Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, сентиабр 22

Ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи... рыхьӡала аӡы иӡаашәхла (Матф. 28:19).

Иҭахызма Иисус ауаа Иаб ихьӡ рҳәаларц? Ҳәарада! Иҟалап усҟантәи аамҭазы иҟаз адиннапхгаҩцәа шьоукы ргәы иаанагозҭгьы Анцәа ихьӡ даара иԥшьоуп аҟынтә, уи уҳәалар ҟалаӡом ҳәа. Аха Иисус ус еиԥш иҟаз аҵасқәа Иаб ихьӡ арҽхәара иԥырхагахар иуӡомызт. Ишәгәалашәыршәа герасаа рҳаблаҿы адемонцәа идыргәаҟуаз ахаҵа урҭ анихица иҟалаз. Ауаа шәан, Иисус наҟ дцарц иарҳәеит, иара ус иагьыҟаиҵеит (Марк 5:16, 17). Аха иара иҭахын уи аҳаблаҿы Иегова ихьӡ раҳарц. Убри аҟынтә иихәышәтәыз ахаҵа иҭынхацәа иҟалаз зегь рзеиҭеиҳәарц иеиҳәеит. Аха уи ҟазҵаз Иисус иакәымкәа, Иегова шиакәу иҳәар акәын (Марк 5:19). Иахьагьы Иисус иҭахуп Иаб ихьӡ ауаа ираҳарц! (Матф. 24:14; 28:20). Ажәабжьҳәараҿы Анцәа ихьӡ анаҳҳәо, Ҳаҳ, Иисус, дҳаргәырӷьоит. w24.02 10, абз. 10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, сентиабр 23

Сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп (Аат. 2:3).

Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Аха Иегова иорганизациаҿы ҳара агәҭынчра ҳамоуп. Анцәа аӡәк иеиԥш иҟоу адунеизегьтәи аиашьара ҳаиҭеит (Аԥсал. 133:1). Иара убас иара ҳҭаацәара аҩныҵҟа ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара дҳацхраауеит (Еф. 5:33—6:1). Уи адагьы, агәҭынчра ҳаурц азы иҟаҳҵаша ҳаиҳәоит. Аха Иегова имаҵ аура анымариамгьы ыҟоуп. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәоит ма иҟарҵоит. Мамзаргьы ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәы каҳауеит, еиҳараӡак ус зныкымкәа-ҩынтәымкәа иҳахьуазар. Ҳара Иегова имаҵ аура ҳаҟәымҵроуп: 1) аиашьа ҳаниргәаауа ма аиаҳәшьа, 2) ҳхатә ҩыза ҳгәы анкаижьуа, мамзаргьы 3) ҳхы ҳгәы анахшәо. w24.03 14, абз. 1, 2

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, сентиабр 24

Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).

Аамҭа-аамҭала змаҵзура зырҭбааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә шәаҳалоит. Иҟалап дара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иахысзар, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасзар. Шәаргьы уи шәылшозар, ԥхьаҟа шәеиха! Иегова имаҵзуҩцәа еснагь еиҳаны аҟаҵаразы алшарақәа ирышьҭоуп (Аус. 16:9). Аха уажәы шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны еиҳаны аҟаҵара шәылымшозар? Акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәымхәыцлан. Ақьырсиантә мҩа шәанымҵын (Матф. 10:22). Шәҭагылазаашьа иахьынӡашәылнаршо Иегова имаҵ жәула. Уи шәыцхраауеит анаҩсгьы Христос ишьҭанеира (Аԥсал. 26:1). w24.03 10, абз. 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра