Аҩаша, сентиабр 30
Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит (1 Кор. 10:13).
Иегова шәҽанизышәкуаз еснагь игәы иахәо шыҟашәҵало ажәа шишәҭаз шәазхәыцлар, уи шәхызхыр алшо аҿагылара ишәыцхраауеит. Иаҳҳәап, шәалагома аҭаацәара иалоу аӡәы шәхы игәарԥхара? Ҳәарада, мап! Шәара уи аҩыза ахымҩаԥгашьа мап ацәышәкхьеит. Уи шәара шәахьчоит. Иҽеим агәаҳәарақәа анеизурҳалак иаанаго ахьаа шәаргәаҟлаӡом. Шаҟа шәеигәырӷьалозеи агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа шәахьанымлаз! (Ажәам. 4:14, 15). Шәазхәыц Иисус иҿырԥшы. Иара еснагь Иаб иргәырӷьара дашьҭан. Иисус иҿырԥшы шәыцхраауеит шәҽыззышәкыз Анцәа игәы изырхьыр алшо акы иаразнак мап ацәкра (Матф. 4:10; Иоанн 8:29). Аԥышәарақәеи ахыхрақәеи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацара шаҳҭаху аарԥшразы алшара ҳарҭоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова уи аҿы дышшәыцхраауа. w24.03 9—10, абз. 8—10
Ахаша, октиабр 1
Жәҩанынтә аҟәыӷара... аӡырҩра иазхиоуп (Иак. 3:17).
Ишәцәыцәгьоума шәара аҳәатәхаҵара аарԥшра? Шәара шәымацара шәакәӡам уи зцәыцәгьоу. Иаҳҳәап, аҳ Давид Иегова даараӡа бзиа дибон. Аха иаргьы аҳәатәхаҵара аарԥшра анизымариамыз ыҟан. Убри аҟынтә иара абас Анцәа диҳәон: «Уара узыӡырҩра агәаҳәара сыҭ» (Аԥсал. 51:12). Избан ауаа аҳәатәхаҵара абас изырцәыцәгьоу? Актәи, ҳаниуа инаркны аҳәатәхамҵара ҳалоуп. Аҩбатәи, Аҩсҭаа ихаҭа Иегова дшиҿагылаз еиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳаиҿагыларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (2 Кор. 11:3). Ахԥатәи, ҳахьынхо адунеи аҳәатәхамҵара алаҽны иҟоуп (Еф. 2:2). Ҳара ииашам ҳгәаҳәарақәеи, Аҩсҭаа инырреи, идунеи анырреи ҳарҿагылалароуп, насгьы Иегова амчра зиҭази иареи ҳарзыӡырҩларц азы аџьабаа ҳбалароуп. w23.10 6, абз. 1
Аԥшьаша, октиабр 2
Уара уакәзар, аҩы бзиа уажәоуп ианцәыруго (Иоанн 2:10).
Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы? Ҳара аԥагьара ҳаламзароуп. Иисус аӡы аҩы ахьалихыз дахыҽхәаӡомызт. Иара ахаангьы иқәҿиарақәа дырхыҽхәаӡомызт. Иисус аԥагьара илаӡамызт, насгьы еснагь ахьӡ-аԥша Иаб ииҭон (Иоанн 5:19, 30; 8:28). Ҳара Иисус иеиԥш аԥагьара ҳаламзар, ҳақәҿиарақәа ҳархыҽхәалаӡом. Шәааи ҳхы арҽхәара аҭыԥан, зымаҵ аура ҳаҭәашьоу Анцәа дҳарҽхәалап (Иер. 9:23, 24). Шәааи иара дзыԥсоу ахьӡ-аԥша иаҳҭалап. Акыр ҳалшарызма ҳара Иегова ицхыраара ада? (1 Кор. 1:26—31). Ҳара аԥагьара ҳаламзар, егьырҭ ирзыҟаҳҵо азы ҳдырҽхәалоит ҳәа ҳазыԥшлаӡом. Иегова иҟаҳҵо ахьибо, насгьы ахә ахьишьо ҳазхалоит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 6:2—4; Аур. 13:16.) Ҳәара аҭахума, Иегова даараӡа деигәырӷьоит Иисус иеиԥш аԥагьара шҳалам анибо (1 Пиотр 5:6). w23.04 4, абз. 9; 5, абз. 11, 12