Амҽыша, сентиабр 21
Аҳәса... рышьцыларақәа ирыцклаԥшлароуп, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшлароуп (1 Тим. 3:11).
Шаҟа ирласны ирызҳауазеи ахәыҷқәа! Урҭ ирызҳаларц азы акгьы ҟарҵаӡом. Аха доуҳала аизҳара ус имариам (1 Кор. 13:11; Аур. 6:1). Доуҳала ҳаизҳарц азы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәазароуп. Иара убас ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп ақьырсиантә ҟазшьақәеи аԥсҭазаараҿы иҳахәаша адыррақәеи реизырҳаразы, насгьы аԥхьаҟа иҳаур алшо аҭакԥхықәрақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы (Ажәам. 1:5). Иегова дишеит ахаҵа, дишеит аԥҳәыс (Аҟаз. 1:27). Еилкаауп урҭ ԥшрала ишеиԥшым. Аха дара злеиԥшым ԥшрала мацара акәӡам. Иегова урҭ ириҭаз адҵақәагьы еиԥшӡам. Урҭ нарыгӡаларц азы, дара иахәҭоу аҟазшьақәеи адыррақәеи рымазароуп (Аҟаз. 2:18). w23.12 18, абз. 1, 2
Ашәахьа, сентиабр 22
Ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи... рыхьӡала аӡы иӡаашәхла (Матф. 28:19).
Иҭахызма Иисус ауаа Иаб ихьӡ рҳәаларц? Ҳәарада! Иҟалап усҟантәи аамҭазы иҟаз адиннапхгаҩцәа шьоукы ргәы иаанагозҭгьы Анцәа ихьӡ даара иԥшьоуп аҟынтә, уи уҳәалар ҟалаӡом ҳәа. Аха Иисус ус еиԥш иҟаз аҵасқәа Иаб ихьӡ арҽхәара иԥырхагахар иуӡомызт. Ишәгәалашәыршәа герасаа рҳаблаҿы адемонцәа идыргәаҟуаз ахаҵа урҭ анихица иҟалаз. Ауаа шәан, Иисус наҟ дцарц иарҳәеит, иара ус иагьыҟаиҵеит (Марк 5:16, 17). Аха иара иҭахын уи аҳаблаҿы Иегова ихьӡ раҳарц. Убри аҟынтә иихәышәтәыз ахаҵа иҭынхацәа иҟалаз зегь рзеиҭеиҳәарц иеиҳәеит. Аха уи ҟазҵаз Иисус иакәымкәа, Иегова шиакәу иҳәар акәын (Марк 5:19). Иахьагьы Иисус иҭахуп Иаб ихьӡ ауаа ираҳарц! (Матф. 24:14; 28:20). Ажәабжьҳәараҿы Анцәа ихьӡ анаҳҳәо, Ҳаҳ, Иисус, дҳаргәырӷьоит. w24.02 10, абз. 10
Аҩаша, сентиабр 23
Сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп (Аат. 2:3).
Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Аха Иегова иорганизациаҿы ҳара агәҭынчра ҳамоуп. Анцәа аӡәк иеиԥш иҟоу адунеизегьтәи аиашьара ҳаиҭеит (Аԥсал. 133:1). Иара убас иара ҳҭаацәара аҩныҵҟа ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара дҳацхраауеит (Еф. 5:33—6:1). Уи адагьы, агәҭынчра ҳаурц азы иҟаҳҵаша ҳаиҳәоит. Аха Иегова имаҵ аура анымариамгьы ыҟоуп. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәоит ма иҟарҵоит. Мамзаргьы ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәы каҳауеит, еиҳараӡак ус зныкымкәа-ҩынтәымкәа иҳахьуазар. Ҳара Иегова имаҵ аура ҳаҟәымҵроуп: 1) аиашьа ҳаниргәаауа ма аиаҳәшьа, 2) ҳхатә ҩыза ҳгәы анкаижьуа, мамзаргьы 3) ҳхы ҳгәы анахшәо. w24.03 14, абз. 1, 2