Август 31 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
АВГУСТ 31 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 42, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 11, абз. 1—7, ад. 139 иану арамка (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 2 Аҳцәа 9—11 (8 мин)
Аиҭахысра (20 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Сыҩнаҭеи сареи — ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит» (Иис. Н. 24:15).
10 мин. Сентиабр азы изаамҭанытәу аброшиура рыдаҳгалалар шҳалшо. Ахцәажәара. Раԥхьа еиҿкаа аброшиура шрыдгалатәу узырбо адемонстрациа, ари адаҟьаҿы иаагоу адгалара ухы иархәаны. Анаҩс хәҭа-хәҭала еилырга ари адгалара.
10 мин. Ишәоуама шәара «ианаамҭоу» афатә? Ажәахә, аброшиура «Иарбан рольу аҳәсақәа инарыгӡо Иегова игәҭакаҿы?» (bw-U 549), ад. 3—5 шьаҭас измоу. Зегьы ргәазҭаҵа ирымоу адоуҳатә фатәы нагӡаны рхы иадырхәаларц.
10 мин. Иарбан доуҳатә хықәкқәоу уара иумоу 2016 амаҵзуратә шықәсазы? Ахцәажәара, ашәҟәы «Еиҿкаауп» ад. 118, абз. 2 шьаҭас измоу. Еиҿкаа адемонстрациа, иааираны иҟоу амаҵзуратә шықәсазы хаҵеи ԥҳәыси рҿаԥхьа иқәдыргылаз рдоуҳатә хықәкқәа ишрылацәажәо узырбо.
Ашәа 10, анцәаиҳәара