Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәақәа: Betsimisaraka (Northern), Betsimisaraka (Southern), Konkomba, Matses, Mi'kmaq
  • Иахьа

Ахәаша, октиабр 17

Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала (Еф. 5:8).

«Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп. Избан? Избанзар уи ада иҳалшаӡом ицқьам адунеи аҿы ҳацқьара ахьчара (1 Фес. 4:3—5, 7, 8). Иԥшьоу адоуҳа адунеи ахәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит, афилософиагьы уахь иналаҵаны. Иара убас иԥшьоу адоуҳа Анцәа ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара иҳацхраауеит (Еф. 5:9). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иисус иҳәеит Иегова «иԥшьоу адоуҳа иаҳәо» ишриҭо (Лука 11:13). Иара убасгьы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ақьырсиантә еизараҿы Иегова данҳарҽхәо (Еф. 5:19, 20). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ҳаԥсҭазаашьала Иегова дҳаргәырӷьалар. w24.03 23—24, абз. 13—15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, октиабр 18

Шәаҳәала — ишәоуеит, шәашьҭаз — ишәыԥшаауеит, шәасла — ишәзаадыртуеит (Лука 11:9).

Еиҳаны ачҳара аашәырԥшлар шәҭахума? Ус анакәха, Анцәа ачҳаразы шәиҳәала. Ачҳара иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, ҳамч мацарала уи аҟазшьа бзиа ҳзеизырҳаӡом. Ҭагылазаашьак аҿы ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьазар, Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәоит (Лука 11:13). Уи адагьы, ҳара Иегова ихәаԥшышьа ҳаурц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анаҩс, Анцәа ҳаниҳәалак ашьҭахь, ачҳара ааҳарԥшларц азы есыҽны ҳхы аџьабаа адаҳбалалароуп. Ачҳаразы шаҟа Анцәа ҳиҳәо, насгьы уи аҟазшьа шаҟа иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟара ибзианы иҳалаҳааӡоит. Убасала, ачҳара злоу уаҩны ҳҟалоит. Уи адагьы, Абиблиа иану аҿырԥштәқәа рызхәыцра ҳацхраар ауеит. Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ рыԥсҭазаара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. w23.08 22—23, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, октиабр 19

Акаҭа ҭашәыжь (Лука 5:4).

Иисус апостол Пиотр иеилиркааит Иегова уи ахаан дшаанимыжьуа. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ирацәаны аԥсыӡ ркыртә иҟаиҵеит (Иоанн 21:4—6). Уи аџьашьахәы ҳәарада, Пиотр агәра инаргеит иҭахрақәа Иегова дреиҷаҳар шилшо. Иисус иҳәахьан: «Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳр[а]... зегь раасҭа ихадаз». Анаҩс иҳәеит, ус ҟазҵо Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь шриҭо. Иҟалап Пиотр урҭ ажәақәа игәалашәазар (Матф. 6:33). Убри аҟынтә Пиотр иԥсҭазаара аԥсыӡкра акәымкәа, Анцәа имаҵ аура иазикит. Иара 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны агәымшәара аарԥшны, ажәахә иманы дықәгылеит, уи абзоурала зықьҩыла ауаа агәырӷьажәабжь рыдыркылеит (Аус. 2:14, 37—41). Уи ашьҭахь иара самариааи иауриамыз егьырҭ ауааи Христос иҵаҩцәаны аҟалара дрыцхрааит (Аус. 8:14—17; 10:44—48). Ишаҳбо еиԥш, Иегова еиуеиԥшым ауаа иеизарахь инеигарц азы зныкымкәа Пиотр ихы даирхәеит. w23.09 20, абз. 1; 23, абз. 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра