Ахаша, август 6
Ииашоу ауаа рымҩа — икаԥхо ашьыжьтәи амра лашара иаҩызоуп, уи еиҳа-еиҳа илашоит жәҩангәы инеиаанӡа (Ажәам. 4:18).
«Иԥшьоу амҩа» ҳанымҵырц азы, ҳара зегьы аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова иорганизациа абзоурала адоуҳатә фатә ҳауеит (Ис. 35:8; 48:17; 60:17). Ауаҩы Абиблиа аҵара даналаго «Иԥшьоу амҩа» аныларазы алшара иоуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Шьоукы аамҭак аҩныҵҟа уи амҩала ицоит, аха нас уи ианыҵуеит. Даҽа шьоукы уи амҩа аҵыхәанӡа ианысырц рыӡбоит. Аха уабананаго уи амҩа? Ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра змоу «Иԥшьоу амҩа» ажәҩан аҿы иҟоу «Анцәа иџьанаҭ» ахь инанагоит (Аат. 2:7). Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу уи амҩа Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭазы анаӡарахь инанагоит. Шәара уи амҩа шәаныланы шәцозар, шьҭахьҟа шәхьамԥшлан. Уи адунеи ҿыц ахь шәнанагаанӡа шәанымҵын. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16—18
Аԥшьаша, август 7
Ҳара Анцәа бзиа даҳбоит, избанзар иара иоуп раԥхьа бзиа ҳазбаз (1 Иоанн 4:19).
Иегова ишәзыҟаиҵаз зегь ахә шәшьозар, шәыԥсҭазаара изышәкырц шәҭаххоит. Уи агәаҳәара ахала ишәызцәырҵуеит (Аԥсал. 116:12—14). Абиблиаҿы Иегова «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» ҳзыҟазҵо Аб ҳәа изҳәоуп (Иак. 1:17). Урҭ аҳамҭақәа рҟынтә зегьы иреиҳау Иԥа Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз ауп. Шәазхәыц! Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала ҳара Анцәа иҩызцәа бзиақәа ҳакәхар, насгьы наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит (1 Иоанн 4:9, 10). Иегова шәҽизышәкыр, шәара иаашәырԥшуеит уи аҳамҭеи егьырҭ аҳамҭақәеи рыхә ҳаракны ишышәшьо (Ҩынтә. 16:17; 2 Кор. 5:15). w24.03 5, абз. 8
Ахәаша, август 8
Ииашаны зхы мҩаԥызго Иегова дицәшәоит (Ажәам. 14:2).
Иахьатәи адунеи аҿы инхо ауаа еиҳа-еиҳа аԥхасҭахара иаҿуп. Ҳара уи ибзианы иаҳбоит, убри аҟынтә иуаҩ иашаз Лот ибзианы деилаҳкаауеит. Иара ԥхашьарак зламыз агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа игәы инархьуан, избанзар идыруан жәҩантәи Ҳаб ус еиԥш иҟоу аусқәа шицәымӷу (2 Пиотр 2:7, 8). Лот Анцәа дицәшәон, насгьы бзиа дибон. Уи ицхраауан дызланхоз ауаа рхымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара. Ҳара иахьа ҳазланхо ауаа рзгьы Иегова инормақәа акгьы аанагаӡом, ма иаанаго маҷуп. Аха ҳара ҳацқьаны ҳаанхалар ҳалшоит. Уи азы Анцәа иахь абзиабареи аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәареи еизҳарҳалароуп. Иегова дҳацхраарц азы ашәҟәы Ажәамаанақәа ҳаиҭеит. Ари ашәҟәы ииашаны ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит. Ақьырсианцәа зегьы — ахацәагьы, аҳәсагьы, зықәрахь инеихьоугьы, иқәыԥшугьы — уи ашәҟәы иану иҟәыӷоу аӡбарақәа рызхәыцра ахәарҭа ду рзаанагоит. Ҳара Иегова ҳицәшәозар, иҽеим ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчалоит. w23.06 20, абз. 1, 2; 21, абз. 5