Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аԥшьаша, октиабр 16

Иегова изы амҩа шәрыцқьала! Ҳанцәа изы ацәҳәыра иалганы амҩа иаша шәырхиа (Ис. 40:3).

Вавилонынтәи Израильҟа игаз амҩа мариаӡамызт, насгьы ԥшьымзҟа уқәхон. Аха Иегова ижәлар ақәиргәыӷит амҩан акгьы шырԥырхагамхо. Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа Израильҟа ахынҳәра иазхиан, избанзар дара еилыркаауан иаанрыжьыр акәыз аасҭа, ироуаз акырӡа ишеиҳаз. Зегьы иреиҳаз аҳамҭа Иегова имҵахырхәара иадҳәалан. Вавилон Иегова иныҳәарҭа ыҟаӡамызт. Израильаа Моисеи изакәан ала инаргалар рыхәҭаз акәырбанқәа рнагаразы акәырбаннагарҭа рымаӡамызт. Аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы еиҿкааны иҟаӡамызт. Уи адагьы, Иегова ижәлар амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа ирыланхон — урҭ ахацәеи аҳәсеи Иеговагьы хьаас дыркӡамызт, инормақәагьы хьаас ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны, ииашоу амҵахырхәара анеиҭашьақәдыргылоз аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. w23.05 14—15, абз. 3, 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, октиабр 17

Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала (Еф. 5:8).

«Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп. Избан? Избанзар уи ада иҳалшаӡом ицқьам адунеи аҿы ҳацқьара ахьчара (1 Фес. 4:3—5, 7, 8). Иԥшьоу адоуҳа адунеи ахәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит, афилософиагьы уахь иналаҵаны. Иара убас иԥшьоу адоуҳа Анцәа ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара иҳацхраауеит (Еф. 5:9). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иисус иҳәеит Иегова «иԥшьоу адоуҳа иаҳәо» ишриҭо (Лука 11:13). Иара убасгьы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ақьырсиантә еизараҿы Иегова данҳарҽхәо (Еф. 5:19, 20). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ҳаԥсҭазаашьала Иегова дҳаргәырӷьалар. w24.03 23—24, абз. 13—15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, октиабр 18

Шәаҳәала — ишәоуеит, шәашьҭаз — ишәыԥшаауеит, шәасла — ишәзаадыртуеит (Лука 11:9).

Еиҳаны ачҳара аашәырԥшлар шәҭахума? Ус анакәха, Анцәа ачҳаразы шәиҳәала. Ачҳара иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, ҳамч мацарала уи аҟазшьа бзиа ҳзеизырҳаӡом. Ҭагылазаашьак аҿы ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьазар, Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәоит (Лука 11:13). Уи адагьы, ҳара Иегова ихәаԥшышьа ҳаурц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анаҩс, Анцәа ҳаниҳәалак ашьҭахь, ачҳара ааҳарԥшларц азы есыҽны ҳхы аџьабаа адаҳбалалароуп. Ачҳаразы шаҟа Анцәа ҳиҳәо, насгьы уи аҟазшьа шаҟа иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟара ибзианы иҳалаҳааӡоит. Убасала, ачҳара злоу уаҩны ҳҟалоит. Уи адагьы, Абиблиа иану аҿырԥштәқәа рызхәыцра ҳацхраар ауеит. Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ рыԥсҭазаара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. w23.08 22—23, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра