Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аҩаша, октиабр 14

Иегова иҩны аанрыжьит (2 Аш. 24:18).

Иҟашәҵар шәылшозеи Иоас ихьыз шәмыхьырц азы? Анырра бзиа шәызҭо аҩызцәа алшәхла. Уи Иегова бзиа дызбо, насгьы игәы изырхьыр зҭахым роуп. Шәҩызцәа шәықәлацәамзаргьы алшоит. Ишәхашәмыршҭлан, Иоас иҩыза Иодаи иаасҭа акырӡа дшеиҵбыз. Шәҩызцәа зеиԥшроу еилышәкаарц азы шәхы шәазҵаа: «Исыцхраауама уи аиҩызара Иегова иахь схаҵара арӷәӷәара? Рҽазыршәома сҩызцәа Иегова изыӡырҩра, насгьы саргьы ус ҟасҵаларц сгәазҭарҵома? Иргәаԥхома дара Иегова иӡбахә аҳәареи адоуҳатә темақәа рылацәажәареи? Иубарҭоума дара Анцәа изакәанқәа пату шрықәырҵо? Урҭ исарҳәо исаҳарц исҭаху мацара аума? Мамзаргьы ианаҭаху сахьиашам аҳәара иацәымшәоу?» (Ажәам. 27:5, 6, 17). Ишыҟоу иаҳҳәап: шәҩызцәа Иегова бзиа дрымбозар, дареи шәареи ишәзеилоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха шәҩызцәа Иегова бзиа дырбозар, урҭ ааншәмыжьын. Урҭ шәыманаҵы, акы шәацәымшәалар шәылшоит! (Ажәам. 13:20). w23.09 9, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 15

Сара Альфеи Омегеи соуп (Аат. 1:8).

Альфа — абырзен алфавит аҿы актәи нбануп, омега — аҵыхәтәантәи нбануп. Иегова «Альфеи Омегеи» ҳәа аниҳәо иаҳирбоит иара акы далагазар, аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо. Иегова Адами Евеи аниша, ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟаз. 1:28). Убасҟан Иегова «Альфа» ҳәа иҳәеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара гәҭакыс имоу еилыкка иҳәеит: Адами Евеи ирхылҵуа аҳәатәхаҵара злоу инаӡоу ауаа адгьыл ықәдырҭәаауеит, џьанаҭны иагьыҟарҵоит. Уи аныҟалалак Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь уи шыҟалаҵәҟьо ажәа ҳаиҭеит. Убас ала Анцәа агәра ҳиргеит уи амш аҵыхәтәаны игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо (Аҟаз. 2:1—3). w23.11 5, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, октиабр 16

Иегова изы амҩа шәрыцқьала! Ҳанцәа изы ацәҳәыра иалганы амҩа иаша шәырхиа (Ис. 40:3).

Вавилонынтәи Израильҟа игаз амҩа мариаӡамызт, насгьы ԥшьымзҟа уқәхон. Аха Иегова ижәлар ақәиргәыӷит амҩан акгьы шырԥырхагамхо. Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа Израильҟа ахынҳәра иазхиан, избанзар дара еилыркаауан иаанрыжьыр акәыз аасҭа, ироуаз акырӡа ишеиҳаз. Зегьы иреиҳаз аҳамҭа Иегова имҵахырхәара иадҳәалан. Вавилон Иегова иныҳәарҭа ыҟаӡамызт. Израильаа Моисеи изакәан ала инаргалар рыхәҭаз акәырбанқәа рнагаразы акәырбаннагарҭа рымаӡамызт. Аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы еиҿкааны иҟаӡамызт. Уи адагьы, Иегова ижәлар амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа ирыланхон — урҭ ахацәеи аҳәсеи Иеговагьы хьаас дыркӡамызт, инормақәагьы хьаас ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны, ииашоу амҵахырхәара анеиҭашьақәдыргылоз аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. w23.05 14—15, абз. 3, 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра