Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ноиабр ад. 4—5
  • Ноиабр 18—24

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ноиабр 18—24
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ноиабр ад. 4—5

НОИАБР 18—24

АԤСАЛОМҚӘА 107, 108

Ашәа 7, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иегова иҭабуп ҳәа иашәҳәала, избанзар иара дқьиоуп

(10 мин.)

Иегова израильаа Вавилон ишалигаз еиԥшҵәҟьа, ҳаргьы ари Аҩсҭаа идунеи алҵра дҳацхрааит (Аԥс 107:1, 2; Кл 1:13, 14).

Иегова иаҳзыҟаиҵаз пату ақәаҳҵозар, уи ҳгәазҭанаҵоит аизараҿы ихьӡ аҭгара (Аԥс 107:31, 32; w07-U 15/4 20, абз. 2).

Иегова иааирԥшуа азиашара зныԥшуа абзиабара ҳазхәыцуазар, уи ҳгәазҭанаҵоит иаҳзыҟаиҵо зегьы ахә ашьара (Аԥс 107:43; wp15 1/1 8, абз. 4).

«Иегова ирҽхәаразы иҳамоу алшарақәа» темас иамоу асахьақәа реизга: 1) аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы ашәа рҳәоит; 2) аиашьа аизара мҩаԥызго иқәиргылаз азҵаара аҭак ҟаиҵоит; 3) ҩыџьа аиҳәшьцәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рҳәоит.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 108:9. Ииҳәарц ииҭахызи Иегова Едом ссандалеимаа агәыдысҵоит ҳәа аниҳәа? (it-2-U 689, абз. 10).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 6:14—29 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 4).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы абиблиатә курс аӡбахә изеиҭаҳәа, нас уи акурс иазку аинформациа зну азхьарԥшга бӷьыц иҭ (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) ijwyp 90. Атема: «Ишԥасылшо иҽеим ахәыцра аҽацәыхьчара?» (th аурок 14).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 46

7. Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәарц азы ашәа изаҳҳәоит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иегова Амшын ҟаԥшь азааигәара израильаа египеттәи ар рҟынтә ианеиқәирха, дара иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы ашәа изырҳәеит (Ақәҵ 15:1—19). Зегь раԥхьа ашәаҳәара иалагаз ахацәа ракәын (Ақәҵ 15:21). Актәи ашәышықәсазгьы Иисус иҵаҩцәеи иареи Анцәа дҳаразкуаз ашәақәа рҳәон (Мф 26:30; Кл 3:16). Иахьа Иегова имаҵ зуагьы урҭ ирҿыԥшуеит. Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы ашәа анаҳҳәо. Иаҳҳәап, уажәы иаҳҳәаз ашәа «Иҭабуп, Иегова» ҳаизарақәа рҿы 1966 шықәса инаркны иаҳҳәоит.

Культурақәак рҿы ахацәа егьырҭ ишырбо ашәаҳәара иацәыԥхашьоит. Даҽа шьоукы уи иацәыԥхашьоит, избанзар ашәаҳәара ибзианы ирзалҵӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ашәаҳәара Анцәа имҵахырхәара ишахәҭаку. Иегова иорганизациа имаҷымкәа аџьабаа абоит ҳара ирацәаны ашәа ԥшӡақәа ҳамазарц, иара убас аизарақәа рыпрограмма ианаало ашәақәа ҳҳәаларц азы. Ҳара иаҳзаанхаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ашәаҳәара ауп. Убасала жәҩантәи Ҳаб бзиа дшаҳбо, иаҳзыҟаиҵогьы ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 2)». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

    Авидеонҵамҭа «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 2)» аҟынтә асахьа: аиашьа Френц аконгресс аҿы ирылеиҳәоит «Песенник Царственного служения» шҭыҵыз.
  • Иарбан ихадоу хҭысу 1944 шықәсазы иҟалаз?

  • Авидеонҵамҭа «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 2)» аҟынтә асахьа: Сибра иҟоу аиашьа урысшәала иҭаҩу ашәақәа акьаҿ аҵҟьа аҿы иҵәахуеит.
  • Ишԥаадырԥшуаз Асовет Еидгылаҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Аҳра ашәақәа рыхә шыршьоз?

  • Авидеонҵамҭа «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 2)» аҟынтә асахьа: аишьцәеи аиҳәшьцәеи аконгресс аҿы ашәа рҳәоит, аоркестр амузыка нарыгӡоит.
  • Избан Иегова ишаҳаҭцәа рзы ашәаҳәара даара изхадоу?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 18, абз. 6—15

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 73, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра