Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • es25
  • Август

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Август
  • Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Ахәаша, август 1
  • Асабша, август 2
  • Амҽыша, август 3
  • Ашәахьа, август 4
  • Аҩаша, август 5
  • Ахаша, август 6
  • Аԥшьаша, август 7
  • Ахәаша, август 8
  • Асабша, август 9
  • Амҽыша, август 10
  • Ашәахьа, август 11
  • Аҩаша, август 12
  • Ахаша, август 13
  • Аԥшьаша, август 14
  • Ахәаша, август 15
  • Асабша, август 16
  • Амҽыша, август 17
  • Ашәахьа, август 18
  • Аҩаша, август 19
  • Ахаша, август 20
  • Аԥшьаша, август 21
  • Ахәаша, август 22
  • Асабша, август 23
  • Амҽыша, август 24
  • Ашәахьа, август 25
  • Аҩаша, август 26
  • Ахаша, август 27
  • Аԥшьаша, август 28
  • Ахәаша, август 29
  • Асабша, август 30
  • Амҽыша, август 31
Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
es25

Август

Ахәаша, август 1

Ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп, аха урҭ зегь рҟынтә Иегова деиқәирхоит (Аԥсал. 34:19).

Иазгәашәҭ хыхь иаагоу аԥсалом аҿы иану ихадоу ҩ-зхәыцрак: 1) ауаа иашақәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит; 2) Иегова аԥышәарақәа ҳрылигоит. Ишԥаҟаиҵо уи Иегова? Иара ари адунеи аҿы аԥсҭазаара ус ишыҟоу аилкаара дҳацхраауеит. Иегова имаҵ аура агәырӷьара шаҳзаанагало ажәа ҳаиҭоит, аха хьаада-баада ҳанхалоит ҳәа имҳәаӡеит (Ис. 66:14). Иара ҳгәазҭеиҵоит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳхы азыҳашьҭларц, избанзар адунеи ҿыц аҿы анасыԥҵәҟьа змоу аԥсҭазаара наӡаӡа ҳалагәырӷьалоит (2 Кор. 4:16—18). Аха ари адунеи ыҟанаҵы Иегова ҳгәы камыжькәа ԥхьаҟа ацара есыҽны дҳацхраауеит (Аҵә. 3:22—24). Иаҳдырҵои абиблиатә аамҭақәа раан гәыкала Иегова имаҵ зуаз, насгьы иахьа имаҵ зуа ауаа рҿырԥшқәа? Ҳшымгәыӷуа ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Аха Иегова игәра ҳгозар, уи хымԥада дҳацхраауеит (Аԥсал. 55:22). w23.04 14—15, абз. 3, 4

Асабша, август 2

Напхгара [шә]зызуа аиҳабыра [шәырзыӡырҩла] (Рим. 13:1).

Ианымариамгьы аҳәынҭқарцәа рзыӡырҩра аганахьала Иосифи Мариеи аҿырԥш бзиа ҳарҭеит (Лука 2:1—6). Зцәазтәымкәа иҟаз Мариа жә-мзы данырҭагылаз, Иосифи лареи имариамыз аӡбара рыдыркылар акәхеит. Аимператор Август адҵа ҟаиҵеит Римтәи аимпериаҿы инхоз зегьы ашәҟәы рҽанырҵарц. Иосифи Мариеи Вифлеемҟа ицар акәхеит. Уахьынӡа 150 километра раҟара бжьан, насгьы ахылаӷьарақәеи амардарақәеи рацәан! Уи аҩыза амҩа анысра мариан ҳәа узҳәом. Дара ахәыҷи лареи ак рыхьыр ҳәа ишәозар ауан. Амҩан ахшароура далагар? Лара Мессиа иакәны иҟалараны иҟаз длоураны дыҟан! Арҭ аҭагылазаашьақәа мзызс иҟаҵаны аҳәынҭқарцәа ирзымӡырҩыр ауеит ҳәа рыԥхьаӡама? Иосифи Мариеи агәҭынчымрақәа шрымазгьы, азакәан иаҳәоз ҟарҵеит. Иегова урҭ иаадырԥшыз аҳәатәхаҵаразы дырзылԥхеит. Иосифи Мариеи еибга-еизҩыда Вифлеем инеит. Лара агәабзиара змаз ахәыҷы хазына длоуит, уи адагьы, Абиблиа иану аԥааимбаражәа налыгӡеит (Мих. 5:2). w23.10 8, абз. 9, 11; 9, абз. 12

Амҽыша, август 3

Аӡәи-аӡәи [шәы]гәқәа [шьҭибахла] (Аур. 10:25).

Иҟашәҵар шәылшозеи, аизараҿы аҭак ҟашәҵар анышәҭаху шәгәы хыҭхыҭуазар? Аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵалар шәылшоит (Ажәам. 21:5). Аматериал ибзианы ианыжәдыруа шәнапы ашьҭыхра еиҳа ишәзымариахоит. Уи адагьы, аҭакқәа иааркьаҿны иҟашәҵала (Ажәам. 15:23; 17:27). Иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, уиаҟара шәгәы хыҭхыҭлаӡом. Шәхатә ажәақәа рыла иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, иаашәырԥшуеит аизара ибзианы шәыҽшазыҟашәҵаз, насгьы аматериал ибзианы ишеилышәкаауа. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, хыхь еиқәыҳаԥхьаӡаз алабжьарақәа шәхы ишашәырхәазгьы, шәгәы хыҭхыҭуазар, насгьы ҭакк-ҩҭакк рыда шәзымгәаӷьуазар? Агәра ганы шәыҟаз Иегова гәыкала ижәбо аџьабаа ахә шишьо (Лука 21:1—4). Иара ишәылымшо дазыԥшӡам (Флп. 4:5). Шәымч зықәхо еилкааны зынагӡара шәылшо ахықәкы ықәшәыргыл, насгьы Анцәа агәҭынчра шәиҭарц шәиҳәала. Аӡәы икьаҿу ҭакк аҟаҵара хықәкыс иқәиргылар илшоит. w23.04 21, абз. 6—8

Ашәахьа, август 4

[А]гәышԥыхьчага [шәшәышәҵа]... ахыхьчага... [шәхашәҵа] (1 Фес. 5:8).

Апостол Павел еснагь згәызҽану, бџьарла ибзианы еибыҭоу аруаҩ ҳаиҿирԥшит. Аруаҩ ианакәзаалак аибашьра дазхиазароуп. Ҳаргьы убас ҳзуҳәар алшоит. Ҳара Иегова имш ҳазхиазаауеит, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәызар, насгьы агәыӷра ахыхьчага ҳхазар. Агәышԥыхьчага аруаҩ игәы ахьчон. Ахаҵареи абзиабареи асимволтә ҵакы змоу ҳгәы рыхьчоит. Дара ҳацхраауеит Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу аанхареи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацареи. Ҳара ахаҵара ҳамазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәык-ԥсыкала иԥшаара ҳахьашьҭоу азы дшаҳзылԥхо (Аур. 11:6). Уи ҳгәазҭанаҵоит ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәаргьы, Ҳаԥхьагылаҩ Иисус гәыкала ҳшизыҟоу аанхара. Ахаҵара ҳацхраауеит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара. Ҳара ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ашьҭашәарыцарақәа ма аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа Анцәа гәыкала ишизыҟаз иаанхаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Уи адагьы, ахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аматериализм аҽацәыхьчара. Уи азы ҳарҿыԥшлароуп Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы зыԥсҭазаара зырмариаз ауаа. w23.06 10, абз. 8, 9

Аҩаша, август 5

Аԥсҭҳәақәа ирыхәаԥшуа ахаангьы аҽаҩра изҭагалом (Еккл. 11:4).

Аҽынкылара — уи ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи аконтроль рзура ауп. Уи ҳхықәкы анагӡаразы иаҳҭахуп, еиҳараӡак уи ахықәкы анагӡара анымариам, мамзаргьы уи аҟаҵара анаҳҭахым. Ишәхашәмыршҭлан аҽынкылара — иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ишыруаку. Убри аҟынтә Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц азы шәиҳәала, уи ихадоу ари аҟазшьа аизырҳара ишәыцхраауеит (Лука 11:13; Гал. 5:22, 23). Зегь иреиӷьу аҭагылазаашьа шәазымԥшлан. Ари адунеи аҿы уи ҟалашьа амаӡам. Ҳара аҭагылазаашьа анеиӷьхо ҳәа ҳаԥшлар, ҳхықәкы ахаан иаҳзынагӡаӡом. Ҳара ҳхықәкы анагӡара уадаҩушәа ҳбозар, уи анагӡаразы агәаҳәара ҳзымхар ауеит. Шәара уи аҩыза аҭагылазаашьа шәымазар, ишәылшома шәхықәкы имаҷу ахықәкқәа рыла еихышәшар? Шәара ҟазшьак аизырҳара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа имаҷу ак аҿы уи аашәырԥшлар? Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа хәыҷык-хәыҷык шәаԥхьалар? w23.05 29, абз. 11—13

Ахаша, август 6

Ииашоу ауаа рымҩа — икаԥхо ашьыжьтәи амра лашара иаҩызоуп, уи еиҳа-еиҳа илашоит жәҩангәы инеиаанӡа (Ажәам. 4:18).

«Иԥшьоу амҩа» ҳанымҵырц азы, ҳара зегьы аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова иорганизациа абзоурала адоуҳатә фатә ҳауеит (Ис. 35:8; 48:17; 60:17). Ауаҩы Абиблиа аҵара даналаго «Иԥшьоу амҩа» аныларазы алшара иоуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Шьоукы аамҭак аҩныҵҟа уи амҩала ицоит, аха нас уи ианыҵуеит. Даҽа шьоукы уи амҩа аҵыхәанӡа ианысырц рыӡбоит. Аха уабананаго уи амҩа? Ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра змоу «Иԥшьоу амҩа» ажәҩан аҿы иҟоу «Анцәа иџьанаҭ» ахь инанагоит (Аат. 2:7). Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу уи амҩа Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭазы анаӡарахь инанагоит. Шәара уи амҩа шәаныланы шәцозар, шьҭахьҟа шәхьамԥшлан. Уи адунеи ҿыц ахь шәнанагаанӡа шәанымҵын. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16—18

Аԥшьаша, август 7

Ҳара Анцәа бзиа даҳбоит, избанзар иара иоуп раԥхьа бзиа ҳазбаз (1 Иоанн 4:19).

Иегова ишәзыҟаиҵаз зегь ахә шәшьозар, шәыԥсҭазаара изышәкырц шәҭаххоит. Уи агәаҳәара ахала ишәызцәырҵуеит (Аԥсал. 116:12—14). Абиблиаҿы Иегова «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» ҳзыҟазҵо Аб ҳәа изҳәоуп (Иак. 1:17). Урҭ аҳамҭақәа рҟынтә зегьы иреиҳау Иԥа Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз ауп. Шәазхәыц! Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала ҳара Анцәа иҩызцәа бзиақәа ҳакәхар, насгьы наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит (1 Иоанн 4:9, 10). Иегова шәҽизышәкыр, шәара иаашәырԥшуеит уи аҳамҭеи егьырҭ аҳамҭақәеи рыхә ҳаракны ишышәшьо (Ҩынтә. 16:17; 2 Кор. 5:15). w24.03 5, абз. 8

Ахәаша, август 8

Ииашаны зхы мҩаԥызго Иегова дицәшәоит (Ажәам. 14:2).

Иахьатәи адунеи аҿы инхо ауаа еиҳа-еиҳа аԥхасҭахара иаҿуп. Ҳара уи ибзианы иаҳбоит, убри аҟынтә иуаҩ иашаз Лот ибзианы деилаҳкаауеит. Иара ԥхашьарак зламыз агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа игәы инархьуан, избанзар идыруан жәҩантәи Ҳаб ус еиԥш иҟоу аусқәа шицәымӷу (2 Пиотр 2:7, 8). Лот Анцәа дицәшәон, насгьы бзиа дибон. Уи ицхраауан дызланхоз ауаа рхымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара. Ҳара иахьа ҳазланхо ауаа рзгьы Иегова инормақәа акгьы аанагаӡом, ма иаанаго маҷуп. Аха ҳара ҳацқьаны ҳаанхалар ҳалшоит. Уи азы Анцәа иахь абзиабареи аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәареи еизҳарҳалароуп. Иегова дҳацхраарц азы ашәҟәы Ажәамаанақәа ҳаиҭеит. Ари ашәҟәы ииашаны ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит. Ақьырсианцәа зегьы — ахацәагьы, аҳәсагьы, зықәрахь инеихьоугьы, иқәыԥшугьы — уи ашәҟәы иану иҟәыӷоу аӡбарақәа рызхәыцра ахәарҭа ду рзаанагоит. Ҳара Иегова ҳицәшәозар, иҽеим ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчалоит. w23.06 20, абз. 1, 2; 21, абз. 5

Асабша, август 9

Исышьҭаланы ацара зҭаху ихы мап ацәикааит, ишьаҟа шьҭыхны, еснагь дсышьҭаланы даалааит (Лука 9:23).

Иҟалап шәҭынхацәа рганахьала аҿагыларақәа шәрықәшәазар, мамзаргьы Анцәа Иаҳразы еиҳаны иҟашәҵаларц азы ак мап ацәышәкзар (Матф. 6:33). Агәра ганы шәыҟаз Иегова Иаҳразы иҟашәҵо зегь шибо (Аур. 6:10). Иҟалап шәара шәхатә ԥышәала игәашәҭахьазар Иисус ииҳәаз абарҭ ажәақәа шынаӡо: «Зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма зан, ма заб, ма зхәыҷқәа, ма зымхқәа аанзыжьыз уажәнатә шәынтә еиҳаны аҩнқәеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, анацәеи, ахәыҷқәеи, амхқәеи иоуеит, ашьҭашәарыцарақәа дышрықәшәогьы. Ҳаԥхьаҟа акәзар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит» (Марк 10:29, 30). Иегова ишәзыҟаиҵо мап зцәышәкуа аасҭа акырӡа еиҳауп (Аԥсал. 37:4). w24.03 9, абз. 5

Амҽыша, август 10

Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп (Ажәам. 17:17).

Иудеиа амлакра ӷәӷәа аналага, Антиохиа инхоз ақьырсианцәа «дасу илшоз ала, иудеиатәи аишьцәа ирыцхраарц рыӡбеит» (Аус. 11:27—30). Антиохиа инхоз ақьырсианцәа Иудеиа ишацәыхаразгьы, рашьцәа даара ирыцхраар рҭахын (1 Иоанн 3:17, 18). Иахьа ҳаргьы рыцҳарак ахьыҟалаз инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлар ҳалшоит. Ҳара урҭ ҳазларыцхрааша иаразнак ҳазхәыцуеит. Иаҳҳәап, ацхыраара аҟаҵара ҳшазхиоу аизара ахылаԥшыҩцәа ираҳҳәоит, адунеизегьтәи аус азы аԥара алаҳҵоит, насгьы арыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәоит. Иара убас иҟалап аишьцәеи аиҳәшьцәеи зда ԥсыхәа ыҟам рымазарц азы ацхыраара рҭаххар. Анцәа ари адунеи дақәыӡбахьеит, иаарласны Ҳаҳ, Иисус Христос, уи аӡбара наигӡарц азы даауеит. Ҳара иаҳҭахуп Иисус данааилак аамҭазы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара шааҳарԥшуа ибар! Усҟан иара абас ҳаиҳәоит: «Шәааи... Аҳрахь» (Матф. 25:34—40). w23.07 4, абз. 9, 10; 6, абз. 12

Ашәахьа, август 11

Аҽанраалашьа шыжәдыруа зегьы ирбарҭазааит (Флп. 4:5).

Иисус Иаб диҿыԥшны, иҳәатәы мацара аргара дашьҭаӡамызт. Иегова Иисус адгьыл ахь дзааишьҭыз «иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа» ажәабжь рзеиҭеиҳәаларц азоуп. Аха Иисус уи адҵа анынаигӡоз, аҭагылазаашьақәа иҽрықәиршәон. Зны Израиль иатәымыз ԥҳәыск Иисус диҳәеит лыԥҳа дихәышәтәырц. Лара адемонцәа лхан, ӷәӷәалагьы ддыргәаҟуан. Иисус уи аԥҳәыс дрыцҳаишьан, лыԥҳа дихәышәтәит (Матф. 15:21—28). Абар даҽа ҿырԥштәык. Иисус апостолцәа данрабжьоз абас реиҳәеит: «Ауаа рҿаԥхьа мап сцәызкуа... саргьы мап ицәыскуеит» (Матф. 10:33). Аха мап ицәикма Иисус Пиотр, уи дсыздырӡом ҳәа хынтә ианиҳәа ашьҭахь? Мап. Иара Пиотр иҟаиҵаз дшахьхәыз ибон, насгьы гәыкала дшизыҟаз еиликаауан. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь днеит, насгьы иҟалап бзиа дшибо, иҟаиҵаз шианаижьуагьы агәра ииргазар (Лука 24:33, 34). Иеговагьы Иисусгьы рҳәатәы иадыргаӡом. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Иегова иҭахуп ҳаргьы ҳҳәатәы иаҳмыргаларц. w23.07 21, абз. 6, 7

Аҩаша, август 12

Уаҳа иҟалаӡом аԥсра (Аат. 21:4).

Адгьыл џьанаҭны ишыҟало агәра ҳзырго ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Зегь раԥхьа иргыланы Иегова ихаҭа иоуп уи зҳәо. Ашәҟәы Аатра аҿы иануп: «Абар, сара зегь ҿыцны исшоит!» Анцәа ҳзықәиргәыӷыз анагӡаразы аҟәыӷареи, амчи, агәаҳәареи имоуп. Уи адагьы, Иегова иажәақәа хымԥада ишынаӡо идыруеит, убри аҟынтә уи иҟалахьоу ак еиԥш далацәажәоит. Убри азоуп иара абас зиҳәаз: «Арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп», насгьы «Арҭ ажәақәа наӡеит!» Иара убас Иегова дызлаго зегьы аҵыхәтәанынӡа инаигӡоит, избанзар иара «Альфеи Омегеи» ҳәа ихы иазиҳәоит (Аат. 21:6). Иегова иаҳирбоит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы игәҭакы анагӡараҿы диԥырхагахар шилымшо. Аха ауаҩы уи лакәуп ҳәа шәеиҳәазар, Аатра 21:5, 6 шәизаԥхьаны иеилшәыркаа. Ишәырба Иегова ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡаҵәҟьо ала ажәа шҳаиҭаз, иара уи шынаигӡо агәра ҳиргарц азы инапы аҵеиҩит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Ис. 65:16). w23.11 7, абз. 18, 19

Ахаша, август 13

Сара ажәлар ду ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит (Аҟаз. 12:2).

Иегова Авраам абас иеиҳәеит, уи 75 шықәса анихыҵуаз ахәыҷқәа шимамызгьы. Дахаанхама Авраам уи ақәыргәыӷра анаӡара? Ааи ҳәа ҳазҳәаӡом. Иара аӡиас Евфрат даныр 25 шықәса рышьҭахь ауп аԥа Исаак даниоу. Уи џьашьахә дуун. Даҽа 60 шықәса рышьҭахь имоҭацәа Исави Иакови иит (Аур. 6:15). Аха Авраам ихылҵыз жәлар дуны ианыҟала, насгьы Изқәыргәыӷыз адгьыл анроу аамҭа дахаанымхаӡеит. Ус ишыҟазгьы, Авраами Иеговеи реизыҟазаашьақәа бзиан (Иак. 2:23). Авраам иԥсы анҭалалак еиликаауеит иааирԥшыз ахаҵаре́и ачҳареи рыбзоурала Иегова ажәларқәа зегь дшырзылԥхаз (Аҟаз. 22:18). Шаҟа деигәырӷьози иара уи! Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? Иҟалап ҳаргьы Иегова иқәыргәыӷрақәа зегь шынаӡо иахьа иҳамбар. Авраам иеиԥш, ҳаргьы ачҳара ааҳарԥшуазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова уажәнатә дшаҳзылԥхо, адунеи ҿыц аҿгьы еиҳагьы гәыҭбаарыла дшаҳзылԥхо (Марк 10:29, 30). w23.08 24, абз. 14

Аԥшьаша, август 14

Иара Иегова имаҵ иуанаҵы, Анцәа дизылԥхон (2 Аш. 26:5).

Уззиа данқәыԥшыз ахынраалара илан, насгьы Анцәа дицәшәон. Иара 68 шықәса ниҵит. Иегова уи аҳ иԥсҭазаара абжеиҳарак дизылԥхон (2 Аш. 26:1—4). Уззиа ирацәаны аиааирақәа игеит, насгьы Иерусалим ахьчаразы иҟаиҵаз рацәоуп (2 Аш. 26:6—15). Анцәа ицхыраарала иара ақәҿиара иман. Уи зегь даназхәыцуаз Уззиа игәы ҭгәырӷьаауазҭгьы ҟаларын (Еккл. 3:12, 13). Аҳ Уззиа егьырҭ адҵақәа рыҭара дашьцылеит. Иҟалап убри азы акәзар иара ииҭаху ҟаиҵалар илшоит ҳәа ахәыцра дзалагаз. Зны Уззиа ихы дақәгәыӷцәеит. Иара афимиам иблырц азы Иегова иныҳәарҭа дыҩналеит. Аҳцәа уи аҩыза азин рымаӡамызт (2 Аш. 26:16—18). Аԥшьаҩ хада Азариа Уззиа дааникыларц даналага, Уззиа уи игәы изыԥжәеит. Уаанӡа Уззиа гәыкала Анцәа имаҵ иуан, аха уажәы ихымҩаԥгашьала зегь бжьихит, уи азы Иегова ацәеилабаара иирхьит (2 Аш. 26:19—21). Иара ахынраалара шилаз даанхазҭгьы, иԥсҭазаара даҽакала иҟалон! w23.09 10, абз. 9, 10

Ахәаша, август 15

Дырмацәажәо далагеит, избанзар заԥхьатә хсаз дрыцәшәеит (Гал. 2:12).

Пиотр иԥшьоу адоуҳала даналхыз ашьҭахьгьы, иԥсыҽрақәа шилаз даанхеит. 36 шықәса ҳ. ҳ. аан заԥхьатә хсамыз иауриамыз Корнили иԥшьоу адоуҳала даналхыз, иара уа дыҟан. Ари ахҭыс ишьақәнарӷәӷәеит «Анцәа ауаа шеилимхуа», насгьы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа ақьырсиантә еизара иахәҭакны иҟалар шрылшоз (Аус. 10:34, 44, 45). Уи ашьҭахь Пиотр егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа дрыдтәаланы акрифон, уаанӡа ахаан ус шыҟаимҵарызгьы. Аха иауриацәаз ақьырсианцәа рҟынтә шьоукы ргәы иаанагон урҭ ауаа акыррыцырфалар ҟалаӡом ҳәа. Ус зыԥхьаӡоз шьоукы Антиохиаҟа ианааи, Пиотр иауриамыз иашьцәа рааигәа дымнеиуа далагеит. Иҟалап иара ус ихы зымҩаԥигаз, иауриаз ақьырсианцәа иргәамԥхоз ҟаиҵар ҳәа дахьшәоз азы акәызҭгьы. Апостол Павел Пиотр ҩ-цәак зхарԥоу реиԥш ихы шымҩаԥигоз аниба, зегьы ишраҳауаз дилабжьеит (Гал. 2:13, 14). Аха Пиотр агха шихьызгьы, гәыкала Иегова имаҵ аура даҟәымҵӡеит. w23.09 22, абз. 8

Асабша, август 16

Иара... дшәыцхраауеит (1 Пиотр 5:10).

Шәхы азҵаарақәа анашәҭало иҟалап ак шшәыгу жәбар. Аха шәгәы кашәмыжьлан! Ақьиара злоу Иҳақәиҭу ишәыгу ариашара дшәыцхраауеит (1 Пиотр 2:3). Апостол Пиотр агәра ҳиргоит: «Анцәа... ихаҭа имаҵ аура шәазыҟаиҵоит. Иара шәирӷәӷәоит». Пиотр зны игәы иаанагон Анцәа Иԥа иааигәара аҟазаара даԥсаӡам ҳәа (Лука 5:8). Аха Иеговеи Иисуси рыцхыраарала игәы камыжьӡакәа, анаҩсгьы гәыкала Христос имаҵ иуан. Уи абзоурала Пиотр «Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос наӡаӡатәи Иаҳра агәашәқәа ҟьаҟьаӡа» изаатит (2 Пиотр 1:11). Шәаргьы Пиотр иеиԥш шәгәы кашәмыжьуазар, насгьы Иегова аҵара шәирҵалартә алшара ишәҭозар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишәоуеит. Шәара «ахаҵара ахьаашәырԥшуа азы шәеиқәхоит» (1 Пиотр 1:9). w23.09 31, абз. 16, 17

Амҽыша, август 17

Шәимҵахырхәа адгьыли, ажәҩани... Зшаз! (Аат. 14:7).

Ауриацәа ажәытәан рхы иадырхәоз иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа ыҟан, уи аԥшьаҩцәа ирыдыз адҵақәа ахьынарыгӡоз, ихкааны иҟаз ҭыԥын. Уа ишеибгоу ирбылуаз акәырбанқәа рзы абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа дуи аӡы зҭаз абҩа иалхыз ачани гылан. Уи аӡала аԥшьаҩцәа рмаҵзура иалагаанӡа рҽырыӡәӡәон (Ақәҵ. 30:17—20; 40:6—8). Иахьа доуҳала иалху Христос иашьцәа адоуҳатә ныҳәарҭа аҩныҵҟатәи ашҭаҿы гәыкала Анцәа имаҵ руеит. Аӡы зҭоу ачан ду ақьырсианцәа зегь реиԥш даргьы иргәаланаршәоит зегь рыла ицқьаны иаанхалар шрыхәҭоу. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи «ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа» рзы? Иабаруеи дара Анцәа имаҵ? Апостол Иоанн ибеит дара «Анцәа итәарҭа аҿаԥхьа» ишгылоу. Уи иаанарԥшуеит дара Анцәа «уахи-ҽни... имаҵ [ахьыруа]» адоуҳатә ныҳәарҭа адәахьтәи ашҭа (Аат. 7:9, 13—15). Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду аҿы имаҵ аура ахьҳаҭәеишьаз! w23.10 28, абз. 15, 16

Ашәахьа, август 18

Иара Анцәа дзықәиргәыӷыз шыҟало агәра игон. Ихаҵара амч инаҭеит (Рим. 4:20).

Иара убас Иегова дшәыцхраар илшоит аизара ахылаԥшыҩцәа рыла (Ис. 32:1, 2). Убри аҟынтә шәгәы ак ыҵхозар, уи аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭашәҳәа. Ацхыраара аншәыдыргало, уи мап ацәышәымклан, аха пату ақәҵаны ишәыдышәкылала. Убас Иегова амч шәиҭоит. Абиблиа шьаҭас измоу џьанаҭ дгьыл аҿы ма жәҩантәи Аҳраҿы наӡаӡа анхаразы иҳамоу агәыӷрагьы амч ҳнаҭоит (Рим. 4:3, 18, 19). Агәыӷра абзоурала ҳара аԥышәарақәа рыхгаразы, ажәабжь бзиа аҳәаразы, насгьы аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡаразы амч ҳамоуп (1 Фес. 1:3). Убри агәыӷра — наӡаӡа анхаразы агәыӷра — ауп апостол Павелгьы амч изҭоз. Иара иҳәеит иара ишиқәыӷәӷәо, ишишьҭашәарыцо, насгьы иҟаиҵо изымдыруа дшыҟоу. Иара дыԥсырц маҷк анигызгьы ыҟан (2 Кор. 4:8—10). Павел аԥышәарақәа рыхгаразы амч иман, избанзар игәыӷра ихаиршҭӡомызт (2 Кор. 4:16—18). Апостол ԥхьаҟа дыԥшуан. Иара наӡаӡа ажәҩан аҿы анхаразы имаз агәыӷра ахә ишьон. Павел игәыӷра дахьазхәыцуаз абзоурала ауп амч зимаз. w23.10 15—16, абз. 14—17

Аҩаша, август 19

Иегова ижәлар амч риҭоит. Иегова ижәлар дрықәныҳәоит, аҭынчра риҭоит (Аԥсал. 29:11).

Анцәа шәаниҳәо, шәазхәыц Иегова изы уажәы шәыҳәара анагӡара иаамҭоу-иаамҭаму. Иҟалап ҳара Иегова иаразнак аҭак ҳаиҭарц ҳҭахызар. Аха иара еиӷьны идыруеит уи азы ианаало аамҭа аныҟало (Аур. 4:16). Ҳара иаҳҭаху иаразнак иаҳмоуазар, Иегова «мап» ҳәа ҳаиҳәошәа ҳгәы иабар алшоит. Аха уи «уажәы иаамҭаӡам» ҳәа аанагозар ауеит. Иаҳҳәап, шәизхәыц абзиахара даараӡа изҭаху иқәыԥшу аиашьа. Аха игәабзиара еиӷьхаӡом. Иегова уи џьашьахәыла дихәышәтәызҭгьы, Аҩсҭаа уи иаҽԥниҳәар илшон. Иара иҳәарын уи аиашьа Анцәа имаҵ зиуа уи дахьихәышәтәыз мацаразоуп ҳәа (Иов 1:9—11; 2:4). Уи адагьы, Иегова ачымазарақәа зегь анықәиго аамҭа алиххьеит (Ис. 33:24; Аат. 21:3, 4). Уи аамҭа ааиаанӡа иара џьашьахәыла ҳаихәышәтәлоит ҳәа ҳазыԥшымзароуп. Убри аҟынтә аиашьа Иегова диҳәалар илшоит дшычмазаҩугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура илшарц азы амчи агәҭынчреи ииҭарц. w23.11 24, абз. 13

Ахаша, август 20

Иара ҳагәнаҳақәа рыла дҳазныҟәаӡом, ҳагхақәа рзы иҳақәнагоу ҳақәиршәаӡом (Аԥсал. 103:10).

Самсон агха ӷәӷәа ихьит, аха игәы каижьӡомызт. Иара уаанӡа еиԥш уажәгьы Анцәа идиҵаз адҵа наигӡар иҭахын (Аӡб. 16:28—30). Убри аҟынтә иара Иегова диҳәеит: «Филистимаа рҿаԥхьа сшьа зурц усыцхраа». Ҳазшаз Анцәа Самсон иҳәара аҭак ҟаиҵеит, зеиԥшыҟамыз амч изирхынҳәит. Уи абзоурала Самсон уаанӡа аасҭагьы еиҳаны филистимаа ишьит. Самсон иҟаиҵаз агха алҵшәа бааԥс шизаанагазгьы, Иегова игәҭакы анагӡара иҭахын. Убас еиԥш ҳаргьы. Ҳара агхақәа ҟаҳҵозар, насгьы ҳариашатәзар, мамзаргьы аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ҳцәыӡуазар, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Ишәхашәмыршҭлан Ҳанцәа ҳагхақәа ҳанажьра дшазхиоу (Аԥсал. 103:8, 9). Ҳара уаанӡа агхақәа шыҟаҳҵозгьы, Иегова иҿыцу адҵақәа ҳаиҭар илшоит, насгьы Самсон амч шииҭаз еиԥш ҳаргьы иҳаиҭоит. w23.09 6, абз. 15, 16

Аԥшьаша, август 21

Ачҳара аарԥшны зегь анаҳхаҳго, Анцәа дҳаргәырӷьоит, Анцәа данҳаргәырӷьо, агәыӷра ҳауеит (Рим. 5:4).

Иаанагома уи Иегова ауадаҩрақәа ҳахьрықәшәо игәаԥхоит ҳәа? Ҳәарада, мап. Аха иара игәы ҟанаҵоит аԥышәарақәа шәанрықәшәо гәыкала шәшизыҟоу шәахьаанхо. Убри ауп Анцәа дзыргәырӷьо. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи ачҳара анааҳарԥшуа Иегова дышҳаргәырӷьо ахьаҳдыруа! (Аԥсал. 5:12). Дышәгәалашәыршәа Авраам. Иара аԥышәара ӷәӷәақәа иман, аха урҭ ихигеит. Убри азоуп Иегова уи сҩыза иоуп ҳәа зизиҳәаз, насгьы дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡаз (Аҟаз. 15:6; Рим. 4:13, 22). Ҳәарада, Анцәа шәаргьы убас шәзиҳәар шәҭахуп. Уи ҟалашьа змам ак акәӡам. Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы иҳаду адҵақәа, ма амаҵзураҿы шаҟа ҟаҳҵо акәӡам ихадоу. Иара изы ихадоу аамҭа цәгьақәа раан гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхоу-ҳаанымхоу ауп. Ҳара зегьы ачҳара ааҳарԥшлар ҳалшоит, ҳақәра, ҳҭагылазаашьа, ма ҳалшарақәа зеиԥшразаалакгьы. Ишәхыжәгома шәара уажәы ԥышәарак? Иегова гәыкала шәшизыҟоу шибо жәдыруаз. Анцәа иҿаԥхьа ииашаны ҳхы шымҩаԥаҳго анаҳдыруа, уи иара дышҳаргәырӷьо агәра ҳнаргоит. Ус анакәха, ҳамҭада ҳаанхаӡом. Убас ҳгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахоит. w23.12 11, абз. 13, 14

Ахәаша, август 22

Хшыҩла ахәыҷқәа шәырмеиԥшхан. Адуцәа реиԥш шәхәыцла (1 Кор. 14:20).

Ақьырсиан ауаа ибзианы рзыӡырҩшьеи хаала рацәажәашьеи идыруазароуп. Иара ауаа ибзианы дырзыӡырҩлароуп, насгьы ргәаанагареи ргәы иҵхои хьаас имазароуп (Ажәам. 20:5). Уи азы дзацәажәо ауаҩы ибжьи, ихаҿсахьеи, итәашьеи-игылашьеи, инапырхахашьеи дахәаԥшлароуп. Уи иҵарц азы ауаа аамҭа рыцихигалароуп. Уара ауаа узларацәажәо СМС-аацҳарақәеи амессенџьерқәеи рыла мацара акәзар, ауаҩы лабҿаба иацәажәара уцәыцәгьахоит. Убри аҟынтә ауаа лабҿаба рацәажәаразы алшарақәа ԥшаала (2 Иоанн 12). Доуҳала ишәу ақьырсиан иара убас ихгьы иҭаацәарагьы ныҟәигалароуп (1 Тим. 5:8). Ушқәыԥшу занааҭк уоур бзиахоит. Уи аԥхьаҟа аусура аԥшаара иуцхраауеит (Аус. 18:2, 3; 20:34; Еф. 4:28). Аџьабаа уацәымшәалан, насгьы узлаго аус аҵыхәтәанынӡа анагӡара уҽаршьцылала. Убасҟан узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ иеиԥш уеицырдырлоит. Ус еиԥш иҟоу ауаа усурада ахаан иаанхаӡом! w23.12 27, абз. 12, 13

Асабша, август 23

Иегова имш аӷьыч уахынла дшааиуа еиԥш и[ааиуеит] (1 Фес. 5:2).

«Иегова имш» ҳәа Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Зегьзымчу Анцәа иаӷацәа данрықәыӡбо, насгьы имаҵзуҩцәа анеиқәирхо аамҭа ауп иаҵанакуа. Ажәытәан Иегова жәларқәак ахьирхәуан (Ис. 13:1, 6; Иез. 13:5; Соф. 1:8). Ҳаамҭазы «Иегова имш» алагоит Вавилон ду ақәлара ала, насгьы аибашьра Армагеддон ала ихыркәшахоит. Уи «амш» аҽны ҳаиқәхарц азы уажәнатә аҽазыҟаҵара ҳалагароуп, избанзар Иисус иҳәон арыцҳара ду еснагь ҳазыҟаҵазар шҳахәҭоу (Матф. 24:21; Лука 12:40). Апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз актәи асаламшәҟәаҿы ҿырԥштәқәак ааигеит, ақьырсианцәа Иегова иӡбара амш ду аҽазыҟаҵара дрыцхраарц азы. Павел идыруан Иегова имш ааира акыр шагыз (2 Фес. 2:1—3). Аха иара уеизгьы иашьцәа ргәазҭеиҵон уи амш уаҵәы иааиуашәа рҽазыҟарҵарц. Ҳаргьы Павел илабжьара ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. w23.06 8, абз. 1, 2

Амҽыша, август 24

Бзиа избо сашьцәа, шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә шәымун (1 Кор. 15:58).

1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Токио 60 еихагыла змаз ахыбра дыргылеит. Ауаа иџьаршьон уа лассы-лассы иҟалалоз адгьылҵысрақәа злачҳауазеи ҳәа. Маӡас иаҵази уи ахыбра аӷәӷәара? Уи апроект аус адызулоз анџьнырцәа уи ӷәӷәаҟацаӡа иҟазарц, аха убри аамҭазгьы адгьылҵысра ачҳартә еиԥш идыргыларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа уи аҩнеихагыла ду иеиԥшуп. Излеиԥшузеи? Ақьырсиан изы ихадоуп ианаҭаху иҽырӷәӷәаны дгылазарц, ианаҭаху аҭагылазаашьа иҽақәиршәаларц. Иара Иегова изакәанқәеи инормақәеи рықәныҟәара аганахьала акы дшьақәнаҟьартә алимыршалароуп. Иара аӡырҩра дазхиоуп, насгьы дзықәшәозаалакгьы дхьаҵӡом. Убри аамҭазгьы иара аҟәышра ааирԥшлароуп, мамзаргьы аҭагылазаашьа ианилнаршо, насгьы ианаҭаху уи иҽақәиршәалароуп (Иак. 3:17). Ус зхы мҩаԥызго ақьырсиан ганкахьала иҳәатәы мацара иаиргалаӡом, даҽа ганкахьала зегьы иаарҳәо дақәшаҳаҭхалаӡом. w23.07 14, абз. 1, 2

Ашәахьа, август 25

Шәара Христос ахаан дшышәымбацгьы, бзиа дыжәбоит (1 Пиотр 1:8).

Иисус Аџьныш ихыхрақәа дырҿагылар акәхеит. Уи аӷа Иисус Анцәа диҭиирц иаахтынгьы иеиҳәеит (Матф. 4:1—11). Аҩсҭаа ииулакгьы Иисус агәнаҳа иирҟаҵар иҭахын. Уи изалҵызҭгьы, Иисус ҳҿыхра илшарымызт. Иисус имаҵзура даналага иԥышәарақәа еиҳагьы еиҳахеит. Иаӷацәа ишьҭашәарыцон, зныкымкәа дыршьырцгьы иақәыркхьан (Лука 4:28, 29; 13:31). Иҵаҩцәа агхақәа анрыхьуаз, уи ичҳалар акәын (Марк 9:33, 34). Иисус иус анырыӡбоз аума изааргон, насгьы ихыччон. Иара дыргәаҟны, ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш дыршьит (Аур. 12:1—3). Уи адагьы, уи аԥышәара аҵыхәтәантәи ахәҭа Иегова ицхыраарада ихигар акәхеит (Матф. 27:46). Ааи, Иисус ҳҿихырц азы ирацәаны агәаҟрақәа ихигар акәхеит. Ихы дамеигӡаӡакәа ҳара ҳзы иҟаиҵаз ҳаназхәыцуа, иара иахь ҳабзиабареи ҳаџьшьареи еизҳауеит. w24.01 10—11, абз. 7—9

Аҩаша, август 26

Зегьы ирхыццакуа зегь имҵәоит (Ажәам. 21:5).

Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит. Уи аҟазшьа ҳацхраауеит ак анаҳзеиҭарҳәо зҿлымҳарыла аӡырҩра (Иак. 1:19). Иара убас ачҳара ҳалазар, аҭынчра ҳашьҭазаауеит. Уи ҳалазар, ҳамхәыцӡакәа ҳцәажәалаӡом. Астресс анҳамоугьы, аӡәы игәы изырхьуа ҳҳәаӡом. Ачҳара ааҳарԥшуазар, ҳара ҳгәы анҳдырхьуагьы ҳаԥсахы еибаклаӡом. Ҳара ҳшьа ҳауӡом. Уи аҭыԥан абри абиблиатә мҩақәҵара ҳақәныҟәоит: «Ачҳара аарԥшуа шәеилибакаала, гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла» (Кол. 3:12, 13). Ҳара ачҳара ҳалазар, уи иҳадаҳкыло аӡбарақәа ирныԥшуеит — урҭ акырӡа еиӷьхоит. Ҳара ҳаццакы-ццакуа, ма ҳемоциақәа ишҳаҵарҳәо еиԥш аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом. Уи аҭыԥан, иҳамоу авариантқәа зегьы ҳрызхәыцны аӡбара ҳадаҳкылоит. Иаҳҳәап, ҳара аусура ҳашьҭоуп. Иҟалап раԥхьа иҳадыргало аусура ақәшаҳаҭхара ҳазхиазар. Аха ачҳара ҳалазар, уи ҳҭаацәареи ҳдоуҳатә гәабзиареи ишырныԥшуа ҳазхәыцуеит. Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳзыхьхәуа аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом. w23.08 22, абз. 8, 9

Ахаша, август 27

Сцәа иалоу даҽа закәанк схы иҭоу азакәан ишаҿагыло збоит. Уи сҿаҳәаны сызмоу, исылоу агәнаҳа ауп (Рим. 7:23).

Иҽеим агәаҳәарақәа аншәызцәырҵуа шәгәы каҳауазар, Иегова шәҽанизышәкыз ишәҭаз ажәа шәазхәыцла. Уи шәыцхраауеит шәхызхыр алшо аҽамҭара. Ишԥа? Иегова шәҽанизышәк, шәхы мап ацәышәкит. Ус анакәха, Иегова игәамԥхо агәаҳәарақәеи ахықәкқәеи мап ҳәа рашәҳәеит (Матф. 16:24). Убри аҟынтә иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы иҟасҵарызеи ҳәа ҿыц ахәыцра шәаламган. Шәара Иегова шәизиашаны шәшаанхо шәыӡбахьеит. Убриоуп шәара шәзы зегь раасҭа ихадоу. Шәара еснагь Иегова дшәыргәырӷьалар шәҭахуп. Убри азы Иов иеиԥш шәҽырӷәӷәаны шәыҟазаауеит. Иара даараӡа ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы иҳәеит: «Сара Анцәа сизиашазаауеит!» (Иов 27:5). w24.03 9, абз. 6, 7

Аԥшьаша, август 28

Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп, дырзааигәоуп гәыкала иҳәо зегьы (Аԥсал. 145:18).

«Абзиабара Анцәа» Иегова ҳара дҳацуп! (2 Кор. 13:11). Иара ҳаиҭахуп, насгьы гәыкала бзиа ҳаибоит (Аԥсал. 32:10). Анцәа ҳара ҳахь абзиабара шааирԥшуа шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара иара ҳаизааигәахоит. Ҳара ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы ибзиабара ада ԥсыхәа шҳамам иаҳҳәалар ауеит. Ҳаизеилымкаар ҳәа ҳамшәаӡакәа, ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, насгьы хымԥада дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ауеит (Аԥсал. 145:19). Ахьҭа уанакуа амца уҽҳәатәарц шуҭаххо еиԥш, зыбзиабара ҳарԥхо Иегова ҳаизааигәахалар ҳҭахуп. Иара игәыбылра ӷәӷәоуп. Шаҟа насыԥ дуузеи — Иегова ихаҭа бзиа ҳахьибо! Шәааи, аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш ҳаргьы иаҳҳәап: «Сара Иегова бзиа дызбоит!» (Аԥсал. 116:1). w24.01 31, абз. 19, 20

Ахәаша, август 29

Сара... ухьӡ рзаасыртит (Иоанн 17:26).

Иисус ауаа Анцәа Иегова шихьӡу мацара акәӡамызт ирзеиҭеиҳәоз, аҵабырг зеиҳәоз ауриацәа уи бзианы ирдыруан. Иара ауаа дрыцхраауан Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара (Иоанн 1:17, 18). Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа иднарбон Иегова шаҟа дрыцҳашьаҩу (Ақәҵ. 34:5—7). Иисус уи иаанаго деилиркааит иҟьалаз аԥа иаби иареи ирызку ажәамаана анырзеиҭеиҳәа. Иҟьалаз аԥа иаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз иҷкәын харантә даниба дыҩны дшиԥылаз, дшигәыдиҳәҳәалаз, насгьы гәыкала игха шианаижьыз аӡбахә ҳанаԥхьо, уи Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу аилкаара иҳацхраауеит (Лука 15:11—32). Иисус Иаб дзакәыҵәҟьоу ауаа идеилиркааит. w24.02 10, абз. 8, 9

Асабша, август 30

Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала... [егьырҭ] ргәы [шәырҭынчла] (2 Кор. 1:4).

Иегова амчи агәышьҭыхреи зҭаху уи риҭоит. Ишԥаҳалшо ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлар? Арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхлароуп. Уи ҳалшарц азы иаҭаху аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп. Иарбан ҟазшьақәоу урҭ? Еснагь ҳгәы шьҭибахларц азы арыцҳашьареи ақьиареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп (Кол. 3:12; 1 Фес. 4:18; 1 Пиотр 3:8). Шаҟа арыцҳашьареи ақьиареи ҳалоу аҟара, убриаҟара згәы ахьаа ҭоу ргәы ашьҭыхра ҳҭаххалоит. Иисус иҳәеит: «Ауаҩы игәы иҭоу ауп иҿы иаҳәо. Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп» (Матф. 12:34, 35). Ҳара агәаҟра иақәшәаз аишьцәеи аҳәшьцәеи ргәы анышьҭаҳхуа урҭ бзиа ишаҳбо рбоит. w23.11 10, абз. 10, 11

Амҽыша, август 31

Аҟәыӷақәа еилыркаауеит (Дан. 12:10).

Абиблиатә ԥааимбаражәақәа еилаҳкааларц азы ацхыраара ҳҭахуп. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг ахаан шәахьыҟамыз ҭыԥк ахь шәцазшәа. Аха шәара шәхала шәахьыҟам, насгьы уи аҭыԥ бзианы издыруа шәҩыза дахьшәыцу шәеигәырӷьоит. Иара шәахьыҟоу, насгьы амҩақәа зегь уахьнарго идыруеит. Иегова убас еиԥш иҟоу аҩыза диеиԥшуп. Иара иарбан аамҭоу ҳанынхо, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу идыруеит. Ус анакәха, абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкааларц азы ахынраалара аарԥшны Иегова ацхырааразы ҳиҳәалароуп (Дан. 2:28; 2 Пиотр 1:19, 20). Аҭаацәа бзиақәа рхәыҷқәа рзы аԥсҭазаара бзиа рҭахуп. Иеговагьы убри аҩыза Аб иоуп (Иер. 29:11). Аха иара ауаа ирылымшо илшоит, насгьы аԥхьаҟа иҟало шыҟало иҳәоит. Аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аҵак ду змоу ахҭысқәа ҳдыруазарц азы иара ахацәа шьоукы ргәазҭеиҵеит аԥааимбаражәақәа рҩырц (Ис. 46:10). w23.08 8, абз. 3, 4

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра