Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 38
  • Ииҭахузеи Анцәа сара сҟынтә?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииҭахузеи Анцәа сара сҟынтә?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа иаҳәо
  • Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иҟаҳҵар акәзеи Анцәа ҳаизааигәахарц азы?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 38

Ииҭахузеи Анцәа сара сҟынтә?

Абиблиа иаҳәо

Анцәа иҭахуп ибзианы деилышәкаарц, шәизааигәахарц, бзиа дыжәбарц, гәык-ԥсыкала имаҵ жәуларц (Матфеи 22:37, 38; Иаков 4:8). Иисус иԥсҭазаареи ауаа идирҵози иҳаилнаркаауеит Анцәа ииҭаху аҟаҵара иаанаго (Иоанн 7:16, 17). Иисус Анцәа ииҭаху закәу аҳәара мацара акәӡамызт дызҿыз, иара еснагь Анцәа ииҭахыз ҟаиҵон, иԥсҭазаараҿы уи акәын ихадаз. Иара иҳәеит иԥсҭазаара ҵакыс иамаз ииҭаху аҟаҵара акәымкәа, даазышьҭыз ииҭаху аҟаҵара шакәыз (Иоанн 6:38).

Анцәа сара сҟынтә ииҭаху еилыскаарц азы ажәҩан аҟынтә ак збароума, ма бжьык саҳароума?

Мап, избанзар Анцәа ауаа иреиҳәарц ииҭаху Абиблиаҿы иануп. Уа ауаҩы «зегь рыла деиқәшәаны, иарбан ус бзиазаалак анагӡара дазхиазарц азы» иаҭаху зегь ануп (2 Тимофеи 3:16, 17). Анцәа иҭахуп Абиблиа шәыцырхырааны, насгьы «шәыхшыҩ шәхы иархәаны» шәара шәҟынтә ииҭаху еилышәкаарц (Римаа 12:1, 2; Ефесаа 5:17).

Исылшаҵәҟьома Анцәа ииҭаху аҟаҵара?

Ааи, ишәылшоит, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Анцәа... иԥҟарақәа... рықәныҟәара цәгьаӡам» (1 Иоанн 5:3). Уи иаанагаӡом Анцәа иԥҟарақәа рыла анхара еснагь имариоуп ҳәа. Аха уи азы аџьабаа абара иаԥсоуп, избанзар Анцәа дышәзылԥхоит. Иисус иҳәеит: «Насыԥ змоу Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, насгьы уи назыгӡо роуп» (Лука 11:28).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра