭаацәараҿы доусу аизара алагаанӡа ма ианынҵәалак ашьҭахь аӡәы игәы шьҭихыр шилшо шәазхәыцны уи шәҽазыҟашәҵа.

  • Иааиуа аиԥылараҿы арҵаратә дҵа змоу иҭаацәара рҿаԥхьа уи адҵа иманы дықәгылар илшоит.

АЖӘАБЖЬҲӘАРА

  • Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара шәҽазыҟашәҵа.

  • Ажәабжь зашәҳәахьоу ауаҩы аинтерес шизцәырыжәгаша шәалацәажәа.

  • Иформалтәым аҭагылазаашьаҿы аицәажәара шәалагар шшәылшо шәазхәыцны, уи шәҽазыҟашәҵа.

  • Шәрылацәажәа шәҭаацәараҿы зегьы амаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара ишәыцхраар алшо ахықәкқәа, иаҳҳәап, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан, ахәыҷқәа ашкол ианоужьҭу, ма аотпуск аншәымоу.

АҬААЦӘАРА АҬАХРАҚӘА

  • Заа шәазхәыцны шәҽазыҟашәҵа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы шәхы шымҩаԥыжәгало, иаҳҳәап, ақьырсиантә неитралитет аныхьчатәу, ашкол аҿы ианухыччо, аиқәшәара анудыргало ма аныҳәақәа разгәаҭара анудырцало.

  • Шәхәыҷқәа ирыдыжәгал дара аҭаацәа ракәушәа, шәара ахәыҷқәа шәакәушәа ахәмарра. Ахәыҷқәа зҵаарак ҭырҵаар ауеит, нас уи шьаҭас иҟаҵаны аҭаацәа раҳасабала шәара ишәацәажәар рылшоит.

ИҴЕГЬЫ

  • JW Broadcasting® аҭыжьымҭа шәахәаԥшны уи шәалацәажәа.

  • Ҳсаит аҿы иаагоу статиак шәаԥхьа ма видеонҵамҭак шәахәаԥш, нас еилышәкааз шәахцәажәа.

  • Аҟәшақәа «Ахбыџқәеи изызҳахьоу аҿари» ма «Ахәыҷқәа» аҟынтә ианаало аматериал еилшәырга (асаит jw.org аҿы иҟоу агәылаҵа АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА).

  • Арегионалтә ма араионтә конгрессқәа раан ижәҩыз ишәгәаԥхаз азхәыцрақәа шәрылацәажәа.

  • Иегова ишамҭак алхны, уи шәацклаԥш ма уи иазкны еиҳаны еилышәкаа. Еилышәкааз Иегова изкны ишәнарҵаз шәалацәажәа.

  • Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәҭаацәаратә мҵахырхәарахь иаашәыԥхьала. Урҭ шәразҵаарц ишәҭаху заа шәазхәыц.

  • Шәҭаацәараҿы доусу иқәиргылар илшо адоуҳатә хықәкқәа шәрызхәыц, насгьы урҭ шынаигӡаша шәалацәажәа.

  • Шәҭаацәара зегь рзы апроект шәхәыц, иаҳҳәап, амакет аҟаҵара, ахсаала ма адиаграмма аҭыхра, мамзаргьы атаблица ашьақәыргылара.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәҭаацәаратә мҵахырхәара еиӷьышәтәла». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа рымамзар, ишԥаилшо ахаҵа иԥшәма лзы аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аманы иҟаиҵар?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 13, абз. 17—24

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 123, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра