1 Аҳцәа
13 Иеровоа́м акәырбан былны алҩа ишьҭырц азы акәырбаннагарҭа азааигәара дангылаз, Иудеиантәи Вефи́льҟа Иегова иааишьҭыз Анцәа иуаҩы дааит. 2 Иара акәырбаннагарҭахь ихы ирхан, Иегова иҳәа ҳәа иеиҳәаз иҳәеит: «Акәырбаннагарҭа, акәырбаннагарҭа! Абас иҳәоит Иегова: „Давид иҩнаҿы Ио́сиа зыхьӡу аԥа диуеит! Иара уара уҿы уара иуқәҵаны акәырбанқәа збылуа аԥшьаҭыԥқәа рыԥшьаҩцәа кәырбанс инеигоит, ауаа рыбаҩқәагьы ибылуеит“». 3 Уи аҽны иара адырга риҭоит. Иара абас иҳәоит: «Абар Иегова иҟынтә адырга: акәырбаннагарҭа ԥҽуеит, уи иҭаԥсоу ахәа* каԥсоит».
4 Акәырбаннагарҭа ааигәара игылаз аҳ Иеровоа́м Анцәа иуаҩы Вефи́ль иҟаз акәырбаннагарҭа иазкны ииҳәаз аниаҳа, инапы ааирххан: «Дышәкы!» — ҳәа ҿааиҭит. Убри аминуҭазгьы инапы ҩан, измырҵысуа иҟалеит. 5 Акәырбаннагарҭа ԥҽит, ахәагьы каԥсеит. Зегьы Анцәа иуаҩы Иегова иҟынтә ииҳәаз инақәыршәаны иҟалеит.
6 Аҳ Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, Унцәа Иегова срыцҳаишьарц уиҳәа, усызиҳәа снапы бзиахарц азы». Анцәа иуаҩы Иегова диҳәан, аҳ инапы уаанӡа еиԥш ибзиахеит. 7 Усҟан аҳ Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Уаала аҩныҟа, акруфап, сара аҳамҭа усҭоит». 8 Аха Анцәа иуаҩы аҳ ус иеиҳәеит: «Уҩны абжа суҭаргьы суцны сцаӡом, ари аҭыԥ аҿы акрагьысфом, акрагьызжәуам, 9 избанзар Иегова исеиҳәеит: „Ари аҭыԥ аҿы ача умфан, аӡы умжәын, узлааз амҩалагьы умхынҳәын“». 10 Иара Вефи́льҟа дызлааз амҩала акәымкәа, даҽа мҩак ала дцеит.
11 Вефи́ль дынхон зықәрахь инеихьаз ԥааимбарк. Иҷкәынцәа аҩныҟа ианыхынҳә, Анцәа иуаҩы уи аҽны Вефи́ль иҟаиҵаз зегь изеиҭарҳәеит, иара убас уи ауаҩ аҳ иеиҳәаз зегь иарҳәеит. 12 Усҟан раб дразҵааит: «Мҩас дызлацеи?» — иԥацәагьы Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩы дызлацаз амҩа идырбеит. 13 Иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Аҽада шәырмазеи». Аҽада андырмазеи, иара уи днақәтәеит.
14 Иара Анцәа иуаҩы дишьҭаланы дцеит. Данынаԥш, аҵла ду амҵан дыштәаз ибеит. Иара дҵааит: «Уара уоума Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩы?» — «Сара соуп», — иҳәеит иара. 15 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар ус иҳәеит: «Уаала сыҩныҟа, ача уфап». 16 Аха иара иҳәеит: «Сара сгьежьны, суцны сызцаӡом, ара акрысзыфаӡом, акрысзыжәӡом. 17 Иегова ус сеиҳәеит: „Уа акрыумфан, акрыумжәын, узлааз амҩалагьы умхынҳәын“». 18 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар ус иҳәеит: «Саргьы уара уеиԥш сԥааимбаруп. Амаалықь Иегова иҟынтә абас сеиҳәеит: „Дырхынҳә, уҩны ача ифарц, аӡы ижәырц“». (Аха уи дижьеит.) 19 Убас Анцәа иуаҩы дгьежьын, уи аԥааимбар дицны иҩныҟа дцеит, акрифарц, акрижәырц азы.
20 Астол ишахатәаз, зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Иегова иҟынтә аацҳара иоуит. 21 Иара Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩ иахь ихы ирхан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Уара Иегова уизымӡырҩӡеит, Унцәа Иегова иуиҭаз адҵа наумыгӡаӡеит. 22 Уара ухынҳәит ари аҭыԥ ахь, акрагьуфеит, акрагьужәит, ‚уа ача умфан, аӡы умжәын‘ ҳәа шуасҳәахьазгьы. Убри азы убаҩқәа уабацәа ахьжу аҭыԥ аҿы анышә иарҭаӡом“».
23 Анцәа иуаҩы акранифа, акранижә, зықәрахь инеихьаз аԥааимбар иара изы* аҽада ирмазеит. 24 Аԥааимбар амҩа дықәлеит, аха амҩан алым игәыдлан, дашьит. Иара амҩаҿы дкажьын, иааигәара аҽадеи алыми гылан. 25 Имҩасны ицоз ауаа ирбеит амҩаҿы аԥсы дышкажьу, иааигәарагьы алым шгылоу. Дара зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дахьынхоз ақалақь ахь ицан, зегь изеиҭарҳәеит.
26 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар иҟалаз аниаҳа, ус иҳәеит: «Ари Иегова ииҳәаз ҟазымҵаз Анцәа иуаҩ иоуп. Иегова уи алым деиҭан, деимнажәжәеит. Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟалеит». 27 Нас иԥацәа ус реиҳәеит: «Аҽада шәырмазеи». Даргьы идырмазеит. 28 Нас амҩа дықәлеит. Иара амҩаҿы икажьыз аԥсы дибеит, уи иааигәара алыми аҽадеи гылан. Алым аԥсы дамфаӡеит, аҽадагьы иаламкьысӡеит. 29 Аԥааимбар Анцәа иуаҩы иԥсыбаҩ аашьҭихын, аҽада инақәиҵан, иқалақь ахь дигеит, дҵәыуаны анышә дарҭарц азы. 30 Иара аԥсы идамра дҭеиҵеит. Уи абас дырҵәыуон: «Изакә рыцҳароузеи, сашьа! Изакә рыцҳароузеи!» 31 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар уи анышә данеиҭа, иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Саныԥслак, Анцәа иуаҩы иган аҿы анышә сашәҭ, сыбаҩқәа ибаҩқәа рывараҿы ишьҭашәҵ. 32 Иара Вефи́ль иҟоу акәырбаннагарҭеи самариатәи ақалақьқәа рҿы аҳаракырақәа рҿы иҟоу аԥшьаҭыԥқәеи ирызкны Иегова иҟынтә ииҳәаз хымԥада инаӡоит».
33 Иеровоа́м уи ашьҭахьгьы имҩа цәгьа аанимыжьӡеит. Иара ажәлар зегь рҟынтә аԥшьаҩцәа алихуан, аԥшьаҭыԥқәа рҿы ԥшьаҩцәас амаҵ руларц азы. Иара ԥшьаҩыс амаҵ зулар зҭахыз зегьы ԥшьаҩцәас иҟаиҵон, иагьиҳәон: «Аԥшьаҭыԥ аҿы ԥшьаҩыс амаҵ иулааит». 34 Иеровоа́м иҩнаҭа иатәыз иҟарҵаз агәнаҳа иҭанархеит, дара адгьыл аҟынтә иқәӡааит.