Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Амҽыша, сентиабр 14

Аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи... еилышәкаа[ла] (Еф. 3:18).

Аҩны аахәара шәгәы ианҭоу, уи аҩны жәбар, ибзианы шәахәаԥшыр шәҭаххоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ианҭаҳҵаауа, убасҵәҟьа ҟаҳҵоит. Шәара уи шәыццакы-ццакуа шәаԥхьар, «иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа» мацара роуп еилышәкаауа (Аур. 5:12). Ҳара аҩны анааҳхәо еиԥш, «аҩныҵҟа» ҳаҩналаны акәама-ҵамарақәа бзианы игәаҳҭароуп. Абиблиа ахәҭақәа злеидҳәалоу гәаҳҭалар, уи ибзианы аҭҵаара иҳацхраауеит. Зыгәра жәго аҵабыргқәа реилкаара адагьы, урҭ рыгәра зыжәго аилкаарагьы шәашьҭаз. Абиблиа ибзианы еилаҳкааларц азы, уи инарҵауланы иҭаҳҵаалароуп. Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵон Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵааларц, — уи «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи ибзианы еилы[ркаарц]» азы. Убасҟан дара рхаҵара ӷәӷәахон, рышьаҭагьы ӷәӷәазаауан (Еф. 3:14—19). Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. w23.10 18, абз. 1—3

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, сентиабр 15

Иегова ихьӡала ицәажәоз аԥааимбарцәа шәырҿыԥшла. Дара ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргон (Иак. 5:10).

Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳәоуп. Ишәылшома урҭ еиҳа еиӷьны рабадырра хықәкыс иқәшәыргылар? Иаҳҳәап, Давид. Иегова Давид Израиль аҳас даналих, уи зынӡа дқәыԥшын. Аха иара аҳра ҭыԥ иоуаанӡа акыр шықәса дыԥшыр акәхеит. Симеони Аннеи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Мессиа иаара иазыԥшнаҵы гәыкала Иегова имаҵ руан (Лука 2:25, 36—38). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҭоурыхқәа анҭышәҵаауа, шәхы абарҭ азҵаарақәа ашәҭала: «Ицхраазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иарбан хәарҭоу уи изаанагаз? Ишԥасылшо сара уи иҿыԥшра?» Ачҳара аазмырԥшыз ауаа рҭоурыхқәагьы ишәдырҵар алшо рацәоуп (1 Сам. 13:8—14). Шәхы шәазҵаа: «Иԥырхагахазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иалҵшәахазеи уи?» w23.08 25, абз. 15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, сентиабр 16

Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу (Иоанн 6:69).

Апостол Пиотр гәыкала иҟаз уаҩын. Иара Иисус ишьҭа дхыланы дцон, акы дааннакылартәгьы дыҟамызт. Пиотр Иисус гәыкала дшизыҟаз еиҳараӡак иааԥшит Иисус иҵаҩцәа ирзеилымкааз ак аниҳәа (Иоанн 6:68). Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Иисус иажәақәа ҵакыс ирымаз иҳәаанӡа дааныжьны ицеит. Аха Пиотр ус ҟаимҵаӡеит. Иара ибзианы еиликаауан «[Иисус] [и]ажәақәа... наӡаӡатәи аԥсҭазаара» шурҭо. Иисус идыруан Пиотри егьырҭ апостолцәеи дшаанрыжьуа. Аха агәра ганы иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр доуҳала дшыӷәӷәахо, насгьы гәыкала Анцәа имаҵ шиуло (Лука 22:31, 32). Иисус еиликаауан: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Марк 14:38). Убри аҟынтә Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахьгьы, Иисус Пиотр игәы ихымшәаӡеит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь даннеи, уи ихала дыҟазҭгьы ҟаларын (Марк 16:7; Лука 24:34; 1 Кор. 15:5). Ҳәарада, зыгха иахьхәыз Пиотр уи даараӡа дарӷәӷәеит. w23.09 22, абз. 9, 10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра