Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, октиабр 13

Иегова агәы дҭаԥшуеит (1 Сам. 16:7).

Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ус дшаҳмыхәаԥшуа ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп. Иара иоуп иареи ҳареи ҳаиҩызцәахарц ҳаазыԥхьаз (Иоанн 6:44). Иҟалап ҳара шаҟа абзиара ҳалоу ҳзымдыруазар. Аха Иегова ҳгәы ибоит (2 Аш. 6:30). Иегова абзиабара ҳаԥсаны ҳиԥхьаӡозар, ҳара игәра ҳгалар ҳалшоит, даҽакала ахәыцразы амзызқәа ҳамаӡам (1 Иоанн 3:19, 20). Шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа иҟарҵаз агәнаҳақәа рзы уажәгьы рхы ахара адырҵоит (1 Пиотр 4:3). Гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәагьы иҽеим агәаҳәарақәа рызцәырҵуеит. Ишәықәыӡбома шәара шәгәы? Ус анакәха, шәгәы арҭынчыр алшоит гәыкала Иегова имаҵ зуаз ақьырсианцәагьы урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа ахьрызцәырҵуаз. Ҿырԥштәыс дааҳгап апостол Павел. Игхақәа ирыхҟьаны иара акгьы даԥсамшәа ихы ибон, насгьы «агәаҟ, сара» ҳәа ихы иазиҳәон (Рим. 7:24). Ааи, Павел игәнаҳақәа дрыхьхәит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Аха уеизгьы апостолцәа зегьы дреиҵоуп ҳәа иԥхьаӡон, «агәнаҳаҟаҵаҩцәа... зегь раԥхьа игылоу сара соуп» ҳәагьы иҳәон (1 Кор. 15:9; 1 Тим. 1:15). w24.03 27, абз. 5, 6

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 14

Иегова иҩны аанрыжьит (2 Аш. 24:18).

Иҟашәҵар шәылшозеи Иоас ихьыз шәмыхьырц азы? Анырра бзиа шәызҭо аҩызцәа алшәхла. Уи Иегова бзиа дызбо, насгьы игәы изырхьыр зҭахым роуп. Шәҩызцәа шәықәлацәамзаргьы алшоит. Ишәхашәмыршҭлан, Иоас иҩыза Иодаи иаасҭа акырӡа дшеиҵбыз. Шәҩызцәа зеиԥшроу еилышәкаарц азы шәхы шәазҵаа: «Исыцхраауама уи аиҩызара Иегова иахь схаҵара арӷәӷәара? Рҽазыршәома сҩызцәа Иегова изыӡырҩра, насгьы саргьы ус ҟасҵаларц сгәазҭарҵома? Иргәаԥхома дара Иегова иӡбахә аҳәареи адоуҳатә темақәа рылацәажәареи? Иубарҭоума дара Анцәа изакәанқәа пату шрықәырҵо? Урҭ исарҳәо исаҳарц исҭаху мацара аума? Мамзаргьы ианаҭаху сахьиашам аҳәара иацәымшәоу?» (Ажәам. 27:5, 6, 17). Ишыҟоу иаҳҳәап: шәҩызцәа Иегова бзиа дрымбозар, дареи шәареи ишәзеилоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха шәҩызцәа Иегова бзиа дырбозар, урҭ ааншәмыжьын. Урҭ шәыманаҵы, акы шәацәымшәалар шәылшоит! (Ажәам. 13:20). w23.09 9, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 15

Сара Альфеи Омегеи соуп (Аат. 1:8).

Альфа — абырзен алфавит аҿы актәи нбануп, омега — аҵыхәтәантәи нбануп. Иегова «Альфеи Омегеи» ҳәа аниҳәо иаҳирбоит иара акы далагазар, аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо. Иегова Адами Евеи аниша, ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟаз. 1:28). Убасҟан Иегова «Альфа» ҳәа иҳәеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара гәҭакыс имоу еилыкка иҳәеит: Адами Евеи ирхылҵуа аҳәатәхаҵара злоу инаӡоу ауаа адгьыл ықәдырҭәаауеит, џьанаҭны иагьыҟарҵоит. Уи аныҟалалак Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь уи шыҟалаҵәҟьо ажәа ҳаиҭеит. Убас ала Анцәа агәра ҳиргеит уи амш аҵыхәтәаны игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо (Аҟаз. 2:1—3). w23.11 5, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра