Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахаша, сентиабр 24

Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).

Аамҭа-аамҭала змаҵзура зырҭбааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә шәаҳалоит. Иҟалап дара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иахысзар, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасзар. Шәаргьы уи шәылшозар, ԥхьаҟа шәеиха! Иегова имаҵзуҩцәа еснагь еиҳаны аҟаҵаразы алшарақәа ирышьҭоуп (Аус. 16:9). Аха уажәы шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны еиҳаны аҟаҵара шәылымшозар? Акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәымхәыцлан. Ақьырсиантә мҩа шәанымҵын (Матф. 10:22). Шәҭагылазаашьа иахьынӡашәылнаршо Иегова имаҵ жәула. Уи шәыцхраауеит анаҩсгьы Христос ишьҭанеира (Аԥсал. 26:1). w24.03 10, абз. 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, сентиабр 25

Иара гәык-ԥсыкала ҳус цәгьақәа ҳанаижьит (Кол. 2:13).

Жәҩантәи Ҳаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рыгәнаҳақәа шранаижьуа иақәиргәыӷуеит (Аԥсал. 86:5). Убри аҟынтә гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова игәра ҳгар ҳалшоит: иара ишәанасыжьит ҳәа иҳәазар, иҳанаижьҵәҟьеит. Ишәхашәмыршҭлан Иегова ишәылымшо дшазыԥшым. Иара дыззыԥшу шәымч зықәхо ауп. Иегова игәы иахәоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо, уи маҷзаргьы. Иара убас шәазхәыц Иегова изы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збоз ақьырсианцәа рҿырԥшы. Иаҳҳәап, Павел. Иара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ иуан, илшоз зегь ҟаиҵон. Иара еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырҭааит, аизарақәа рацәаны еиҿикааит. Аха зны-зынла иҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуан, шаҟа иҭахызгьы ажәабжь изҳәаӡомызт. Иаанагозма уи Иегова дизыразӡамызт ҳәа? Ҳәарада, мап. Павел илшоз зегь ҟаиҵон, Иеговагьы дизылԥхон (Аус. 28:30, 31). Ҳҭагылазаашьақәагьы рҽырыԥсахлар алшоит. Иахьа Иегова изы ирацәаны иҟаҳҵозар ауеит, уаҵәы — уи ҳалымшар ҟалоит. Аха ихадоу уи акәӡам. Иегова изы ихадоу иҟаҳҵо зыҟаҳҵо ауп. w24.03 27, абз. 7, 9

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, сентиабр 26

Ашьжьымҭан... [Иисус] аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит (Марк 1:35).

Иисус Анцәа ишиҳәалатәу аҿырԥшы иҵаҩцәа ирзынижьит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иегова диҳәон. Уи азы аамҭа алихлар акәын, избанзар иааигәара есымша ауаа рацәан, ихазы минуҭк анимамызгьы ыҟан (Марк 6:31, 45, 46). Иисус ҭынч Анцәа диҳәарц азы шьыжьымҭан шаанӡа дгылон. Ҳара иаҳдыруеит зны иара ихадоу аӡбара идикыларц азы аухантәарак Анцәа дышиҳәоз (Лука 6:12, 13). Иԥсра уахык шагызгьы иара зныкымкәа Анцәа диҳәон, избанзар адгьыл аҿы дыҟанаҵы ихигахьаз аԥышәарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәара ихигар акәын (Матф. 26:39, 42, 44). Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵоит егьа аус ҳамазаргьы, Анцәа иҳәаразы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу. Иҟалап уи азы ҳаграфик аҿы аамҭа алхтәхар. Иаҳҳәап, еиҳа заа ҳгылалар ҳалшоит, мамзаргьы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, ҳацәара аамҭа маҷк инаскьаҳгар ҳалшоит. Убас Иегова иҳарбоит иҷыдоу уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо. w23.05 3, абз. 4, 5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра