Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, сентиабр 29

Насыԥ имоуп зыцәгьоура зхыху, зыгәнаҳа занажьу ауаҩы (Аԥсал. 32:1).

Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽшӡаашәхыз шәазхәыцла. Избан шәара арҭ ашьаҿақәа зыҟашәҵаз? Избанзар Иегова иган аанышәкылар шәҭахын. Ишәгәалашәыршәа аҵабырг шеилышәкааз. Шәара Иегова изку ииашоу адыррақәа шәоуит, насгьы жәҩантәи Шәаб бзиа ибареи пату иқәҵареи шәалагеит. Шәара ахаҵара еизшәырҳаит, насгьы шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит. Иара убас шәгәы ишәыҵанаҳәеит уаанӡатәи шәыԥсҭазаара ааныжьны, Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара. Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьыз анеилышәкаа, агәҭынчра шәоуит (Аԥсал. 32:2). Шәара ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәареи, еилышәкааз зеиԥшыҟам аҵабырг аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи шәалагеит. Уи ашьҭахь шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкит, аӡгьы шәыҽӡаашәхит. Уажәшьҭа шәара аԥсҭазаарахь уназго амҩа шәануп, уи ааныжьра шәыгәгьы иҭаӡам (Матф. 7:13, 14). Шәҽырӷәӷәаны Иегова иган аҿы шәгылаз, гәыкала бзиа дыжәбала, насгьы иара иҟынтә ишәоуа амҩақәҵарақәа еснагь лакҩакрада шәрықәныҟәала. w23.07 17, абз. 14; 19, абз. 19

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, сентиабр 30

Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит (1 Кор. 10:13).

Иегова шәҽанизышәкуаз еснагь игәы иахәо шыҟашәҵало ажәа шишәҭаз шәазхәыцлар, уи шәхызхыр алшо аҿагылара ишәыцхраауеит. Иаҳҳәап, шәалагома аҭаацәара иалоу аӡәы шәхы игәарԥхара? Ҳәарада, мап! Шәара уи аҩыза ахымҩаԥгашьа мап ацәышәкхьеит. Уи шәара шәахьчоит. Иҽеим агәаҳәарақәа анеизурҳалак иаанаго ахьаа шәаргәаҟлаӡом. Шаҟа шәеигәырӷьалозеи агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа шәахьанымлаз! (Ажәам. 4:14, 15). Шәазхәыц Иисус иҿырԥшы. Иара еснагь Иаб иргәырӷьара дашьҭан. Иисус иҿырԥшы шәыцхраауеит шәҽыззышәкыз Анцәа игәы изырхьыр алшо акы иаразнак мап ацәкра (Матф. 4:10; Иоанн 8:29). Аԥышәарақәеи ахыхрақәеи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацара шаҳҭаху аарԥшразы алшара ҳарҭоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова уи аҿы дышшәыцхраауа. w24.03 9—10, абз. 8—10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 1

Жәҩанынтә аҟәыӷара... аӡырҩра иазхиоуп (Иак. 3:17).

Ишәцәыцәгьоума шәара аҳәатәхаҵара аарԥшра? Шәара шәымацара шәакәӡам уи зцәыцәгьоу. Иаҳҳәап, аҳ Давид Иегова даараӡа бзиа дибон. Аха иаргьы аҳәатәхаҵара аарԥшра анизымариамыз ыҟан. Убри аҟынтә иара абас Анцәа диҳәон: «Уара узыӡырҩра агәаҳәара сыҭ» (Аԥсал. 51:12). Избан ауаа аҳәатәхаҵара абас изырцәыцәгьоу? Актәи, ҳаниуа инаркны аҳәатәхамҵара ҳалоуп. Аҩбатәи, Аҩсҭаа ихаҭа Иегова дшиҿагылаз еиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳаиҿагыларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (2 Кор. 11:3). Ахԥатәи, ҳахьынхо адунеи аҳәатәхамҵара алаҽны иҟоуп (Еф. 2:2). Ҳара ииашам ҳгәаҳәарақәеи, Аҩсҭаа инырреи, идунеи анырреи ҳарҿагылалароуп, насгьы Иегова амчра зиҭази иареи ҳарзыӡырҩларц азы аџьабаа ҳбалароуп. w23.10 6, абз. 1

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра