1 Аҳцәа
16 Иегова Хана́ни иԥа Ииу́и ила Ваа́са изыԥшыз иеиҳәеит: 2 «Сара асаба улганы уҳараскын, сыжәлар Израиль азы ԥхьагылаҩыс уҟасҵеит. Аха уара Иеровоа́м имҩа уқәлеит, сыжәлар агәнаҳа дурҟаҵеит, рыгәнаҳақәа рыла сыхьӡ ладырҟәит. 3 Уи азы сара Ваа́сагьы дықәызгоит, иҩнаҭагьы ықәызгоит. Иҩнаҭа Нева́т иԥа Иеровоа́м иҩнаҭа иазызуз аҩыза азызуеит. 4 Ваа́са ақалақь аҿы ицәыԥсуа — алақәа дырфоит, адәаҿы ицәыԥсуа — аҵарақәа дырфоит».
5 Ваа́са иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи иқәҿиарақәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 6 Ваа́са данԥсы, Ти́рца анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Е́ла аҳас дҟалеит. 7 Ваа́са Иегова иҿаԥхьа аус цәгьақәа ахьыҟаиҵоз азы Хана́ни иԥа аԥааимбар Ииу́и ила Иегова Ваа́са иҩнаҭеи иареи ирзыԥшу иҳәеит, избанзар иара Иеровоа́м иҩнаҭа еиԥш аус цәгьақәа ҟаҵо Анцәа длаирҟәуан, Нада́вгьы дишьит.
8 Ваа́са иԥа Е́ла Ти́рца израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәифбатәи ашықәс азы, ҩышықәсагьы аҳра иуан. 9 Аибашьыга ҽыуардынқәа рыбжакы ирхагылаз имаҵуҩы Зи́мри уи цәгьарак изиурц игәы иҭеикит. Е́ла тирцатәи аҳҭынра иахылаԥшуаз А́рца иҩны арыжәтә данашьы, 10 Зи́мри днеин дишьит, нас иара иҭыԥан аҳас дҟалеит. Уи ҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәибыжьбатәи ашықәс азы. 11 Зи́мри аҳас даныҟала, днеины иаҳраҭыԥ аҿы дшаатәазҵәҟьа, Ваа́са иҩнаҭа зегь ықәигеит, иҭынхацәа рҟынтә аума, иҩызцәа рҟынтә аума хаҵак даанимыжьӡеит. 12 Иара Ваа́са иҩнаҭа зегь ықәигеит, убасала иара Иегова аԥааимбар Ииу́и ила Ваа́са изы ииҳәаз зегь наигӡеит. 13 Уи зегь зыҟалаз Ваа́са иԥа Е́леи иареи агәнаҳақәа ахьыҟарҵоз, израильаагьы иахьыддырҟаҵоз, насгьы Израиль Анцәа Иегова акгьы иаԥсамыз ридолқәа рыла ихьӡ ахьыладырҟәуаз азоуп. 14 Е́ла иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.
15 Зи́мри Ти́рца аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәибыжьбатәи ашықәс азы. Иара бжьымшы аҳра иуан. Уи аамҭазы израильтәи ар филисти́маа иртәыз Гиббето́н азааигәара игылан. 16 Израильаа ианеилыркаа Зи́мри игәы иҭеикыз ҟаҵаны аҳ дшишьыз, аруаа зегьы уи аҽны ар реиҳабы О́мри Израиль аҳас дахадыргылеит. 17 О́мри аруаа* зегь ицны Гиббето́нынтәи дхьаҵын, Ти́рца дакәшаны икит. 18 Зи́мри ақалақь амацәаз ишҭаку аниба, аҳ иҩны ахырӷәӷәарҭа бааш дыҩналан, аҩны амца аиркит, иаргьы амца далаблит. 19 Уи зегь зыҟалаз Иеровоа́м иеиԥш агәнаҳақәа ҟаҵо, Иегова ицәымӷыз ахьыҟаиҵоз, израильаагьы агәнаҳа ахьыдирҟаҵоз азоуп. 20 Зи́мри иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи игәы иҭеикыз ацәгьареи атәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.
21 Усҟан израильаа ҩ-лагеркны рҽеиҩыршеит. Шьоукы аҳас иҟарҵарц ирҭахыз Гина́т иԥа Ти́вни иган ааныркылеит, егьырҭ О́мри иган ааныркылеит. 22 О́мри идгылақәаз Гина́т иԥа Ти́вни идгылақәаз раасҭа иӷәӷәахеит, убри аҟынтә Ти́вни данҭаха, О́мри аҳас дҟалеит.
23 О́мри израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәижәеизатәи ашықәс азы, 12 шықәсагьы аҳас дыҟан. Иара Ти́рца фышықәса аҳра иуан. 24 О́мри Шеме́р иҿы ҩ-талантк* араӡны ҳәа ашьха Сама́риа ааихәан, уа ақалақь иргылеит, уи ақалақь уаанӡа уи ашьха зтәыз Шеме́р иаҳаҭыразы Сама́риа* ахьӡиҵеит. 25 О́мри Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, зегьы дреицәахеит, иара иаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәаз ҟаиҵон. 26 Иара Нева́т иԥа Иеровоа́м имҩақәа дырнын, Иеровоа́м иҟаиҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, израильаагьы идирҟаҵон, убасала ажәлар акгьы иаԥсам ридолқәа рыла Израиль Анцәа Иегова ихьӡ ладырҟәуан. 27 О́мри иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи ииааирақәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 28 О́мри данԥсы, Сама́риа анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Аха́в аҳас дҟалеит.
29 О́мри иԥа Аха́в израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәижәаатәи ашықәс азы. Иара Сама́риа 22 шықәса аҳра иуан. 30 О́мри иԥа Аха́в Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, зегьы дреицәахеит, иара иаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәаз ҟаиҵон. 31 Иара Нева́т иԥа Иеровоа́м иҟаиҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, аха уи азмырхакәа сидонтәи аҳ Етваа́л иԥҳа Иезаве́ль ԥҳәысс диган, Ваа́л имаҵ ауреи иеихырхәареи далагеит. 32 Уи адагьы, иара Сама́риа иргылаз Ваа́л иҩнаҿы* Ваа́л изы акәырбаннагарҭа иргылеит. 33 Аха́в иара убас иԥшьоу ашьаҟа иргылеит, убасала иара иаԥхьа иҟаз израильтәи аҳцәа зегь раасҭа Израиль Анцәа Иегова длаирҟәуан.
34 Иара ихаан Вефи́ль иатәыз Хие́ль Иерихо́н еиҭашьақәиргылеит. Иара ақалақь ашьаҭа анышьҭеиҵоз, иԥеиҳаб Авира́м дыԥсит, агәашәқәа анҿеиҵоз, иԥеиҵбы Сегу́в дыԥсит, Иегова Иисус Навин ила ишиҳәахьаз еиԥш.