Ииуль
Аҩаша, ииуль 1
Уи ауаа абзиарақәа рзыҟаҵо... [и]хәышәтәуа, атәыла зегь д[алсуан] (Аус. 10:38).
Иисус ииҳәоз-ииуаз зегьы, иҟаиҵоз аџьашьахәқәагьы уахь иналаҵаны, Иаб ихәыцшьеи ицәаныррақәеи рныԥшуан (Иоанн 14:9). Иаҳдырҵар рылшозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа? Иисус Иаби иареи даараӡа бзиа ҳарбоит. Иисус Анцәа иҟынтә иоуз амч игәаҟуаз ауаа дрыцхраарц азы ихы иахьаирхәоз, урҭ бзиа ишибоз аанарԥшуан. Ҽнак зны зыла иамбоз ҩыџьа ауаа Иисус дрыцхраарц азы иҳәон (Матф. 20:30—34). Иазгәашәҭ Иисус урҭ рыцҳаишьан, ихәышәтәит ҳәа шану. «[И]рыцҳаишьан» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба аӡә ихьаа угәаҵанӡа ишнеиз аанарԥшуеит. Иисус иааирԥшуаз арыцҳашьара абзиабара аныԥшуан. Уи ауп амла иакуаз ауаа акрырҿаҵареи ацәеилабаара змаз ауаҩы ихәышәтәреи игәазҭазҵазгьы (Матф. 15:32; Марк 1:41). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит гәыкала ҳрыцҳазшьо Анцәа Иԥеи иареи даараӡа бзиа ҳшырбо, насгьы ҳашгәаҟуа анырбо уи ахьаа шырзаанаго (Лука 1:78; 1 Пиотр 5:7). Дара агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи рҵыхәтәа анԥырҵәо аамҭа даара иазыԥшуп! w23.04 3, абз. 4, 5
Ахаша, ииуль 2
Иегова бзиа дызбо, ацәгьара шәцәымӷыз. Иара изиашоу рыԥсы ихьчоит, ицқьам ауаа цәгьақәа рнапқәа ирцәихьчоит (Аԥсал. 97:10).
Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿаҳамҵаарц. Иаҵанакуазеи уахь? Ҳара Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи рыла ҳахшыҩ ихәарҭоу ахәыцрақәа рыла иҳарҭәлароуп. Уи адагьы, ҳара ҳахшыҩ ҳахьчоит аизарақәа бжьаҳмыжьлар, насгьы ажәабжь ҳҳәалар. Убасҟан Иегова ҳақәиргәыӷуеит ҳамч зықәхо аасҭа еиҳау аԥышәара ҳақәшәартә шиимуа (1 Кор. 10:12, 13). Иахьатәи иуадаҩу аамҭақәа раан Иегова гәыкала имаҵ ҳауларц азы уаанӡа аасҭа еиҳаны Анцәа ҳиҳәалароуп. Иегова иҭахуп шәгәы иҭоу зегьы изеиҭашәҳәаларц (Аԥсал. 62:8). Иегова дшәырҽхәала, насгьы ишәзыҟаиҵо зегьы рзы ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Ажәабжьҳәараҿы агәымшәара шәиҭаларц азы шәиҳәала. Ауадаҩрақәа ма шәхызхыр алшо акы шәанақәшәо, ацхырааразы шәиҳәала. Иегова есымша иҳәара аӡәы дышәԥырхагахартә, ма ак шәԥырхагахартә алшәмыршан. w23.05 7, абз. 17, 18
Аԥшьаша, ииуль 3
Аӡәи-аӡәи ҳаизхәыцлап... ...Аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахлап (Аур. 10:24, 25).
Избан ҳара аизарақәа ҳзырҭаауа? Избанзар раԥхьаӡа иргыланы Иегова ирҽхәара ҳҭахуп (Аԥсал. 26:12; 111:1). Иара убас ҳара арҭ иуадаҩу аамҭақәа раан ҳгәы шьҭибахларц азы аизарақәа ҳарҭаауеит (1 Фес. 5:11). Ҳнапы шьҭыхны аҭакқәа аныҟаҳҵо арҭ аҩ-хықәкык наҳагӡоит. Аха ҳара аҭакқәа рыҟаҵара иаҳԥырхагахар алшо ауадаҩрақәа ҳрықәшәар ауеит. Иаҳҳәап, аҭакқәа рыҟаҵара ҳшәозар алшоит. Мамзаргьы аҭакқәа рыҟаҵара даара иаҳҭахуп, аха ианҳзымҵаауа ыҟоуп. Убри аҟынтә шаҟа ҳҭаху аҭак ҳзыҟаҵаӡом. Иҳацхраар алшозеи ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? Апостол Павел «аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахла[рц]» ҳгәазҭеиҵеит. Ҳара ҳнапы ашьҭыхра еиҳа иаҳзымариахоит, ҳхаҵара зныԥшуа имариоу аҭакқәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭырхыр шрылшо еилаҳкаауазар. Аха шаҟа ҳҭаху иаҳзымҵаауазар, ҳара ҳгәырӷьалар ҳалшоит егьырҭгьы аҭакқәа рыҟаҵара ахьрылшо (1 Пиотр 3:8). w23.04 20, абз. 1—3
Ахәаша, ииуль 4
[Шәца]... Иерусалимҟа, насгьы... Иегова иҩны еиҭашьақә[шәыргыл] (Езд. 1:3).
Аҳ адҵа ҟаиҵеит! 70 шықәса раҟара Вавилон итҟәаны иҟаз ауриацәа уажәшьҭа Израильҟа ихынҳәыр рылшон (Езд. 1:2—4). Иегова ида уи аҩыза зыҟаломызт, избанзар Вавилонҟа итҟәаны иргоз шамахамзар иоурышьҭӡомызт (Ис. 14:4, 17). Аха Вавилонтәи аимпериа хыбгалеит, насгьы иҿыцыз анапхгаҩы ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәыр шрылшо иҳәеит. Ауриацәа зегьы, еиҳараӡак аҭаацәара ахадацәа, ирыӡбар акәын: Вавилон иаанхару, мамзаргьы Израильҟа ицару. Аӡбара адкылара мариаӡамызт. Зықәрахь инеихьаз аӡәырҩы ауаа имариамыз уи амҩа анылара рцәыцәгьан. Иара убас ауриацәа реиҳараҩык Вавилон иит, ирызҳаит. Рыҩны уа акәын иахьыҟаз. Израиль акәзар, анкьа зны рабацәа ахьынхоз адгьыл еиԥш акәын ишырдыруаз. Уи адагьы, ауриацәа шьоукы Вавилон иахьыҟаз ибеиахазар ҟалап. Убри аҟынтә иманшәалаз рыҩнқәеи аизҳазыӷьара иаҿыз рбизнеси ааныжьны, ирзымдыруаз адгьыл ахь ицаны, ҿыц анхара рцәыцәгьазҭгьы ҟалон. w23.05 14, абз. 1, 2
Асабша, ииуль 5
Шәҽырхианы шәыҟаз (Матф. 24:44).
Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵоит ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи раарԥшра. Лука 21:19 аҿы иануп: «Ачҳара аарԥшны зегь ахьышәхыжәго абзоурала шәыԥсы еиқәшәырхоит». Колоссаа 3:12 ҳгәазҭанаҵоит: «Ишәшәышәҵа... арыцҳашьара». 1 Фессалоникаа 4:9, 10 аҿы иануп: «Анцәа ихаҭа бзиа шәшеибабалаша шәирҵеит. ...Аха уеизгьы, ҳашьцәа, еиҳаны абзиабара аашәырԥшларц шәгәазҭаҳҵоит». Арҭ ажәақәа захь ирхаз ақьырсианцәа ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи раарԥшышьа рҵахьан. Аха дара анаҩсгьы урҭ аҟазшьақәа еиӷьыртәлар рыхәҭан. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалар ауп. Ишәыцхраар алшои уи аҿы? Шәазхәыц актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа арҭ аҟазшьақәа шаадырԥшуаз, насгьы урҭ шәырҿыԥшлар шшәылшо. Уи шәыцхраауеит арыцҳара ду шәазыҟаҵоу-шәазыҟаҵаму аилкаара, насгьы ауадаҩрақәа раан ачҳара аарԥшышьа шәнарҵоит, убас ала арыцҳара ду аан уи аҟазшьа аарԥшра еиҳагьы ишәзымариахоит. w23.07 2, абз. 4; 3, абз. 8
Амҽыша, ииуль 6
Уа идуу амҩа ҟалоит... Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа (Ис. 35:8).
Ҳара Иԥшьоу адоуҳала иалху ҳакәзаргьы, «егьырҭ ауасақәа» рахь ҳаҵанакуазаргьы, «Иԥшьоу амҩа» ҳанымҵӡакәа ҳцалароуп (Иоанн 10:16). Избанзар уи адоуҳатә џьанаҭ иагәылганы игоуп, насгьы Аҳра аҵаҟа иҟало аԥсҭазаара бзиа ахь ҳнанагоит. 1919 шықәса раахыс миллионҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, адунеи зегь аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа аазырԥшуа Вавилон ду ааныжьны, ари амҩа ианылеит. Иегова Вавилон иалҵыз ауриацәа амҩан акгьы рԥырхагамхартә иҟаиҵеит (Ис. 57:14). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи иахьа ҳазныланы ҳцо «Иԥшьоу амҩа» азы? Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа 1919 шықәсанӡа Иегова иара ицәшәоз ахацәа шьоукы ихы иаирхәеит, Вавилон ду аҟынтә иаауаз амҩа арыцқьаразы. (Иаҿшәырԥш Исаиа 40:3.) Дара уи азы иаҭахыз аусурақәа зегь ҟарҵеит, ԥыҭрак ашьҭахь гәыкала иҟаз ауаа Вавилон ду иалҵны, ицқьоу амҵахырхәара ахьеиҭашьақәыргылаз адоуҳатә џьанаҭ ахь инеирц азы. w23.05 15—16, абз. 8, 9
Ашәахьа, ииуль 7
Шәгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ жәула. Шәгәырӷьабжь го иҿаԥхьа шәгыл (Аԥсал. 100:2).
Иегова иҭахуп агәырӷьара ҳаманы гәыкала имаҵ ҳаулар (2 Кор. 9:7). Иаанагома уи иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы агәаҳәара ҳамамзар, ҳхы аџьабаа аҳмырбалароуп ҳәа? Ҳахәаԥшып апостол Павел иҿырԥшы. Иара иҳәеит: «Сцәеижь сыбжьоит» (1 Кор. 9:25—27). Павел Иегова ииҭахыз аҟаҵаразы агәаҳәара анимамызгьы, уи мчыла иҟаиҵон. Игәы иахәозма Иегова Павел имаҵзура? Ҳәарада! Анцәа Павел иџьабаа азы дизылԥхеит (2 Тим. 4:7, 8). Павел иҿырԥшы иаҳнарбоит ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамамгьы, ҳхы аџьабаа анадаҳбало, уи Иегова дшаргәырӷьо. Иара игәаԥхоит иҟаҳҵо зыҟаҳҵо иара бзиа дахьаҳбо азы шакәу анибо, иҟаҳҵо бзиа иҳамбозаргьы. Иегова апостол Павел дшизылԥхоз еиԥш, ҳаргьы ҳџьабаа дазылԥхоит (Аԥсал. 126:5). Уи анаҳбалак, иара игәаԥхо аҟаҵара еиҳагьы иаҳҭаххоит. w23.05 29, абз. 9, 10
Аҩаша, ииуль 8
Иегова имш... [ааиуеит] (1 Фес. 5:2).
Иегова имш зызхымго ауаа апостол Павел ицәоу ирыҿирԥшит. Дара рыкәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәеи аамҭа шцои рбаӡом, убри аҟынтә дара ихадоу ахҭысқәа рызгәаҭаӡом, мамзаргьы акгьы рзыҟаҵаӡом. Иахьа ауаа реиҳараҩык доуҳала ицәоуп (Рим. 11:8). Дара хьаасгьы иркӡам ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо, насгьы иаарласны арыцҳара ду шалаго узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа (2 Пиотр 3:3, 4). Аха шәлахҿыхыз ҳәа ақьырсианцәа ирыҭоу алабжьара аамҭа цацыԥхьаӡа ҳара ҳзы еиҳа-еиҳа ихадахоит (1 Фес. 5:6). Убри аҟынтә, агәҭынчреи аҟәышреи ҳҭахуп. Избан? Ари адунеи аусқәа ҳаҽрылаҳамгалаларц азы. Ҳара аполитикатә зҵаарақәа, мамзаргьы ажәлар ишьҭырхуа азҵаарақәа рҿы аӡәы иган аанаҳкыларц иҳақәыӷәӷәозар ауеит. Иегова имш ааигәахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иҳақәыӷәӷәалоит, аха ҳара урҭ ираҳҳәарызеи ҳәа ҳшәалар акәӡам. Анцәа идоуҳа ҳацхраауеит агәҭынчра амырӡреи, аҟәышра аарԥшреи, иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи (Лука 12:11, 12). w23.06 9—10, абз. 6, 7
Ахаша, ииуль 9
Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, суҳәоит... сугәаларшәа, насгьы сырӷәӷәа (Аӡб. 16:28).
Шәхаҿы иааиуазеи ахьӡ Самсон аншәаҳауа? Иҟалап амч дуӡӡа змаз Анцәа имаҵзуҩы шәхаҿы дааиуазар. Ааи, иара даара дыӷәӷәан. Аха зны Самсон иҽеим аӡбара идикылеит, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит. Ус шакәызгьы, Иегова Самсон гәыкала изыҟаз имаҵзуҩ иакәны диԥхьаӡон. Убри аҟынтә уи ихҭыс ҳара хәарҭа ҳзаанагарц азы Абиблиа ианырҵартә иҟаиҵеит. Иегова иалихыз ажәлар Израиль дрыцхрааларц азы, Самсон ила аус џьашьахәқәа ҟаиҵон. Самсон данԥсы ашьҭахь ашәышықәсақәа анҵы, Иегова апостол Павел игәазҭеиҵеит ахаҵара ӷәӷәа змаз ауаа анеиқәиԥхьаӡоз, Самсонгьы дырхиԥхьаӡаларц (Аур. 11:32—34). Самсон Иегова диқәгәыӷуан, уи анымариамызгьы. Самсон иҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп, насгьы иҿырԥшы ҳгәы шьҭнахыр алшоит. w23.09 2, абз. 1, 2
Аԥшьаша, ииуль 10
Анцәа шәиҳәала (Флп. 4:6).
Ҳара еиҳагьы ачҳара аарԥшышьа ҳҵоит ҳгәы иҵхо зегьы лассы-лассы, насгьы гәаартыла Иегова изеиҭаҳҳәалар (1 Фес. 5:17). Иҟалап шәара уажәы аԥышәара ӷәӷәақәа шәымамзар. Аха шәхы шәазҵаа: «Акы сгәы анканажьуа, мамзаргьы иҟасҵара анысзымдыруа, Иегова ацхырааразы сиҳәома?» Шәзықәшәо иарбан уадаҩразаалакгьы Анцәа иҳәара шьцыларас ишәымазар, аԥышәара ӷәӷәа шәанақәшәогьы ацхырааразы Анцәа иҳәара шәзымариахоит. Шәара агәра ганы шәыҟазаауеит иара дышшәыцхрааша, насгьы даншәыцхрааша бзианы ишидыруа (Аԥсал. 27:1, 3). Ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ачҳара аарԥшны урҭ ҳхаҳгозар, арыцҳара ду аан ачҳара аарԥшра еиҳа иаҳзымариахоит (Рим. 5:3). Избан уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо? Аишьцәа аӡәырҩы игәарҭеит, ԥышәарак ианақәшәоз ачҳара аарԥшны уи анырхыргоз, уи ашьҭахь изықәшәоз аԥышәара ахгара еиҳа ишырзымариаз. Уи Иегова рааигәа дшыҟоу, насгьы дышрыцхраауа ала рхаҵара арӷәӷәон. Ахаҵара ӷәӷәа уи ашьҭахь изықәшәоз аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшны зегь ахгара ирыцхраауан (Иак. 1:2—4). w23.07 3, абз. 7, 8
Ахәаша, ииуль 11
Уҳәара насыгӡоит (Аҟаз. 19:21).
Иегова дԥагьаӡам, насгьы арыцҳашьара илоуп, убри азоуп иҳәатәы мацара изаимырго. Иаҳҳәап, Иегова Содом инхоз ауаацәгьақәа рықәгара игәы ианҭаз аԥагьара ааимырԥшӡеит. Амаалықьцәа рыла Иегова ауаҩ иаша Лот иеиҳәеит, аамҭа мгаӡакәа ашьхарахь дцарц. Аха Лот дшәан, Иегова иҳәара далагеит, иҭаацәеи иареи Цоарҟа ицарц азин риҭарц. Цоар — Иегова зықәгара игәы иҭаз рацәак идумыз қалақьын. Иегова Лот иеиҳәар илшон ажәак мҳәакәа иеиҳәаз ҟаиҵарц. Аха Иегова Лот дзызиҳәаз ҟаиҵеит, уи азы Цоар даламкьысӡакәа иаанижьыр шакәхазгьы (Аҟаз. 19:18—22). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова Ниневиа инхоз ауаа рыцҳаишьеит. Иара урҭ рахь аԥааимбар Иона дишьҭит, ақалақьгьы уа инхоз ауаагьы шықәгахо реиҳәарц азы. Аха Ниневиа инхоз ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәит. Убри аҟынтә Иегова урҭ рыцҳаишьеит, ақалақьгьы даламкьысӡеит (Иона 3:1, 10; 4:10, 11). w23.07 21, абз. 5
Асабша, ииуль 12
[Иоас] дыршьит. ...Аха аҳцәа ахьыржуаз аҭыԥ аҿы акәӡам дахьыржыз (2 Аш. 24:25).
Иаҳнарҵозеи Иоас ихьыз? Иара здацқәа ҵаулам, аҵаргәақәа рыда икаҳауа аҵла даҩызан. Аҵаргәа изаҩызаз Иодаи даныҟамла, аԥша анасуа аарла игылоу аҵла шкаҳауа еиԥш, Иоас Анцәа даанзыжьыз ауаа анырра ирҭо ианалага, дкаҳаит. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ма ҳҭаацәара иатәу анырра бзиа ахьҳарҭо мацаразы акәымзароуп Анцәа ҳазицәшәо. Ҳхаҵара ӷәӷәазарц азы ҳара ҳхаҭа Анцәа гәыкала ҳаизыҟазароуп, насгьы ҳицәшәалароуп. Уи азы есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалароуп, ҳзыԥхьо ҳазхәыцлароуп, насгьы Анцәа ҳиҳәалароуп (Иер. 17:7, 8; Кол. 2:6, 7). Иегова ҳара ҳҟынтә амцхә дазыԥшӡам. Иара ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу иааркьаҿны Екклезиаст 12:13 аҿы иануп: «Анцәа уицәшәала, иԥҟарақәагьы урықәныҟәала. Убри ауп ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу». Ҳара Анцәа ҳицәшәозар, аԥхьаҟа ҳзықәшәо аԥышәарақәа ҳхаҳгоит, насгьы ҳшыӷәӷәоу ҳаанхоит. Убасҟан Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара акгьы аԥырхагахаӡом. w23.06 19, абз. 17—19
Амҽыша, ииуль 13
Абар, сара зегь ҿыцны исшоит! (Аат. 21:5).
5-тәи ажәеинраала абас иалагоит: «Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит» (Аат. 21:5а). Ашәҟәы Аатра аҿы Иегова аӡәы ила акәымкәа, ихаҭа данцәажәоз х-ҭагылазаашьак ануп. Ари урҭ ируакуп. Ус анакәха, уа иану шынаӡо агәра ҳзырго амаалықь иакәӡам, зыԥсы ҭалаз Иисусгьы иакәӡам, уи ҳазҳәо Иегова ихаҭа иоуп. Уи анаҩс иану ажәақәа еиҳагьы агәрагара ишаԥсоу ҳнарбоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иегова «амц ззымҳәо» иоуп (Тит 1:2). Убас ала 5-тәи ажәеинраала алагамҭа агәра ҳнаргоит Аатра 21:5, 6 аҿы иану агәра агара ишаԥсоу. Ҳрылацәажәап ажәақәа «сара зегь ҿыцны исшоит». Аоригинал бызшәаҿы арҭ ажәақәа злалаго ажәа ашәҟәы Аатра аҿы акырынтә иуԥылоит. Ианузеи, нас, анаҩс? Иазгәашәҭ Иегова «сара исшалоит» ҳәа акәым, «сара исшоит» ҳәа шиҳәаз. Анцәа ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аиҭакрақәа аҟалара иаҿу акы еиԥш дахцәажәоит. Ус анакәха, иара иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ганы дыҟоуп (Ис. 46:10). w23.11 3—4, абз. 7, 8
Ашәахьа, ииуль 14
Ашҭагьы дынҭыҵын, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит (Матф. 26:75).
Апостол Пиотр зны-зынла агхақәа ихьуан. Абар ҿырԥштәқәак. Иисус абиблиатә ԥааимбаражәақәа наӡарц азы дгәаҟны дыԥсыр шакәыз аниҳәа, Пиотр уи аҩыза ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳәеит (Марк 8:31—33). Егьырҭ апостолцәеи иареи ҳауа еиҳада ҳәа зныкымкәа ажәа еимаркуан (Марк 9:33, 34). Иисус иԥсра уахык шагыз Пиотр игәы ԥжәан, аҳәа ааҭиган, ауаҩы илымҳа ҿахиҵәеит (Иоанн 18:10). Убри аухаҵәҟьа иара дшәаны, хынтә Иисус дсыздырӡом ҳәа иҳәеит, уи иҩыза гәакьа шиакәызгьы (Марк 14:66—72). Уи ашьҭахь Пиотр еимаҭәаны дҵәыуон. Иисус иапостол игәы ихымшәаӡеит. Иара идыруан Пиотр уеизгьы бзиа дшибоз, уи шьақәирӷәӷәарцгьы алшара ииҭеит. Иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус Пиотр дизнеин, ус иеиҳәеит: «Ссарақәа уреиҷаҳала». Пиотр дгәырӷьаҵәа уи адҵа идикылеит (Иоанн 21:15—17). Иерусалим Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иисус иҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адоуҳа анроу, Пиотр урҭ дрылан. w23.09 22, абз. 6, 7
Аҩаша, ииуль 15
Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла (Иоанн 21:16).
Апостол Пиотр аизара ахылаԥшыҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала» (1 Пиотр 5:1—4). Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшҩы, ҳара иаҳдыруеит уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи бзиа ишубо, урхылаԥшларцгьы шуҭаху. Аха зны-зынла уахьеилахо ма уахьааԥсо иахҟьаны, иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара улымшошәа угәы иабозар ауеит. Иҟауҵар улшозеи ус ухы убозар? Угәҭыхақәа Иегова изеиҭаҳәала. Пиотр иҩит: «Егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп» (1 Пиотр 4:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа иҟалап адунеи ҿыц аҿы акәзар ианыӡбахо. Аха иухоумыршҭлан «ахьча хада» Иисус Христос урҭ рзы уара умч зқәымхо ҟаиҵар шилшо. Иҟоуп уажәы иҟаиҵо, иҟоуп аԥхьаҟа иҟаиҵо. Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә дыззыԥшу — рашьцәа бзиа ирбаларц, ирхылаԥшларц, насгьы аҿырԥш бзиа рырҭаларц мацара ауп. w23.09 29—30, абз. 13, 14
Ахаша, ииуль 16
Иегова идыруеит иҟәышу ирхәыцуа ҵак шамам (1 Кор. 3:20).
Ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәа ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Ҳара ари адунеи иатәу ауаа реиԥш ахәыцра ҳалагар, хәыҷы-хәыҷла Иеговеи иара инормақәеи ҳхашҭыр алшоит (1 Кор. 3:19). Лассы-лассы «ари адунеи аҟәыӷара» ауаа Анцәа изымӡырҩра ргәазҭанаҵоит. Пергами Фиатиреи инхоз ақьырсианцәа шьоукы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, насгьы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа рхәаԥшышьа рҿырҵааит. Иисус урҭ аҩ-еизарак шиашамыз аартны иреиҳәеит, избанзар дара иламысдараз ахымҩаԥгашьа рычҳауан (Аат. 2:14, 20). Иахьагьы иааҳакәыршаны ииашам агәаанагарақәа рацәаны иҟоуп. Ҳҭаацәара иатәуи иаҳдыруа ауааи ҳаламыс иҳаҵанаҳәо акәымкәа, ҳцәаныррақәа ҳрызхәыцларц ҳабжьаргоит. Дара ирҳәозар алшоит абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа, насгьы ҳгәаҳәарақәа иҳаҵарҳәо аҟаҵара цәгьарас акгьы аҵаӡам ҳәа. Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова иҳаиҭо амҩақәҵарақәа маҷцәоуп ҳәа. Убри аҟынтә Иԥшьоу Аҩыра иану ҳахыԥарц ҳҭаххар ауеит (1 Кор. 4:6). w23.07 16, абз. 10, 11
Аԥшьаша, ииуль 17
Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп (Ажәам. 17:17).
Мариа, Иисус иан, Иегова игәҭакы налыгӡарц азы иара иҟынтә амч лҭахын. Амаалықь Гавриил иҟынтә лара еилылкааит хаҵа дшымцацызгьы лцәалтәымкәа дшыҟалоз. Мариа ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥышәа лымаӡамызт, аха Мессиа иакәны иҟалоз ахәыҷы длааӡар акәын! Иара убас лара дызгараны иҟаз Иосиф диацәажәар акәын. Ишԥеизеиҭалҳәари лцәалтәымкәа дызлаҟалаз, ахаҵа дшылымбацызгьы? (Лука 1:26—33). Ишԥалоуи Мариа амч? Лара егьырҭ рҿы ацхыраара дашьҭан. Иаҳҳәап, Гавриил диҳәеит лыдҵа еиӷьны илеилиркаарц (Лука 1:34). Уи ашьҭахь хара имгакәа лара «иудатәи ашьхаҿы ишьҭаз ақалақь» аҟны инхоз лыуа Елизавета лахь дцеит. Елизавета Мариа длырҽхәеит, насгьы иираны иҟаз лԥа изкны иԥшьоу адоуҳа аԥааимбаражәа лнарҳәеит (Лука 1:39—45). Мариа илҳәеит Иегова «имчала аус дуқәа ҟаиҵеит» ҳәа (Лука 1:46—51). Гавриили Елизаветеи рыла Иегова Мариа дирӷәӷәеит. w23.10 14—15, абз. 10—12
Ахәаша, ииуль 18
[Иара] аҳцәас ҳҟа[иҵеит], Иаби Инцәеи изы ԥшьаҩцәас ҳҟа[иҵеит] (Аат. 1:6).
144 000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иҵаҩцәа ажәҩан аҿы иара ԥшьаҩцәас амаҵ ицрулоит (Аат. 14:1). Урҭ адгьыл аҿы инхонаҵы Анцәа иԥшьоу адоуҳала иалихуеит, насгьы ԥацәас иҟаиҵоит. Иԥшьоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Анцәеи дареи ирыбжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа (Рим. 8:15—17). Иԥшьаӡоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Иегова дахьыҟоу ажәҩан. Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ирыбжьоу «аԥарда» иаанарԥшуеит Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имаз ацәеижь. Иара адгьыл аҿы дынхонаҵы ажәҩан ахь дызцаӡомызт. Аха ауаа ҿихырц азы ицәеижь кәырбанс ианнеига ашьҭахь, Иисус ажәҩан ахь дхалеит, насгьы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи аԥсҭазаарахь амҩа рзааиртит. Жәҩантәи рҳамҭа роурц азы даргьы ауаҩытәыҩсатә цәеижь аанрыжьроуп (Аур. 10:19, 20; 1 Кор. 15:50). w23.10 28, абз. 13
Асабша, ииуль 19
Аамҭа сызхаӡом Гедеон... [и]ӡбахә аҳәаразы (Аур. 11:32).
Ефремаа Гедеон ирџьара ианалага, иара хаала аҭак риҭеит (Аӡб. 8:1—3). Иара урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа дырзыӡырҩит, насгьы ргәы ирҭынчит. Аҟәыӷара злоу аизара ахылаԥшыҩцәагьы Гедеон иҿыԥшуеит. Аӡәы ак анигәамԥхо дара изыӡырҩуеит, насгьы хаала аҭак ҟарҵоит (Иак. 3:13). Убас дара аизараҿы аҭынчра рыхьчоит. Гедеон мадианаа дахьыриааиз азы ирҽхәара ианалага, иара ахьӡ-аԥша ихахьы имгакәа, Иегова ирҽхәара далагеит (Аӡб. 8:22, 23). Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Гедеон иҿыԥшлар? Дара уск бзианы ирзалҵуазар, ахьӡ-аԥша Иегова ирҭалароуп (1 Кор. 4:6, 7). Иаҳҳәап, аӡәы аизара ахылаԥшҩы илоу арҵаратә ҟазаразы дирҽхәозар ауеит. Убасҟан аизара ахылаԥшҩы уи игәалаиршәар илшоит ҳара зегьы аҵара ҳзырҵо Анцәа Иажәеи иорганизациеи шракәу. Аизара ахылаԥшҩы «схы ӡырсымгаӡои?» ҳәа зны-зынла ихы дазҵаалар бзиоуп. w23.06 4, абз. 7, 8
Амҽыша, ииуль 20
Сара схәыцрақәа шәхәыцрақәа иреиԥшӡам (Ис. 55:8).
Анцәа ҳзызиҳәаз аҭак ҟаимҵозар, ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Анцәа ҳзызиҳәо иаҭахыҵәҟьоу аума?» Лассы-лассы ҳгәы иаанагоит ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу ҳдыруеит ҳәа. Аха Иегова еиҳа идыруеит. Уадаҩрак ҳамазар, Иегова уи шыӡбатәу еиҳа еиӷьны идыруазар ҟалап, ҳара ҳгәы ишаанаго еиԥш акәымкәа. Ҳаҳәарақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылозаргьы алшоит (1 Иоанн 5:14). Шәааи ҳалацәажәап рхәыҷы аҵабырг аанимыжьырц азы Иегова иҳәо аҭаацәа рҿырԥшы. Уи а́ҳәара цәгьарас ҳәа акгьы аҵамшәа угәы иаанагар алшоит. Аха Иегова имаҵ аура мчыла аӡәгьы идицалаӡом, иара иҭахуп ҳаззегьы, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, имаҵ заҳуа ус ҳхаҭа иахьаҳаӡбаз азы акәзарц (Ҩынтә. 10:12, 13; 30:19, 20). Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷы аҵабырг игәаҵанӡа анагара Иегова дрыцхраарц азы иҳәалар еиҳа еиӷьуп. Усҟан дара рԥа ма рыԥҳа Иегова бзиа ибареи иҩызахареи ирыцхраауеит (Ажәам. 22:6; Еф. 6:4). w23.11 21, абз. 5; 23, абз. 12
Ашәахьа, ииуль 21
Шәгәы шьҭибахла (1 Фес. 4:18).
Уажәраанӡа ҳзыԥхьаз абзац аҿы абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо знеишьақәак еиқәыԥхьаӡан. Шәааи руак ҳалацәажәап. Павел иҳәеит: «Шәгәы шьҭибахла». Избан агәышьҭибахра егьырҭ рахь абзиабара аарԥшразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Абиблиатә еилыркаагак аҿы «агәы ашьҭыхра» ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит аԥышәара ӷәӷәа зхызго ауаҩы иааигәара аҟазаара. Ус анакәха, ауадаҩра иҭагылоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаҩы игәы анышьҭаҳхуа, имч ҭаҳҵоит, насгьы анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура ҳицхраауеит. Ҳашьа ма ҳаҳәшьа ргәы иҵхо аҳәара рҭаххацыԥхьаӡа ҳрывагылазар, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (2 Кор. 7:6, 7, 13). Агәышьҭибахреи арыцҳашьареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Арыцҳашьара злоу ауаҩы егьырҭ ргәы ашьҭыхра дашьҭоуп, ргәы иҭоу ахьаа иртәарц азы. Ус анакәха, ҳара раԥхьа ауаҩы дрыцҳаҳшьоит, нас игәы шьҭаҳхуеит. Ҳахәаԥшып «арыцҳашьара Аб», Иегова, иҿырԥшы. Абиблиаҿы иара «арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» ҳәа изҳәоуп (2 Кор. 1:3). w23.11 9—10, абз. 8—10
Аҩаша, ииуль 22
Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы (Рим. 5:3).
Ақьырсианцәа рҟынтә ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳалацәажәап апостол Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара Фессалоника инхоз аишьцәа иреиҳәеит: «Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит» (1 Фес. 3:4). Коринф инхоз ақьырсианцәа ракәзар, абас рзиҩит: «Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт» (2 Кор. 1:8; 11:23—27). Ақьырсиан дызну амҩа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыла иҭәуп (2 Тим. 3:12). Христос ишьҭа шәхыланы ацара анышәыӡба, шәҩызцәеи шәыуацәеи шәгәаӷ ркызар ауеит. Ма амцҳәара мап ахьацәышәкыз азы аусураҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар? (Аур. 13:18). Ма шәгәыӷра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭашәҳәо азы амчра знапаҿы иҟоу шәҿагылазар? Павел излеиҳәаз ала, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳгәырӷьалароуп. w23.12 10—11, абз. 9, 10
Ахаша, ииуль 23
Шәара арыцҳара сақәшәыршәеит (Аҟаз. 34:30).
Иаков ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәон. Иаков иԥацәа ҩыџьа — Симеони Левии — рҭаацәа ахьымӡӷ ддыргеит, насгьы Иегова ихьӡ дырԥхашьеит. Уи адагьы, Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль аҩбатәи рыҷкәын иаан ахшароура дахыԥсааит. Уи зегь азмырхаӡакәа, амлакра ӷәӷәа иахҟьаны, Иаков иқәрахь даннеихьаз Египетҟа нхара диасыр акәхеит (Аҟаз. 35:16—19; 37:28; 45:9—11, 28). Иаков абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дзықәиргәыӷыз шынаигӡо еснагь агәра игон. Иеговагьы иара дшизыразыз иирбон. Иаҳҳәап, Иегова Иаков дизылԥхон, абарақьаҭрагьы ииҭон. Шәхаҿы иаажәг, дыԥсхьеит ҳәа акыршықәса ирыԥхьаӡоз Иосиф даниба, Иаков Иегова ҭабуп ҳәа шиеиҳәоз! Ицхраазеи Иаков арҭ аԥышәарақәа зегь рыхгара? Иеговеи иареи реиҩызара бзиа (Аҟаз. 30:43; 32:9, 10; 46:28—30). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыргьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара ҳалшоит. w23.04 15, абз. 6, 7
Аԥшьаша, ииуль 24
Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы сыгхаӡом (Аԥсал. 23:1).
Аԥсалом 23 — уи Давид Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа ибзианы иуеилзыркаауа ашәоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иеговеи иареи ирыбжьоу агәыбылра ӷәӷәа аӡбахә иҳәоит, насгьы Иегова Сыхьчаҩ ҳәа изиҳәоит. Давид Анцәа игәра игоит аҟынтә амҩа ирбара азин ииҭоит. Уи амҩа данану иара агәҭынчра имоуп. Давид идыруан Иегова ибзиабара иԥсы ахьынӡаҭоу ишицзаало. Избан уи агәра ганы дзыҟаз? Давид ибон Иегова ибзианы дшихылаԥшуа, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам есыҽны ишииҭо. Иара идыруан Иеговеи иареи шеиҩызцәоу, иԥсҭазааралагьы дыширгәырӷьо. Убри азоуп агәра ганы дзыҟаз: иҟалалакгьы Иегова ахаан ихылаԥшра даҟәыҵӡом. Давид идыруан Иегова гәыкала бзиа дшибоз, убри аҟынтә акгьы дацәшәаӡомызт. Иара насыԥ иман, насгьы имаз изирхон (Аԥсал. 16:11). w24.01 29, абз. 12, 13
Ахәаша, ииуль 25
Ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит (Матф. 28:20).
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылақәа жәпакы рҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ҭынч ажәабжь аҳәара алшара роуит. Уи абзоурала аӡәырҩы ауаа Иегова деилыркааит. Уажәы Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегьы иқәынхо ауаа ираҳауеит. Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа иахьагьы Христос инапхгара иқәныҟәоит. Дара ирҭахуп аишьцәа ирырҭо аинструкциақәа Иеговеи Иисуси ргәаанагара аныԥшларц. Анаҩс араион ахылаԥшыҩцәеи аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәеи урҭ амҩақәҵарақәа аизарақәа ирырҭоит. Доуҳала иалху аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы аизарақәа рҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы Христос «иарӷьа напаҿы» иҟоуп (Аат. 2:1). Ҳәара аҭахума, урҭ аишьцәа наӡаӡам, насгьы зны-зынла агхақәа рыхьуеит. Моисеигьы, Иисус Навингьы, апостолцәагьы зны-зынла агхақәа ҟарҵон (Ахыԥхь. 20:12; Иис. Н. 9:14, 15; Рим. 3:23). Аха уеизгьы иҳаиҷаҳауа Христос амаҵуҩ ҟәыши аизара ахылаԥшыҩцәеи мҩақәиҵоит, уи анаҩсгьы иҟаиҵалоит. Убри аҟынтә аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла Христос иҳаиҭо амҩақәҵарақәа рыгәра ҳгалар ҳалшоит. w24.02 23—24, абз. 13, 14
Асабша, ииуль 26
Анцәа шәиҿыԥшла, избанзар шәара бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп (Еф. 5:1).
Иахьа Иегова дҳаргәырӷьалар ҳалшоит аԥхарреи, аџьшьареи, абзиабареи аарԥшны иӡбахә ҳҳәалар. Ҳара ажәабжь анаҳҳәо хықәкы хадас иҳамоу ауаа Иегова иҩызахара рыцхраара шакәу ҳхаҳаршҭӡом. Ҳара иаҳҭахуп бзиа иаҳбо Ҳаб ҳара ҳашихәаԥшуа еиԥш, даргьы ихәаԥшларц (Иак. 4:8). Ҳара иаҳгәаԥхоит ауаа Иегова изкны Абиблиа аҿы иану дырбара, илоу абзиабареи, аиашареи, аҟәыӷареи, амчи, егьырҭ зеиԥшыҟам иҟазшьақәеи шаанартуа. Уи адагьы, Иегова дҳарҽхәоит, насгьы дҳаргәырӷьоит, иҿыԥшразы есыҽны иҳалшо зегь аныҟаҳҵо. Уи абзоурала иҟалап егьырҭ ауаа ари адунеи иатәу ауаа ҳашреиԥшым гәарҭар, насгьы ус изыҟоу аилкаара рҭаххар (Матф. 5:14—16). Убасҟан ҳара ус ҳхы зымҩаԥаҳго деилыркааразы алшара ҳауеит. Уи абзоурала згәы цқьоу ауаа Анцәа иҩызахара рҭаххар ауеит. Иегова ҳмаҵзуреи ҳхымҩаԥгашьеи рыла данҳарҽхәо, дҳаргәырӷьоит (1 Тим. 2:3, 4). w24.02 10, абз. 7
Амҽыша, ииуль 27
Ргәы шьҭ[ышәхла], аха уи адагьы... [и]ахьиашам д[шәырбала] (Тит 1:9).
Доуҳала ишәу уаҩны уҟаларц азы аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа урҳалароуп. Урҭ уцхраауеит аизараҿы иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара, ухи уҭаацәеи рныҟәгара иуцхраауа аусура аԥшаара, иара убас егьырҭ ауааи уареи аизыҟазаашьа бзиақәа умазаауеит. Иаҳҳәап, ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Абиблиаҿы иануп есыҽны Анцәа Иажәа иаԥхьо, насгьы иазхәыцуа ауаҩы анасыԥи ақәҿиареи шимазаауа (Аԥсал. 1:1—3). Уара есыҽны Абиблиа уаԥхьозар, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа уҵалоит. Убасҟан иудукыло аӡбарақәа угәаанагара акәымкәа, абиблиатә принципқәа рныԥшлоит (Ажәам. 1:3, 4). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҭахуп арҵара иазҟазоу, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа рыҭара зылшо ахацәа рыцхыраара. Уара ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи удыруазар, аизараҿы уҭак бзиақәеи уажәахәқәеи рыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара урӷәӷәалоит. Уи адагьы, убасҟан уара иулшоит иугәаԥхо азхәыцрақәа џьара иануҵалар. Уи ухаҵарагьы арӷәӷәоит, егьырҭ ргәы ашьҭыхрагьы иуцхраалоит. w23.12 26—27, абз. 9—11
Ашәахьа, ииуль 28
Шәара ишәыцу дара ирыцу иаасҭа деиҳауп (1 Иоанн 4:4).
Шәара ашәара аншәызцәырҵуа, Аҩсҭаа даныҟамло Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵо шәазхәыцла. 2014 шықәсазы имҩаԥысыз арегионалтә конгресс аҿы иҟаз аинсценировкақәа руак аҟны аб иҭаацәеи иареи 2 Тимофеи 3:1—5 аҿы џьанаҭ дгьыл аӡбахә аҳәозҭгьы, уа иану ажәақәа зеиԥшрахоз иалацәажәон: «Адунеи ҿыц аҿы даара аамҭа бзиақәа ҟалоит, ауаа ргәы ҭбаазаауеит, аҵабырг бзиа ирбалоит, рхы ҳарарклаӡом, иҟәымшәышәзаауеит, Анцәа дҳарарклоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлоит, ҭабуп аҳәашьа рдыруазаауеит, ирзааигәоу ауаа карыжьлаӡом, агәыбылра рымазаауеит, аинышәара иазхиазаауеит, егьырҭ рзы абзиара мацара рҳәалоит, аҽынкылара рымазаауеит, итатазаауеит, абзиара бзиа ирбалоит, урықәгәыӷыртә иҟазаауеит, рҳәатәы иадыргалаӡом, ахынраалара рылазаауеит, ақьафура аасҭа Анцәа еиҳа бзиа дырбалоит, гәык-ԥсыкала Анцәа изыҟазаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа ҩызцәас иумаз». Шәалацәажәома шәҭаацәеи ма шәҩызцәеи шәареи адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо? w24.01 6, абз. 13, 14
Аҩаша, ииуль 29
Сара сузыразуп (Лука 3:22).
Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова имаҵзуҩцәа гәыԥк еиԥш дшырзыразу. Абиблиаҿы иануп: «Иегова ижәлар данрыхәаԥшуа, дгәырӷьоит» (Аԥсал. 149:4). Аха зны-зынла ҳгәы каҳаны абас ҳхәыцуазар алшоит: «Дысзыразума Иегова сара хаҭала?» Абиблиаҿы иануп Иегова гәыкала имаҵ зуаз, аха зны-зынла абас еиԥш ахәыцрақәа зызцәырҵуаз ауаа рыӡбахә (1 Сам. 1:6—10; Иов 29:2, 4; Аԥсал. 51:11). Абиблиа иаҳнарбоит Иегова инаӡам ауаа дырзыразхар шалшо. Иҟаҵатәузеи уи азы? Уи азы Иисус Христос иахь ахаҵара еизҳарҳароуп, аӡгьы ҳаҽӡааҳхроуп (Иоанн 3:16). Уи ала иааҳарԥшуеит ҳагәнаҳақәа ҳашрыхьхәыз, насгьы Анцәа игәҭакы шынаҳагӡало ала ажәа шиаҳҭаз (Аус. 2:38; 3:19). Иегова игәы иахәоит ҳаиҩызахарц азы арҭ ашьаҿақәа аныҟаҳҵо. Иегова ҳҽанизаҳкыз иаҳҭаз ажәа ҳазиашанаҵы Иегова даҳзыразызаауеит, насгьы иҩызцәа гәакьақәаны ҳиԥхьаӡалоит (Аԥсал. 25:14). w24.03 26, абз. 1, 2
Ахаша, ииуль 30
Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам (Аус. 4:20).
Ҳара Иисус иҵаҩцәа ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵуазар, аҳәынҭқарцәа уи азы азин ҳарымҭозаргьы. Иегова иҳадиҵаз ажәабжьҳәаратә ус анагӡара дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ауеит. Убри аҟынтә агәымшәареи аҟәыӷареи шәиҭарц, ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраарц азы шәиҳәала. Ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы аемоциа иадҳәалоу, ма даҽа чымазарак ҳаргәамҵуеит. Аӡәы изааигәоу ауаҩы иԥсра игәырҩоит. Даҽа шьоукы рҭаацәарақәа рҿы ауадаҩрақәа рымоуп. Иҟоуп ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо, насгьы даҽа уадаҩрақәак змоу. Аԥсабаратә рыцҳарақәа, апандемиа, насгьы аибашьрақәа ирыхҟьаны урҭ ауадаҩрақәа рыхгара еиҳагьы ицәгьоуп. Шәгәы иҭоу Иегова изеиҭашәҳәала. Шәзықәшәаз ауадаҩра ҩыза гәакьак ишизеиҭашәҳәарыз еиԥш иашәҳәала. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова дышәмыцхраар иуӡом! (Аԥсал. 37:3, 5). Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәозар, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы камыжьӡакәа иаҳхаҳгалоит (Рим. 12:12). Иегова имаҵзуҩцәа ирхырго идыруеит. Абиблиаҿы иануп иара «ацхырааразы рыҵәаабжь иаҳауеит» ҳәа (Аԥсал. 145:18, 19). w23.05 5—6, абз. 12—15
Аԥшьаша, ииуль 31
Еснагь Иҳақәиҭу игәы иақәшәо аилкаара шәашьҭаз (Еф. 5:10).
Ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа, Иегова ииҭаху еилаҳкаароуп, нас уи инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгароуп (Еф. 5:17). Аха излеилаҳкаауеи Анцәа ииҭаху? Уи азыҳәан ҳҭагылазаашьа иақәшәо абиблиатә принципқәа ҳаԥшаароуп. Иҳаԥшааз апринцип ҳхы иаҳархәар, иҳадаҳкыло аӡбара алҵшәа бзиа аанагоит. Аха ҳаӷа, Аҩсҭаа, иҭахуп ҳаамҭа зегьы ари адунеи аусқәа ирықәҳарӡларц, Иегова изы аамҭа ҳазнымхарц азы (1 Иоанн 5:19). Ақьырсиан игәы иаанагар алшоит аԥара арҳареи, аҵара аиуреи, мамзаргьы акариера аҟаҵареи Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадоуп ҳәа. Ақьырсиан ус ахәыцра далагазар, уи иаанаго ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿиҵааит ауп. Ҳәарада, аԥареи аҵареи ҳамазар, уи цәгьарак аҵаӡам, аха уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихаданы иҟалар ҟалаӡом. w24.03 24, абз. 16, 17