Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2015 шықәса август 31 рзы иалаго амчыбжь азы.
Иарбан Анцәа Иегова иахь ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо ҵабыргқәоу иаҳбо Соломон инцәаиҳәараҿы, насгьы ишԥаҳацхраауеи урҭ рызхәыцра? (1 Аҳ. 8:22—24, 28) (ииуль 6, w05-U 1/7 ад. 30, абз. 3).
Ишԥаҳацхраауеи «гәыцқьала» иҟаз Давид иҿырԥштәы убасҵәҟьа ахымҩаԥгараҿы? (1 Аҳ. 9:4) (ииуль 13, bw528-U ад. 7, абз. 18, 19).
Иарбан ихадоу уроку ҳара иалаҳхыр ҳалшо Иегова Сарепта инхоз аԥҳәысеиба лахь Илиа дшиишьҭыз иазку аацҳара аҟынтә? (1 Аҳ. 17:8—14) (ииуль 27, bw543-U ад. 14).
Ишԥаҳацхраауеи 1 Аҳцәа 17:10—16 аҟны иану ахҭыс Иегова аҵыхәтәанынӡа игәрагара? (ииуль 27, bw543-U ад. 13—15).
Иарбан хәарҭоу ҳара иалҳгар ҳалшо Илиа агәкаҳара дшаиааиз аҟынтә? (1 Аҳ. 19:4) (авг. 3, ia–U ад. 102, абз. 10—12; bw544-U ад. 15, абз. 15, 16).
Иҟаиҵазеи Иегова изиашаз аԥааимбар Илиа игәы шкаҳаз аниба, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо абзиабара злоу Ҳанцәа? (1 Аҳ. 19:7, 8) (авг. 3, bw547-U ад. 27, абз. 15, 16).
Иарбан ииашам хәыцшьоу аҳ Ахав имаз, насгьы ишԥарылшо иахьатәи ақьырсианцәа уи агха рҽацәырыхьчар? (авг. 10, lv-U ад. 164, 165, арамка; bp143-U ад. 14, абз. 3, 4).
Иаҳнарҵар алшозеи Елисеи Илиа иахь иҟаиҵаз аҳәара, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ҳара амаҵзураҿы аҭакԥхықәра ҿыц ҳаузар? (2 Аҳ. 2:9, 10) (авг. 17, w03-U 1/11 ад. 31, абз. 5, 6).
Ишԥарылшо аҿар 2 Аҳцәа 5:1—3 аҟны зыӡбахә аҳәо израильтәи аӡӷаб хәыҷы лыгәрахаҵареи лгәымшәареи рҿыԥшра? (авг. 24, bw519-U, ад. 12, абз. 11).
Иарбан Ииуи имаз ҟазшьақәоу аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иегова имаҵзуҩцәа зегьы зҿыԥшлар рыхәҭоу? (2 Аҳ. 10:16) (август 31, bw516-U ад. 5, абз. 4).