Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, сентиабр 15

Иегова ихьӡала ицәажәоз аԥааимбарцәа шәырҿыԥшла. Дара ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргон (Иак. 5:10).

Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳәоуп. Ишәылшома урҭ еиҳа еиӷьны рабадырра хықәкыс иқәшәыргылар? Иаҳҳәап, Давид. Иегова Давид Израиль аҳас даналих, уи зынӡа дқәыԥшын. Аха иара аҳра ҭыԥ иоуаанӡа акыр шықәса дыԥшыр акәхеит. Симеони Аннеи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Мессиа иаара иазыԥшнаҵы гәыкала Иегова имаҵ руан (Лука 2:25, 36—38). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҭоурыхқәа анҭышәҵаауа, шәхы абарҭ азҵаарақәа ашәҭала: «Ицхраазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иарбан хәарҭоу уи изаанагаз? Ишԥасылшо сара уи иҿыԥшра?» Ачҳара аазмырԥшыз ауаа рҭоурыхқәагьы ишәдырҵар алшо рацәоуп (1 Сам. 13:8—14). Шәхы шәазҵаа: «Иԥырхагахазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иалҵшәахазеи уи?» w23.08 25, абз. 15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, сентиабр 16

Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу (Иоанн 6:69).

Апостол Пиотр гәыкала иҟаз уаҩын. Иара Иисус ишьҭа дхыланы дцон, акы дааннакылартәгьы дыҟамызт. Пиотр Иисус гәыкала дшизыҟаз еиҳараӡак иааԥшит Иисус иҵаҩцәа ирзеилымкааз ак аниҳәа (Иоанн 6:68). Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Иисус иажәақәа ҵакыс ирымаз иҳәаанӡа дааныжьны ицеит. Аха Пиотр ус ҟаимҵаӡеит. Иара ибзианы еиликаауан «[Иисус] [и]ажәақәа... наӡаӡатәи аԥсҭазаара» шурҭо. Иисус идыруан Пиотри егьырҭ апостолцәеи дшаанрыжьуа. Аха агәра ганы иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр доуҳала дшыӷәӷәахо, насгьы гәыкала Анцәа имаҵ шиуло (Лука 22:31, 32). Иисус еиликаауан: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Марк 14:38). Убри аҟынтә Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахьгьы, Иисус Пиотр игәы ихымшәаӡеит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь даннеи, уи ихала дыҟазҭгьы ҟаларын (Марк 16:7; Лука 24:34; 1 Кор. 15:5). Ҳәарада, зыгха иахьхәыз Пиотр уи даараӡа дарӷәӷәеит. w23.09 22, абз. 9, 10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, сентиабр 17

Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа (Рим. 4:7).

Ауаҩы Анцәа дхеиҵозар, Анцәа уи игәнаҳақәа ианаижьуеит, мамзаргьы урҭ хиҩоит, насгьы уаҳа ахаан урҭ игәалаиршәаӡом (Аԥсал. 32:1, 2). Анцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы ахаҵара ахьимоу азы акгьы зхарам уаҩ иашаны диԥхьаӡоит. Авраам, Давид, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ зуаз егьырҭ ауаа уаа иашақәаны ишыԥхьаӡазгьы, урҭ наӡаӡамызт, насгьы агәнаҳа иаҵан. Аха урҭ ахаҵара ахьрымаз абзоурала Анцәа иҿаԥхьа вба рымамызт, еиҳараӡак Анцәа игәра зымгоз ауаа ирыҿурԥшуазар (Еф. 2:12). Апостол Павел иажәақәа еилыкка иудырбоит: Анцәа уиҩызахарц уҭахызар, ахаҵара умазароуп. Авраамгьы Давидгьы ахаҵара рымазар акәын. Ҳаргьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. w23.12 3, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра