Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Амҽыша, ииуль 27

Ргәы шьҭ[ышәхла], аха уи адагьы... [и]ахьиашам д[шәырбала] (Тит 1:9).

Доуҳала ишәу уаҩны уҟаларц азы аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа урҳалароуп. Урҭ уцхраауеит аизараҿы иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара, ухи уҭаацәеи рныҟәгара иуцхраауа аусура аԥшаара, иара убас егьырҭ ауааи уареи аизыҟазаашьа бзиақәа умазаауеит. Иаҳҳәап, ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Абиблиаҿы иануп есыҽны Анцәа Иажәа иаԥхьо, насгьы иазхәыцуа ауаҩы анасыԥи ақәҿиареи шимазаауа (Аԥсал. 1:1—3). Уара есыҽны Абиблиа уаԥхьозар, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа уҵалоит. Убасҟан иудукыло аӡбарақәа угәаанагара акәымкәа, абиблиатә принципқәа рныԥшлоит (Ажәам. 1:3, 4). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҭахуп арҵара иазҟазоу, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа рыҭара зылшо ахацәа рыцхыраара. Уара ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи удыруазар, аизараҿы уҭак бзиақәеи уажәахәқәеи рыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара урӷәӷәалоит. Уи адагьы, убасҟан уара иулшоит иугәаԥхо азхәыцрақәа џьара иануҵалар. Уи ухаҵарагьы арӷәӷәоит, егьырҭ ргәы ашьҭыхрагьы иуцхраалоит. w23.12 26—27, абз. 9—11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, ииуль 28

Шәара ишәыцу дара ирыцу иаасҭа деиҳауп (1 Иоанн 4:4).

Шәара ашәара аншәызцәырҵуа, Аҩсҭаа даныҟамло Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵо шәазхәыцла. 2014 шықәсазы имҩаԥысыз арегионалтә конгресс аҿы иҟаз аинсценировкақәа руак аҟны аб иҭаацәеи иареи 2 Тимофеи 3:1—5 аҿы џьанаҭ дгьыл аӡбахә аҳәозҭгьы, уа иану ажәақәа зеиԥшрахоз иалацәажәон: «Адунеи ҿыц аҿы даара аамҭа бзиақәа ҟалоит, ауаа ргәы ҭбаазаауеит, аҵабырг бзиа ирбалоит, рхы ҳарарклаӡом, иҟәымшәышәзаауеит, Анцәа дҳарарклоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлоит, ҭабуп аҳәашьа рдыруазаауеит, ирзааигәоу ауаа карыжьлаӡом, агәыбылра рымазаауеит, аинышәара иазхиазаауеит, егьырҭ рзы абзиара мацара рҳәалоит, аҽынкылара рымазаауеит, итатазаауеит, абзиара бзиа ирбалоит, урықәгәыӷыртә иҟазаауеит, рҳәатәы иадыргалаӡом, ахынраалара рылазаауеит, ақьафура аасҭа Анцәа еиҳа бзиа дырбалоит, гәык-ԥсыкала Анцәа изыҟазаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа ҩызцәас иумаз». Шәалацәажәома шәҭаацәеи ма шәҩызцәеи шәареи адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо? w24.01 6, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, ииуль 29

Сара сузыразуп (Лука 3:22).

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова имаҵзуҩцәа гәыԥк еиԥш дшырзыразу. Абиблиаҿы иануп: «Иегова ижәлар данрыхәаԥшуа, дгәырӷьоит» (Аԥсал. 149:4). Аха зны-зынла ҳгәы каҳаны абас ҳхәыцуазар алшоит: «Дысзыразума Иегова сара хаҭала?» Абиблиаҿы иануп Иегова гәыкала имаҵ зуаз, аха зны-зынла абас еиԥш ахәыцрақәа зызцәырҵуаз ауаа рыӡбахә (1 Сам. 1:6—10; Иов 29:2, 4; Аԥсал. 51:11). Абиблиа иаҳнарбоит Иегова инаӡам ауаа дырзыразхар шалшо. Иҟаҵатәузеи уи азы? Уи азы Иисус Христос иахь ахаҵара еизҳарҳароуп, аӡгьы ҳаҽӡааҳхроуп (Иоанн 3:16). Уи ала иааҳарԥшуеит ҳагәнаҳақәа ҳашрыхьхәыз, насгьы Анцәа игәҭакы шынаҳагӡало ала ажәа шиаҳҭаз (Аус. 2:38; 3:19). Иегова игәы иахәоит ҳаиҩызахарц азы арҭ ашьаҿақәа аныҟаҳҵо. Иегова ҳҽанизаҳкыз иаҳҭаз ажәа ҳазиашанаҵы Иегова даҳзыразызаауеит, насгьы иҩызцәа гәакьақәаны ҳиԥхьаӡалоит (Аԥсал. 25:14). w24.03 26, абз. 1, 2

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра