Асабша, сентиабр 27
Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит (Рим. 5:5).
Шәрызхәыц «бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» ҳәа хыхь иаагоу ажәеинраалаҿы иҳәоу ажәақәа. Абар еилыркаагатә усумҭак аҿы уи ишахцәажәо: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рыгәқәа рахь абзиабара «арҩаш еиԥш идәықәлеит». Шаҟа ибзианы иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа абык иаҳасабала бзиа ишибо! Дара Анцәа бзиа ишибо рдыруеит (Иуда 1). Абар апостол Иоанн урҭ рцәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Шәахәаԥш Ҳаб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу — иара ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалартә алшара ҳаиҭеит» (1 Иоанн 3:1). Аха Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа мацара роума бзиа иибо? Мап. Ҳара зегьы бзиа ҳшибо ҳаилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Анцәа бзиа ҳшибо? Аҿыхра. Уи еиҳау акрыҟоума? (Иоанн 3:16; Рим. 5:8). w24.01 28, абз. 9, 10
Амҽыша, сентиабр 28
Ацхырааразы сануҳәалак, саӷацәа бналоит. Агәра ганы сыҟоуп: Анцәа сара дсыдгылоуп (Аԥсал. 56:9).
Хыхь иаагоу ажәеинраала иаҳнарбоит Давид ашәара аиааира ицхраауаз. Иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, Иегова аԥхьаҟа иара изы иҟаиҵо дазхәыцуан. Давид идыруан ианаамҭоу Иегова дшеиқәирхо, избанзар иара Израиль анаҩстәи аҳас дшалихыз иҳәахьан (1 Сам. 16:1, 13). Давид агәра ганы дыҟан: Иегова ак иҳәазар, уи намӡакәа инхаӡом. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова ҳара зегьы? Иара ауадаҩрақәа зегь ҳарцәихьчалоит ҳәа ҳазыԥшӡам. Аха ҳара иаҳдыруеит, адунеи ҿыц аҿы Иегова иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь шықәиго (Ис. 25:7—9). Ҳазшаз амч имоуп иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы, ҳчымазарақәа рҟынтә ҳахәышәтәразы, аемоциатә чымазарақәагьы уахь иналаҵаны, насгьы ҳаӷацәа рықәгаразы (1 Иоанн 4:4). w24.01 6, абз. 12, 13
Ашәахьа, сентиабр 29
Насыԥ имоуп зыцәгьоура зхыху, зыгәнаҳа занажьу ауаҩы (Аԥсал. 32:1).
Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽшӡаашәхыз шәазхәыцла. Избан шәара арҭ ашьаҿақәа зыҟашәҵаз? Избанзар Иегова иган аанышәкылар шәҭахын. Ишәгәалашәыршәа аҵабырг шеилышәкааз. Шәара Иегова изку ииашоу адыррақәа шәоуит, насгьы жәҩантәи Шәаб бзиа ибареи пату иқәҵареи шәалагеит. Шәара ахаҵара еизшәырҳаит, насгьы шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит. Иара убас шәгәы ишәыҵанаҳәеит уаанӡатәи шәыԥсҭазаара ааныжьны, Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара. Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьыз анеилышәкаа, агәҭынчра шәоуит (Аԥсал. 32:2). Шәара ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәареи, еилышәкааз зеиԥшыҟам аҵабырг аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи шәалагеит. Уи ашьҭахь шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкит, аӡгьы шәыҽӡаашәхит. Уажәшьҭа шәара аԥсҭазаарахь уназго амҩа шәануп, уи ааныжьра шәыгәгьы иҭаӡам (Матф. 7:13, 14). Шәҽырӷәӷәаны Иегова иган аҿы шәгылаз, гәыкала бзиа дыжәбала, насгьы иара иҟынтә ишәоуа амҩақәҵарақәа еснагь лакҩакрада шәрықәныҟәала. w23.07 17, абз. 14; 19, абз. 19