1 Аҳцәа
14 Уи аамҭазы Иеровоа́м иԥа А́виа дычмазаҩхеит. 2 Иеровоа́м иԥҳәыс ус леиҳәеит: «Сбыҳәоит, Иеровоа́м иԥҳәыс шбакәу уаҩы изымдырыртә еиԥш ак бышәҵаны, Сило́мҟа аԥааимбар А́хиа иахь бца. Иара иоуп исазҳәаз ари ажәлар аҳас сшырхагыло. 3 Жәа-чаки, ак зқәыԥсоу амгьалқәеи, ҟәџьалк ацхеи быманы иара иахь бца. Иара ибеиҳәоит аҷкәын изыԥшу».
4 Иеровоа́м иԥҳәыс убас иагьыҟалҵеит. Лара лҽааидылкылан, Сило́мҟа дцан, А́хиа иҩны днеит. А́хиа длашәын, иқәрахь днеихьан азы илақәа ирбаӡомызт.
5 Иегова А́хиа ус иеиҳәеит: «Иеровоа́м иԥҳәыс уара уахь даауеит, лыҷкәын изы дузҵаарц, избанзар иара дычмазаҩуп. Сара илоуҳәаша уасҳәоит*. Лара данааилак даҽаӡә лакәушәа лхы аалырԥшлоит».
6 Ашә аҿы лшьапышьҭыбжь аниаҳа, А́хиа ус иҳәеит: «Быҩнал, Иеровоа́м иԥҳәыс. Бызусҭоу зыбҵәахуеи? Сара бара бзы ажәабжь цәгьа сымоуп. 7 Бцаны Иеровоа́м ус иаҳә: „Абас иҳәоит Израиль Анцәа Иегова: ‚Сара уара уалысхит, сыжәлар Израиль азы ԥхьагылаҩыс уҟасҵарц азы. 8 Аҳра Давид иҩны иамжәаны уара иусҭеит. Аха уара сыԥҟарақәа назыгӡоз, гәык-ԥсыкала сымаҵ зуаз* смаҵзуҩы Давид уиеиԥшымхаӡеит. Иара ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоз мацара ауп иҟаиҵоз. 9 Уара зегьы уреицәахеит, уаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәоу ҟауҵоит, уара даҽа нцәак дҟауҵеит, иҟауҵеит слазырҟәуа иҭарҭәоу асахьақәа, сара усыцәхьаҵит. 10 Уи азы сара Иеровоа́м иҩны арыцҳара иақәсыршәоит! Иеровоа́м иҿы ахацәа зегьы, иԥсыҽугьы зхы иамыхәогьы, ықәызгоит. Иеровоа́м ишьҭра ауац шықәырго еиԥш иқәызгоит, ицқьаӡа иҟалаанӡа! 11 Иеровоа́м ақалақь аҿы ицәыԥсуа — алақәа дырфоит, адәаҿы ицәыԥсуа — аҵарақәа дырфоит, избанзар Иегова ус иҳәеит‘“.
12 Бара аҩныҟа бца. Ақалақь баналалалак ахәыҷы дыԥсуеит. 13 Израильаа зегьы дырҵәыуоит, нас анышә дарҭоит. Иара заҵәык иоуп Иеровоа́м иҭаацәараҿы анышә иарҭо, избанзар Израиль Анцәа Иегова Иеровоа́м иҩнаҭаҿы иара заҵәык иоуп бзиарак здибалаз. 14 Иааиуеит амш Иегова Израиль Иеровоа́м иҩнаҭа ықәызхуа аҳ данахаиргыло, уи амш зынӡа иааигәоуп. 15 Иегова Израиль иақәнагоу иақәиршәоит, уи аӡы иҭагылоу акалам* еиԥш иҵыс-ҵыслоит. Иара израильаа рдац ианкны рабацәа ириҭаз ари адгьыл бзиа аҟынтә иҵихуеит, Евфрат анхыҵ иԥсаҟьаны иалеиҵоит, избанзар дара иԥшьоу ашьаҟақәа* ҟаҵаны Иегова дладырҟәуан. 16 Иара Иеровоа́м ихаҭа иҟаиҵаз, израильаагьы идирҟаҵаз агәнаҳақәа ирыхҟьаны Израиль аанижьит».
17 Нас Иеровоа́м иԥҳәыс дхынҳәны Ти́рцаҟа дцеит. Лыҩны ашәхымс дшаахыҵыз еиԥшҵәҟьа аҷкәын дыԥсит. 18 Аҷкәын анышә дарҭеит. Иегова имаҵзуҩы, аԥааимбар А́хиа, ила ишиҳәаз еиԥш, израильаа зегьы уи дырҵәыуеит.
19 Иеровоа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, дшеибашьуази, аҳра шиуази ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 20 Иеровоа́м 22 шықәса аҳра иуан, нас дыԥсит. Иара ишьҭахь иԥа Нада́в аҳас дҟалеит.
21 Уи аамҭазы Иудеиа аҳас дыҟан Соломон иԥа Ровоа́м. Ровоа́м аҳас даныҟала 41 шықәса ихыҵуан. Иара 17 шықәса Иерусалим дахагылан — Иегова израильтәи абиԥарақәа зегьы рҟынтә иалихыз ақалақь, уа ихьӡ ыҟазарц азы. Иан Наа́ма лыхьӡын, аммо́наа рыԥҳацәа дреиуан. 22 Иудеиа инхоз ауаа Иегова ицәымӷыз ҟарҵон, рыгәнаҳақәа рыла игәы ԥыржәон, рабацәеи рабдуцәеи раасҭа еицәаз ҟаҵо ихьӡ ладырҟәуан. 23 Даргьы аԥшьаҭыԥқәа дыргылон, иҳараку ахәқәа зегьы рҿы, иара убас ашәшьыра бзиа ҟазҵоз аҵлақәа зегь рымҵан иԥшьоу агәашьақәеи ашьаҟақәеи дыргылон. 24 Дара рҿы иҟан амцнцәахәқәа рныҳәарҭақәа рҿы икаҳԥуаз ахацәа. Даргьы Иегова израильаа ирылигаз ажәларқәа реиԥш аус хәымгақәа ҟарҵон.
25 Ровоа́м аҳра аниуаз ахәбатәи ашықәс азы египеттәи аҳ Сусаки́м Иерусалим дақәлеит. 26 Иара Иегова иҩны иҩназ ахазынақәеи аҳ иҩны иҩназ ахазынақәеи дәылганы игеит, Соломон иҟаиҵаз ахьтәы ԥыракқәа инадыркны зегь игеит. 27 Урҭ рҭыԥан аҳ Ровоа́м абҩа иалхны аԥыракқәа ҟаиҵан, аҳ иҩны аҩналарҭаҿы игылаз ахьчаҩцәа реиҳабацәа идиркит. 28 Аҳ Иегова иҩнахьы данцоз, ахьчаҩцәа аԥыракқәа кны ицон, нас ахьчаҩцәа руадахь ирхынҳәны иааргон.
29 Ровоа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 30 Ровоа́ми Иеровоа́ми есымша еиҿагыланы еибашьуан. 31 Ровоа́м данԥсы, иабацәеи иабдуцәеи анышә иахьамаз Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Аммо́наа рыԥҳацәа иреиуаз иан Наа́ма лыхьӡын. Иара ишьҭахь иԥа Авиа́м* аҳас дҟалеит.