Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахаша, октиабр 1

Жәҩанынтә аҟәыӷара... аӡырҩра иазхиоуп (Иак. 3:17).

Ишәцәыцәгьоума шәара аҳәатәхаҵара аарԥшра? Шәара шәымацара шәакәӡам уи зцәыцәгьоу. Иаҳҳәап, аҳ Давид Иегова даараӡа бзиа дибон. Аха иаргьы аҳәатәхаҵара аарԥшра анизымариамыз ыҟан. Убри аҟынтә иара абас Анцәа диҳәон: «Уара узыӡырҩра агәаҳәара сыҭ» (Аԥсал. 51:12). Избан ауаа аҳәатәхаҵара абас изырцәыцәгьоу? Актәи, ҳаниуа инаркны аҳәатәхамҵара ҳалоуп. Аҩбатәи, Аҩсҭаа ихаҭа Иегова дшиҿагылаз еиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳаиҿагыларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (2 Кор. 11:3). Ахԥатәи, ҳахьынхо адунеи аҳәатәхамҵара алаҽны иҟоуп (Еф. 2:2). Ҳара ииашам ҳгәаҳәарақәеи, Аҩсҭаа инырреи, идунеи анырреи ҳарҿагылалароуп, насгьы Иегова амчра зиҭази иареи ҳарзыӡырҩларц азы аџьабаа ҳбалароуп. w23.10 6, абз. 1

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, октиабр 2

Уара уакәзар, аҩы бзиа уажәоуп ианцәыруго (Иоанн 2:10).

Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы? Ҳара аԥагьара ҳаламзароуп. Иисус аӡы аҩы ахьалихыз дахыҽхәаӡомызт. Иара ахаангьы иқәҿиарақәа дырхыҽхәаӡомызт. Иисус аԥагьара илаӡамызт, насгьы еснагь ахьӡ-аԥша Иаб ииҭон (Иоанн 5:19, 30; 8:28). Ҳара Иисус иеиԥш аԥагьара ҳаламзар, ҳақәҿиарақәа ҳархыҽхәалаӡом. Шәааи ҳхы арҽхәара аҭыԥан, зымаҵ аура ҳаҭәашьоу Анцәа дҳарҽхәалап (Иер. 9:23, 24). Шәааи иара дзыԥсоу ахьӡ-аԥша иаҳҭалап. Акыр ҳалшарызма ҳара Иегова ицхыраара ада? (1 Кор. 1:26—31). Ҳара аԥагьара ҳаламзар, егьырҭ ирзыҟаҳҵо азы ҳдырҽхәалоит ҳәа ҳазыԥшлаӡом. Иегова иҟаҳҵо ахьибо, насгьы ахә ахьишьо ҳазхалоит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 6:2—4; Аур. 13:16.) Ҳәара аҭахума, Иегова даараӡа деигәырӷьоит Иисус иеиԥш аԥагьара шҳалам анибо (1 Пиотр 5:6). w23.04 4, абз. 9; 5, абз. 11, 12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, октиабр 3

Шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла (Флп. 2:4).

Иԥшьоу адоуҳа абзоурала апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит егьырҭ ирызхәыцларц. Ишԥаҳалшо аизараҿы ҳаныҟоу ари алабжьара ҳақәныҟәалар? Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ахцәажәара рҽаладырхәлар шырҭаху ҳхаҳмыршҭуазар. Шәазхәыц: шәҩызцәа шәанрацәажәо аӡәгьы ажәа имҭаӡакәа есымша шәымацара шәцәажәома? Ҳәарада мап! Шәара ишәҭахуп даргьы цәажәаларц. Убас еиԥшҵәҟьа аизараҿы ирацәаҩны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭак ҟарҵар ҳҭахуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы зегь иреиӷьу алшарақәа руак — зыгәра рго аӡбахә аҳәаразы алшара рыҭара ауп (1 Кор. 10:24). Аҭакқәа кьаҿны иҟашәҵала, усҟан еиҳаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахцәажәара рҽаладырхәыртә алшара роуеит. Аҭак кьаҿны ианыҟашәҵогьы ирацәаны азхәыцрақәа шәымҳәалан. Абзац иану зегь еиҭашәҳәар, егьырҭ ирҳәо роуӡом. w23.04 22—23, абз. 11—13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра