Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ноиабр ад. 6—7
  • Ноиабр 25 — декабр 1

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ноиабр 25 — декабр 1
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ноиабр ад. 6—7

НОИАБР 25 — ДЕКАБР 1

АԤСАЛОМҚӘА 109—112

Ашәа 14, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ҳаҳ Иисус шәидгыл!

(10 мин.)

Иисус ажәҩан ахь данхала, Анцәа иарӷьа напы аганахь ала дтәеит (Аԥс 110:1; w06-U 1/9 13, абз. 6).

1914 шықәсазы Иисус иаӷацәа рыбжьара аҳра аура далагеит (Аԥс 110:2; w00-U 1/4 18, абз. 3).

Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, Иисус инапхгара ҳшадгыло ааҳарԥшларц азы (Аԥс 110:3; be-U 76, абз. 2).

«Иқәыԥшу аиашьа Иисус инапхгара дшадгылоу ааирԥшуеит» темас измоу асахьақәа реизга: 1) аизараҿы амикрофон ныҟәигоит; 2) аинвалидцәа рколиаска иантәалоу зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа длыцхраауеит; 3) Абиблиа ҭиҵаауеит; 4) аизара ахылаԥшҩы иеиҳәо зҿлымҳарала дазыӡырҩуеит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Хықәкыс иқәсыргылар сылшои, Анцәа Иаҳра сшадгыло аасырԥшырц азы?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 110:4. Ҵакыс иамоузеи ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу аиқәшаҳаҭра? (it-2-U 867, абз. 6).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 6:30—44 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абуклет ухы иархәаны ацәажәара уалага (lmd аурок 4, апункт 3).

5. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U 23 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Почему Свидетели Иеговы отказываются воевать?» (lmd аурок 4, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 15, апункт 6, иара убас арамка «Шьоукы ирҳәоит» (lmd аурок 11, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 72

7. Иҟаҳҵалар ҳалшои, азиашара аарԥшны Анцәа Иаҳра ҳадгылазарц азы?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Авидеонҵамҭа «Азиашара аарԥшны „Аҭынчра аҭауад“ иган аанышәкыл» аҟынтә асахьа: ҩыџьа аишьцәа аԥсыӡ ахьыркуа аҭыԥ аҿы хаҵак ажәабжь бзиа изеиҭарҳәоит.

Иегова ишьақәиргылаз Аҳра иаанарԥшуеит иара адунеи зегь знапаҿы иҟоу зегь иреиҳау анапхгаҩы шиакәу (Дан 2:44, 45). Уи Аҳра ҳшадгыло ааҳарԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова инапхгара зегьы ишреиӷьу агәра шаҳго ааҳарԥшуеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Азиашара аарԥшны „Аҭынчра аҭауад“ иган аанышәкыл». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иҟаҳҵалар ҳалшои, азиашара аарԥшны Анцәа Иаҳра ҳадгылазарц азы?

Ҵаҟа иаагоуп Анцәа Иаҳра ҳшадгыло ааҳарԥшлар шҳалшо ҭагылазаашьақәак. Урҭ аҭагылазаашьақәа ирнаало абиблиатә жәеинраалақәа рыҵажәҩы.

  • Ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра зегь раасҭа ихадазароуп.

  • Иегова Иаҳра иадгыло зегьы рзы ишьақәиргылаз анормақәа ҳрықәныҟәалароуп.

  • Еснагь ауаа Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭаҳҳәаларц азы алшарақәа ҳаԥшаалароуп.

  • Ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа пату рықәаҳҵалароуп, аха иаҳхаҳмыршҭлароуп урҭ ирҳәо Анцәа изакәан иаҿагылозар, ҳаззыӡырҩуа Анцәа шиакәу.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 18, абз. 16—24

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 75, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра