Аԥшьаша, сентиабр 25
Иара гәык-ԥсыкала ҳус цәгьақәа ҳанаижьит (Кол. 2:13).
Жәҩантәи Ҳаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рыгәнаҳақәа шранаижьуа иақәиргәыӷуеит (Аԥсал. 86:5). Убри аҟынтә гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова игәра ҳгар ҳалшоит: иара ишәанасыжьит ҳәа иҳәазар, иҳанаижьҵәҟьеит. Ишәхашәмыршҭлан Иегова ишәылымшо дшазыԥшым. Иара дыззыԥшу шәымч зықәхо ауп. Иегова игәы иахәоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо, уи маҷзаргьы. Иара убас шәазхәыц Иегова изы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збоз ақьырсианцәа рҿырԥшы. Иаҳҳәап, Павел. Иара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ иуан, илшоз зегь ҟаиҵон. Иара еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырҭааит, аизарақәа рацәаны еиҿикааит. Аха зны-зынла иҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуан, шаҟа иҭахызгьы ажәабжь изҳәаӡомызт. Иаанагозма уи Иегова дизыразӡамызт ҳәа? Ҳәарада, мап. Павел илшоз зегь ҟаиҵон, Иеговагьы дизылԥхон (Аус. 28:30, 31). Ҳҭагылазаашьақәагьы рҽырыԥсахлар алшоит. Иахьа Иегова изы ирацәаны иҟаҳҵозар ауеит, уаҵәы — уи ҳалымшар ҟалоит. Аха ихадоу уи акәӡам. Иегова изы ихадоу иҟаҳҵо зыҟаҳҵо ауп. w24.03 27, абз. 7, 9
Ахәаша, сентиабр 26
Ашьжьымҭан... [Иисус] аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит (Марк 1:35).
Иисус Анцәа ишиҳәалатәу аҿырԥшы иҵаҩцәа ирзынижьит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иегова диҳәон. Уи азы аамҭа алихлар акәын, избанзар иааигәара есымша ауаа рацәан, ихазы минуҭк анимамызгьы ыҟан (Марк 6:31, 45, 46). Иисус ҭынч Анцәа диҳәарц азы шьыжьымҭан шаанӡа дгылон. Ҳара иаҳдыруеит зны иара ихадоу аӡбара идикыларц азы аухантәарак Анцәа дышиҳәоз (Лука 6:12, 13). Иԥсра уахык шагызгьы иара зныкымкәа Анцәа диҳәон, избанзар адгьыл аҿы дыҟанаҵы ихигахьаз аԥышәарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәара ихигар акәын (Матф. 26:39, 42, 44). Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵоит егьа аус ҳамазаргьы, Анцәа иҳәаразы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу. Иҟалап уи азы ҳаграфик аҿы аамҭа алхтәхар. Иаҳҳәап, еиҳа заа ҳгылалар ҳалшоит, мамзаргьы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, ҳацәара аамҭа маҷк инаскьаҳгар ҳалшоит. Убас Иегова иҳарбоит иҷыдоу уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо. w23.05 3, абз. 4, 5
Асабша, сентиабр 27
Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит (Рим. 5:5).
Шәрызхәыц «бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» ҳәа хыхь иаагоу ажәеинраалаҿы иҳәоу ажәақәа. Абар еилыркаагатә усумҭак аҿы уи ишахцәажәо: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рыгәқәа рахь абзиабара «арҩаш еиԥш идәықәлеит». Шаҟа ибзианы иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа абык иаҳасабала бзиа ишибо! Дара Анцәа бзиа ишибо рдыруеит (Иуда 1). Абар апостол Иоанн урҭ рцәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Шәахәаԥш Ҳаб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу — иара ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалартә алшара ҳаиҭеит» (1 Иоанн 3:1). Аха Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа мацара роума бзиа иибо? Мап. Ҳара зегьы бзиа ҳшибо ҳаилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Анцәа бзиа ҳшибо? Аҿыхра. Уи еиҳау акрыҟоума? (Иоанн 3:16; Рим. 5:8). w24.01 28, абз. 9, 10